|
- Иарбан
зҵаарақәоу Москва шәызлацәажәоз?
- Москваҟа ҳцара Аҧсны иҟоу асоциалтә-политикатә
Ҭагылазаашьа иадҳәалоуп.ҳалацәажәон қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа.
Ақырҭуа-аҧсуа конфликт ҭынчратә мҩала аӡбара шаҳҭаху еилкааны
еиҭаҳҳәеит.
- Қарҭтәи ахҭысқәа ирхырҟьны Аџьариа аҳәаақәа
анаркит. Шәаргьы Гал араион аҳәаа ашәыркыма?
-Ҳаргьы ҳҳәаақәа аҳаркит, аха бџьарла еибыҭоу
агуҧқәа рзын, наҟ-ааҟ аиҭанеиааира зҭаху ауаа, иара убас ахҵәацәа уи
рҧырхагамхаӡеит.
-Аџьариа ахада Аслан Абашьиӡе қырҭтәыла анапхгара
ҿыц ааира дақәшаҳаҭым.Шәара иахышәҳәаауазеи?
-Ара еиҧшымзаарак ыҟоуп: Аџьариа қырҭтәыла ишалоу
иаанхоит. ҳара - 1992-1993-тәи ашықәсқәа раантәи аибашьра ҳанахыс , уи
ахҟьа-ҧҟьақәа ҳаныриааи ашьҭахь,- зхы иақәиҭу ҳәынҭқарраны ҳҟалеит.Убри
азын ари нахысгьы ҳхьыҧшымзаареи ҳхақәиҭреи ҳарҕәҕәалоит.
-Аҟәа акыр шықәса
раахыс Москва аҿаҧхьа иқәнаргылоит Урыстәыла ассоциациатә хаҭарнакрала
алалара азҵаара.Ари апозициа ҧсахра амамкәа иаанхама?
-Ааи, ҳара ҳпозициа шыҟаз иаанхеит.ҳара излауала
Урыстәыла аҽазааигәатәра
ҳашьҭоуп, уи амҩагьы ҳаныҵуам.
- Қырҭтәыла ифедеративтәу, ма иконфедеративтәу
ҳәынҭқарраны аҟалара Аҧсны ишҧахәаҧшуеи?
-Ҳара
ари азҵаара 1992-1993-тәи ашықәсқәа раантәи аибашьра ҟалаанӡа иқәҳаргылахьан,
аха уи аӡәгьы имаҳаит. Уажәшьҭа уи азыхынҳәра ҳгу иҭаӡам.
01.12.2003 "Независимая газета"
|