AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------
AbhazyaResim3.jpg (14497 Byte)

 

 Ҭаеквон-до азы атурнир

 

Новороссииск имҩаҧысуаз таеквон-до азы "Малаиа Землиа" акубок агаразы атурнир аҿы аиааира игеит Ҭамаз Барцыц.

 

Аҩбатәи аҭыҧ (30 кг рҟынӡатәи акатегориа) ааникылеит гагратәи аспортсмен Сеилым Ҳаразиа, ахҧатәи (35 кг рҟынӡатәи акатегориа) Џьоҳар Хьециа.

 

29.10.2003  ИА REGNUM

 

 Ақәа ҕәҕәа ааха рынаҭеит

 

Аҧсны аҵыхәтәантәи аамҭазы ақәа рацәаны иахьлеиуа иахҟьаны ааха роуит Гагратәии Галтәии араионқәа. Аӡы рыҵалеит иара убас ақыҭақәа Уарчеи Владимировкеи (Гулрыҧшь араион). Кудры аӡиас халеит 50 см, уи иахҟьаны адамбагьы бгеит.

 

Апремиер-министр Рауль Ҳаџьымба ишиҳәаз ала, ааха зауз ақыҭақәа реиҭашьақәыргыларазы ацхыраара ҟаҵатәуп. Ацхыраара рыҭатәуп урҭ ирыланхо ауаагьы".

 

27.10.2003  regnum.ru

 

 Аҧсны Апарламент - Жәлар Реизара- аилатәара

 

 Аҧсны Апарламент - Жләар Реизара- аилатәараҿы иалацәажәеит "Жәлар Реизара - Аҧсны Апарламент - ахь адепутатцәа ралхрақәа  рзы азакәан апроект".

 

Иааҭгыланы ирылацәажәеит атәыла ауаҩреи абжьыҭира алахәразы азини рызҵаарақәа.

 

27.10.2003  regnum.ru

 

 АҲӘАМҬА

 

ҳәаанырцәтәи аҧсуаа рхаҭарнак, цәыббра 29 рзы Аҟәа имҩаҧысуаз а-IV-тәи Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс ахь ааҧхьара змаз, Америка инхо Иаҳиа Казан ари агурҕьаратә усмҩаҧгара иҽизаламырхәит. Уи Аҧсны далаларц азыҳәан азин иҭамызт, ааҧхьареи авизеи шимазгьы...

 

  Иаҳиа Казан иҧа Инали иареи рпозициа џьара-џьара аҧсуа жәлар зынӡа рдунеихәаҧшышьа иақәымшәо ак шакәугьы (иаҳҳәап, Аҧсны Қырҭтәыла афедерациа иалалароуп ҳәа иахьырыҧхьаӡо,  Надареишьвили иҧылара, уҳәа), зыҧсадгьыл ахь аокеан иахысны иааз, уи ацхыраара ду азҭахьо ауаҩ бырг аҳәаа иахмыжьра иашам. Иҟалап, Иаҳиа Казан Аҧсны дахьацәыхароу азын акәзар, уи апроблемақәеи аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьеи бзианы изизымдыруа. Ҳгу иаанагоит, уи иҟаиҵо зегьы Аҧсны, уи ажәлар рахь имоу абзиабара роуп изырҟаҵо ҳәа. Ихатә гәаанагара амазаарагьы уи азин инаҭоит".

 

Агрба Индира, Агрба Ирина, Аӡынба Павел, Адлеиба Амиран, Акаба Нателла, Аргун Лиудмила, Ачба Алина, Ачба Лейла, Гогуа Алексеи, Гумба Гурам, Гумба Марина, Гумба Циза, Инал-иҧа Арда, Кварҷелиа Лиана, Кичба Гули, Кобахиа Батал, Куҵниа Гунда, Лакербаиа Леонид, Ломиа Асида, Сақания Гунда, Таниа Леила, Ҭарба Нелли, Тхагушев Алхас, Чамагуа Лиалиа, Шьаҟрыл Асида
 

21.10.2003  "НУЖНАЯ Газета" №41.

 

 Аҧсны иааны иҟоуп Москватәи архитекторцәа.

 

Аинформациатә агентра REGNUM излаанацҳауа ала, Аҧснытәи архьитекторцәеи дареи реиҧылараҿы иалацәажәеит Аҟәа ақалақь аҭыҧантәи аресурсқәуа рхархәара ала арҿыцра  азҵаара.

 

21.10.2003  regnum.ru

 

 Москватәи аҵараиурҭа Аҧснытәи аҧсшьарҭа аиҭашьақәыргылара иалагоит

 

Пицунда азааигәара, Рҩаҧшь захьӡу аҭыҧ аҿы  иҟоу аҧсшьарҭа база Москватәи аџыри аиларҭәақәеи ринститут (МИСиС) аиҭашьақәыргылара иалагоит.

 

Аҧсны авице-премиер Владимир Занҭариа ишиҳәаз ала: "Иааиуа ашықәс алагамҭазы аргыларатә усурақәа ирылагоит. Есы-шықәса МИСиС Аҧсны иаланхо  ахуҷқәа ахә мшәакәа аҵара азын аҭыҧқәа рзалнахуеит. Уи анаҩсан, Пицундеи Аҟәеи рышколқәа аоргтехника ҳамҭас ирнаҭеит, 1941-45 ш. рызтәи аибашьра аҧсуа ветеранцәа афинанстә цхыраара рзыҟанаҵеит".

 

21.10.2003  regnum.ru

 

 ООН ацхырааратә программа - Аҧсназы.

 

Қырҭтәылеи Аҧсни реибашьра аан еиҳа ааха зауз Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ООН Адунеизегьтәи афатә азы ацхырааратә программа ацхыраара рнаҭоит.

 

Уи апрограмма ахаҭарнак Питт Бредфорд ишиҳәаз ала, 3-мыз рыҩныҵҟа рхаҭарнакцәа урҭ араионқәа  рҟны аҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит, ирыгуи ацхыраара ахьрыҭатәуи ргуаҭаразы.

 

17.10.2003  regnum.ru

 

 Аҧсны Жәлар рпартиа ...

 

Аҧсны Жәлар рпартиа аҧхьагыла Иақуб Лакоба Урыстәылатәи Адума ахь алхрақәа иҽрылаирхәырц игу иҭоуп.

 

Уи Урыстәыла Жәлар рпартиа апарламент ахь алхрақәа рзы азеиҧш федерациатә сиа далоуп.

 

16.10.2003  regnum.ru

 

 "Аиҭаира" апрезидент иалхрақәа раамҭа ааиаанӡа  рымҩаҧгараз ажәлар рахь ааҧхьара ҟанаҵоит

 

Aбри аҩыза ааҧхьара ала ари ауаажәларратә-политикатә организациа иахьа апарламент-Жәлар реизара - ахь ахы рханы иқәгылеит.

 

Уа иазгәаҭоуп: "Атәыла иахьазы ахада дамамкәа иаанхеит.Ари иаланхо ауаажәлар рзы шәарҭа дуны иҟоуп.Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы апарламент иалшо зегь ҟанаҵароуп апрезидент иалхрақәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи рзы...

 

 Убри анаҩсан, апарламент аконституциа еилазго апроцессқәа аанызкыло мчны иҟазароуп. Уи азакуанҧҵаратә усура арҕәҕәароуп, иахьа ареспублика аполитикатә ҧсҭазаараҿы иҟоу аҷыдарақәа  азгәанаҭароуп. Акыраамҭа ҳазҭагылоу аполитикатә кризис аконституциатә мҩа ада альтернатива амаӡам. Иарбанзаалакгьы даҽа мҩак ҳауаажәларра ҭанархар ҟалоит",- ҳәоуп ааҧхьараҿы.

 

08.10.2003  regnum.ru

 

 Гал араион аҿы иршьит ҩыцьа Аҧснытәи аҳәаахьчацәа

 

Амҽыша ашьжьымҭан ақыҭа Сида -  - азааигәара иршьит ҩыцьа Аҧснытәи аҳәаахьчацәа. Интерфакс излаанацҳауа ала, аҳәаахьчацәа ирықәлеит ақырҭуа диверсиатә гуҧ. Ареспублика ашәарҭадара амаҵзура аиҳабы Гиви Агрба ишиҳәаз ала, ари ҟалеит асааҭ 7.30 рзы.Ишьын иара убас ақулацәа рахьтә ҩыџьеи аҭыҧантәи анхаҩ-ҧҳәыси.

 

05.10.2003  grani.ru

 

 Аҟәа иазгәарҭеит Аиааира  амш

 

Aҧсны аҳҭны-қалақь Аҟәа имҩаҧысит Аиааира а-10-тәи амш-ныҳәа иазкыз арратә парад.Уи иалахәын Аҟәатәи агарнизон аҿы арра маҵзура иалоу, иара убас арратә техникеи авиациеи.

 

Аныҳәа иалахәразы Аҟәа иааит Урыстәылатәи Афедерациа Адума, Краснодартәи атәыла аҿацә администрациа, иара убас Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи Аладатәи Осетиеи рахьтә аделегациақәа.

 

 01.10.2003  Apsny.ru