|
|
|
AМОБИЛТӘ ЕИМАДАРА АЖӘАБЖЬ
ҾЫЦҚӘА |
|
"Мегафон" аҩада-мраҭашәаратәи афилиал
11.07.03 рзы иаанартит GSM 900 астандарт иатәу аоператор дызмоу ароуминг
- "Aquafon-GSM" (Aҧсны). Ари аанацҳаит акомпаниа апресс-маҵзура.
"Мегафон" арҭбаара инадҳәаланы, 2003 ш. ҧхынгәы 14 инаркны абонентцәа
ирзаатуеит Apecпублика Aҧсны абарҭ аҭыҧқәа рҟны ароуминг: Aҟәа, Гудауҭа,
Гагра, Oчамчыра, Пицунда, Бабышьира (ақ.Аҟәа жәларбжьаратәи аеропорт).
31.07.2003
АБХАЗИЯ
|
|
АҦСНЫ
ГАЛ АРАИОН АХЬ ИХЫНҲӘИТ АХҴӘАЦӘА
РАХЬТӘ
70%. |
|
Урыстәылатәи
аҭынчра
ахьчацәа ишырҳәаз еиҧш,
Гал араион ахь ихынҳәит ахҵәацәа
рахьтә 70% аибашьра ҟалаанӡатәи
рхыҧхьаӡара
аҟнытә.
Ари атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Урыстәылатәи аҭынчра
ахьчацәа ркомандаҟаҵаҩы
А.Евтеев. “Аҵыхәтәантәи
ашықәсқәа рзы ихынҳәит 15.000-ҩык
ауаа. Ҵыҧх
80% араион адгьыл аус адуламкәа инхазар, сынтәа адгьыл зегь
иқәаарыхуеит. Ари иаҳнарбоит аҧсҭазаара
арахь еиҭашыхынҳәуа.
Макьана аекономикеи азакәан аиламгареи рганахь ала апроблемақәа ыҟоуп“,
-иҳәеит aкомандаҟаҵаҩы
А.Евтеев.
30.07.2003
АПСНЫПРЕСС
|
|
АҦСНЫ
АТЕРРИТОРИАТӘ ӠҚӘА
АҦСУА
ҲӘААХЬЧАЦӘА МАЦАРА РОУП ЗНАП АҴАҞА
ИҞОУ |
|
-абас иҳәеит атәылахьчара аминистр
Виачеслав Ешба Қырҭтәыла
аҳәаахьчара адепартамент ахантәаҩы
Валери Чхаиӡе
иҳәамҭа
аҭакс.
Аҵыхәтәантәи
излеиҳәаз ала, Аҧсныҟа
аконтрабанда иаҿу
аҕбақәа
раанкылара иаҳнарбоит Аҧсны
акваториа ахьынаӡоу
ақырҭуа
ҳәаахьчацәа рконтроль аҵаҟа
ишыҟоу.
"Aктәи, Аҧсны
аконтрабанда иаҿӡам.
Аҩбатәи,
аҕбақәа
ахьаанкылаз инеитралтәу террриториоуп, Аҧсны
иатәӡам.
Ақырҭуа
ҳәаахьчацәа Аҧсны
атерриториалтә ӡқәа
рҿы ус
рымаӡам",
-иаҵишьит
атәылахьчара аминистр.
29.07.2003
АБХАЗИЯ
|
| ҔБАЛА
АНЫҞӘАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҴАКЫ АMАНЫ |
|
Аҧсны аҧыза-министр ишиҳәаз еиҧш, Аҟәеи
Шәачеи рыбжьара мшынла аимадара рҿыцымзар амуа иҟалеит Урыстәылатәи
аҧсшьацәа рхыҧхьаӡара ари аамҭазы иахьырацәоу азы. Аимадара ҟалоит
акоммерциатә структурақәа рылшара ала. Аҕба иахагылазаауеит Латинтәи
Америка атәылақәа руак абираҟ.
Ари азҵаара азын Қырҭтәыла аҳәаанырцәтәи
аминистрра апротест азырхиара иаҿуп. "Урыстәыла, Қырҭтәыла иацәӡан еиҭа
хәмаррақәак ирҿуп, Шәачеи Аҟәеи адәыҕба анрыбжьарҵаз еиҧш", -иҳәеит
Қырҭтәыла ашәарҭадаратә комитет амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Џьемал Гахокиӡе.
Аҟәа арҭ апротестқәа аҵакы рырымҭеит. Аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр
ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Оҭырба ишиҳәаз ала, акурорттә сезон нҵәаанӡа ҕбалатәи
аимадара еиҧҟьахом.
26.07.2003
Aгeнтcво Kaвкaз
|
|
КОФИ АНАН АҦСНЫ
АПОЛИТИКАТӘ СТАТУС АХӘАҦШРА
ИАХӘҬАНЫ
ИҦХЬАӠОИТ |
|
Қарҭ.
ООН Агенералтә маӡаныҟәгаҩ
Кофи Анан Ашәарҭадаратә
Совет ахь иишьҭыз
ашәҟәаҿы
иҳәеит ақырҭуа-аҧсуа
еизыҟазаашьақәа
рполитикатә зҵаара
иахьа уажәраанӡа
иахьыӡбам
агәҭынчымра
узнарҵысыртә
ишыҟоу.
"Aҩ-ганкгьы
аекономика аганахьи ахҵәацәа
рыргьежьреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа
шрымоугьы, апoлитикеи, ашәарҭадареи,
Қырҭтәыла
аҩныҵҟа
Аҧсны
астатуси рызҵаарақәа
макьана ӡбашьак
рымамкәа инхеит", -иҳәеит иара.
26.07.2003 Сивиль.гe
|
|