Aҧсуа ажәаҧҟақәa

Аҧсуа жәлар ражәаҧҟақәа Д. Гулиа, Шь. Инал – иҧа, О. Шамба реизгақәа рҟынтә,

еиқәиршәеит апап Владислав.

 

Аҧсадгьыли ажәлари ирызкны.

 

Аҧсадгьыл ахьы ахә аҵкьыс еиҳаракуп.

 

Зыҧсадгьыл зцәыӡыз, ицәыӡуеит зегьы, насыҧрас иҟоу ҧ-садгьылуп.

 

Ала аҭраҿы агә ҕәҕәоуп.

 

Адаҕь зҭатәаз аӡмах зегьы иреиҳазар аҭахуп.

 

Аҵыс аҭра бзиа иабоит.

 

Аҧсадгьыл змам анцәагьы димам.

 

Зыҧсадгьыл зхы ақузҵаз ихьӡ кашәом.

 

Аҧсадгьыл ахь ихаз амҩа, кьаҿуп.

 

Ангьы аҧсадгьылгьы аӡәы роуп, ан- ҧса атәым дгьыл даҩызоуп.

 

Алашә аблақәа рыда дынхоит , аха ҧсадгьылда дыҧсуеит.

 

Аҧсадгьыл уцәыӡыр  ҟалом , аха уара уацәыӡыр ауеит.

 

Зыҧсадгьыл зцәымҕу ицәымҕуп зегьы.

 

Уахьиз атәыла уара узын ижәҩангәшәҧхьароуп.

 

Аҵыс – ҧшқа аҭра иахьҭатәоу бзиа иабоит.

 

Уамеигӡан умч уҧсадгьыли ужәлари рҿаҧхьа.

 

Зуаажәлар бзиа избо ахымҩасгьы дацәшәом.

 

Аҟәшра ашьагәҭ – ажәлар роуп.

 

Иҳаҭырдахаз аҿар- ажәлар ирхьаауп.

 

Абзиа ажәлар дыртәуп, ацәгьа иҭаацәа.

 

Ажәлар ражәа анеиқәшәа – иҕәҕәоуп.

 

Бнара ыҟам ҵла- шьапык ахьгылам.

 

Зажәа еиқәшәаз ажәлар – аиаара рзыҧшуп.

  

 

Аиҩызыра иазкны.

 

 Ҩ – напык иаҳа амч рымоуп – напык аасҭа.

 

Агәаҟраҿы ауп аҩызара цқьа ахьааҧшуа.

 

Уаб дыҧсыр , иҩызцәа умырӡын.

 

Узқәмгәҕуа аҩыза , аҧсахҩы иаасҭа деицәоуп.

 

Амҩа уқәлаанӡа уҩыза дшәа (деилкаа), угәла – аҩны аргылара уалагаанӡа.

 

Ҭынч унхарц уҭахызар, раҧхьа агәлацәа бзиақәа ҧшаа.

 

Аҵла зкыу адацқәа роуп, ауаҩы- иҩызцәа.

 

Аҩыза бзиа - аешьа цәгьа иаҵкьыс деиҕьуп.

 

Аҩызцәа рӡы иаҳа ихаауп, аҕацәа рыцха асҭа.

 

Иузымдыруа  - дагьумрэхәан , дагьумырџьан.

 

Бзиа иубо ауаҩы – гха имаӡам.

 

Уҩыза, амца зкыз укьаҿ даҩызахаргьы, думыршәын.

 

Ахаҵа дҭахоит иҩыза изы, аҧҳәыс лыбзиабаҩ изы.

 

Зҩыза дызҭииз , аҕацәа ирҳауеит.

 

Аҧсыӡ аӡаҿы иазҳауеит , ауаҩы  иҩызцәа рҟны.

 

Бзиа узбо, иуеиҳәо ҟәш ажәоуп.

 

Уаҕацәа пату рықәзҵо уара дуҩызам.

 

Аэы – уахьад абга иацәшәом.

 

Анапы анапы аӡәӡәоит , рҩбагьы аҿы аӡәӡәоит.

 

 Гха змам уаҩы дыҟаӡам.

 

 

Аџьа иазкны.

  

Аџьа ауаҩы дыннархоит, аашьара дашьуеит.

 

Аџьа збо иҿаҵахәы ыӡуам, аашьара – млагароуп.

 

Атәара аҵкьыс аныҟәара иаҳа еиҕьуп.

 

Ақәаршҩы – ҳалалроуп.

 

Илауҵаз ауп иааурыхуа.

 

Ача уӡаанӡа амажәа кәаҳа.

 

Аамҭала илауҵаз , аамҭала иааурыхуеит.

 

Икәымпылуа ахаҳә аҳаскьын ақәииаӡом.

 

Мыцхәы сыҧсы сшьар – сжьақцоит.

 

Хықәкыда аҧсҭзаара- иҵыхәаҧҵәагоуп.

  

Аҳалалреи абзиабареи ирызкны.

  

Згә цқьам насыҧ имам.

 

Агәцқьара ауаҩы дааӡоит, агәҩбара дахәаэуеит.

 

Абзиара уны аӡы иҭаужьыргьы  иӡӡом.

 

Абзиара зуа , абзиара дақәшәоит.

 

Ан лыбзиабара ахә  – амаӡам.

 

Ауаҩы игәы иҭоу , ихы – иҿы ианубаалоит.

 

Аҧҳәыс ҧшӡа ахацәа лышьҭоуп, аҿаасҭа лара дрышьҭоуп.

  

Ацәгьаура фырхаҵарам, абзиа ауроуп ифырхаҵароу.

 

Абзиабара аграқәа аҵәахуеит.

 

 Агә асаркьа  - алақәа роуп.

 

Абзиара аура , еснагь иаҧсоуп.

 

 Аҟәшреи агаӡареи.

 

 Аҟәшра иамоуп аҳәаақәа, агаӡара ҳәаадоуп.

 

Аҟәшреи анасыҧреи еицуп.

 

Аҵара сасроуп , аҟәшра ҧшәымароуп.

 

Алаҕәраҿы аҧш лазҵаз иакәӡам агаӡа, убри ицхраауа иуоп.

 

Агаӡа идырэхәаз , ашәхымӡ дзахымсит.

 

Ачҳареи аҟәшреи еивҵоуп.

 

Аҟәраан ауаҩы данаба ус аҳәеит; « дҟәшзар дысиехсуеит, дгаӡазар, ихымҩас сывҟьоит.»

 

Угаӡошәа уэыҟауҵар аҵкьыс, уҟәшушәа ухы мҩаҧга.

 

Аҕа – ҟәш деиҕьуп, агаӡа – ҩыза иаасҭа.

 

Агаӡа дҟәшуп ҳәа иҧхьаӡоуп , иҿы еихыхны ажәак иҳәаанӡа.

 

Ҩыџьа ахҟьашқәа ахҳәага еимаркуан.

 

Агаӡа идырэхәаз , иэирҧагьеит.

 

Ауаҩы иҟәшра, абз иабаагәароуп.

 

Агәмшәареи афырхаҵареи ирызкны.

 

Аҳ дықәзгарц иақәзкыз, уи ихьчацәагьы дрыцәшәом.

 

Зымч иақәгәҕуа акагьы дацәшәом.

 

Ашәаргәнда игә абжьгьы дацәшәоит.

 

Ала ишәаз аеҵәа еишуан.

 

Амца иаблыз , амца дацәшәоит.

 

Агәмшәа иқәкы еилашәом.

 

Афырхаҵа иҭаацәа раасҭа ажәлар дырдыруеит.

 

Амҵ алым иаиааиуеит.

 

Аҵла каҳар зегьы ақәпапоит.

 

Аҵла баа анкаҳа, ашышкамсқәа ақәпапеит.

 

Зны-зынла ахьшьыцба хәҷы арбаҕь иаиааиуеит.

 

Амца иацәшәаз, аӡыршы дҭаҳаит.

 

 

 Ауҩра иазкны.

 

  Ахшыҩ ахьыҟоу , аламысгьы ыҟоуп.

 

Ауаҩра метрала иршәаӡом.

 

Ауаҩы гә- цқьа, арыцҳа дицхраауеит.

 

Акры зычҳаз акры ибеит.

 

Аҧсабара мрада илашьцароуп, ауаҩы иҵара лашароуп.

 

Ацәгьара иақәмшәац, абзиара пату изақәум.

 

Ҳаҭыр уқәзҵо, уҧҳәыс лыцәгьара уцәимҵәахыроуп.

 

  

Аҭаацәареи ахәҷқәеи ирызкны.

 

 Аҭаацәа рыҿаасҭа, дара рзы дхазыноуп.

 

Аҭаацәа рацәа рҿы ачацәагьы нхом.

 

Зыла кьашәу ахәҷы иан лзы дхазыноуп.

 

Аҭаацәа ахәҷқәа рааӡоит дара рзы.

 

Аҧазаҵә ирӡуам абшьҭра.

 

Ан лнапы цаҳә - цаҳә ахәҷқәа рзы итатоуп.

 

Ажәа хаа мацарала ахәҷқәа узааӡом.

 

Аҭаацәа рыхшара заҵә шәхьӡык ирҭоит.

 

Аҧҳәыс – ҧшӡа лыламыси лыпатуи лыхьчароуп.

 

Хаҵа дызмам аҧҳәыс алеишәа цәгьара лылоуп.

 

Ахаҵеи аҧҳәыси рымаӡа ахчы ауп издыруа.

 

 Абызшәеи ажәеи ирызкны.

  

Ахатәы бызшәа, ан лажәа хаа иаҩызоуп.

 

Ахатәы бызшәа – хәшәуп.

 

Зыбз дуу имч маҷуп.

 

Ажәа мыцхәы ауаҩы дашьуеит.

 

Ажәа иаҳә, пату ззақәу.

 

Агә иҭоу, абз иаҳәоит.

 

Амаҭ ацәа аҧсахуеит, аха абз ус инхоит.

 

Абгалаџ ахәы канаҧсаргьы, ишыбгалаџу инхоит.

 

Абз ауп зегьы зызҟьо.

 

Абз ҳәызбам аха иҵаруп, ишәҩыкуп иашьхьоугьы.

 

Раҧхьа ухәыцны нас уцәажәа.

 

Ажәа бзиа, аӡырҩцәа бзиақәа аҭахуп.

 

Агхақәеи аиашамрақәеи ирызкны.

 

 Зан илцәыҧхашьаз, лаҕырӡыда анышә дарҭоит.

 

Акаҷбеи аҟәшреи аталанти игымхар ауеит, аха аӡәгьы дџьеишьом.

 

Арыцҳа игәы цқьоуп.

 

Ацә зҕьычызгьы, аҵәымаҕ зҕьычызгьы – ҕьычцәоуп.

 

Аӡырҩра зыцәмаҷу, асаан ҧэыха даҩызоуп.

 

Аашьаҩ инапқәа кьаҿуп.

 

Аҟхш гхак ҟаиҵар, длафуа џьыршьоит.

 

Аҧагьара – хагароуп, уи ауп изыхҟьогьы.

 

Адаҕь ахьҭатәаз иҟәаҿ - ҟәаҿуан.

 

Ажәлар раҳаҭыр ҟьалан иааӡом, иалнахыз далнахт, иаҧсам дабаӡом.

 

Агәабзиареи, ақәҧшреи, ажәреи ирызкны.

  

Зқәпшра хыда изхызгаз, данажәлакь игәнигоит.

 

Ианаамҭаз аҵеи дзауз, илшоит иааӡара.

 

Ашықәсқәа зегьы хәшәыс ирымоу- ахымҩаҧгашьа ауп.

 

Аҿар агәҕра рымоуп, абыргцәа агәалашәарақәа.

 

Аҿар мчыла иҕәҕәоуп, абыргцәа – хшыҩла.

 

Ичмазҩымхац – издырам агәабзиара аҵакы.

 

 

Аҧсуаа ирҳәоит ....

 

 Раҧхьа ухәыцны нас уцәажәа.

 

Ухыза гәаҭаны ушьапы еиҵых.

 

Ауаҩы дузымдыруазар  дагьумырэхәан, дагьумырџьан.

 

Аҳаҧшьа уахымыччан, иҭоу узымдыркәа.

 

Абоцман ажәа имуомкын, аӡы уалаижьуеит.

 

Аэада иканажьыз, аэы дзақәтәом.

 

Аӡбаҩ уицәшәа, аӡбаҩцәа реилатәтра аасҭа.

 

Ҧҳәыс даазымгац уимазҵаан аҧҳәыс аагара атәы.

 

Абзиара ҟаҵа гәкала.

 

Узҵатәоу ашәшьыра, аҵла каҳаӡом.

 

Иухәаша ауаа ҧхасҭаумтәын...

 

Ацә ушьаанӡа, аӡы аржә.

 

 

Аҧсуаа агәра ргоит...

 

Анапы, аҿахьы инанагоит.

 

Агаӡагьы зны аиаша иҳәоит.

 

Ахәҷқәеи агаӡеи аиаша рҳәоит.

 

Аҧҳәыс ҧшӡа лыхьчаразы, анхәа леишәацәгьа думазароуп.

 

Ауаҩы пату изақәӡам имоу.

 

Мышкы иахыҧаз, шәымш ирхыҧоит.

 

Иахь иулшо, уаҵәахьы ииаумган.

 

Алашә алақәа роуп ииҭаху.

 

Ахымхәа аӡәгьы дызихәом.

 

 

 Аҧсуаа ирҳәоит...

 

 Аҟәраан уӡәӡәаргьы  ишеиқәаҵәо инхоит.

 

Амҩа лакь иаҳа иааигәоуп, амҩа иаша аасҭа.

 

Ахаҳә уршыргьы иҧжәоит.

 

Акәты рцына акәтаҕь аҵоит.

 

Абгахәҷы ахьцалакгьы аҵыхәа ацуп.

 

Адаҕьҵәҟьа изҭатәоугьы абаара зегьы иреиҳазар аҭахуп.

 

Есымша икьииуа ацгә, аҳәынаҧ азкуам.

 

Абахҭа аҭалара мариоуп, аха аҭыҵра аyп ицәгьоу.

 

Ала бзиа лабала иасуам.

 

Злеишәа цәгьоу аҧҳәыс улыцәшәа, ахаҵа иаасҭа.

 

 Акашыррахь умеихан, уеиха ацхыраара ахьаҭаху ахь.

 

Атополь азҳауеит, аха ашәыр аҿалом.