ЕВРОПАТӘИ АҦСУА ДИАСПОРА

 

Аҧсуа диаспора Европа инхоижьҭеи иҵуеит 50 шықәса инареиҳаны. Аҧсуаа, иара убас егьырҭ Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа хыҧхьаӡара рацәала иахьынхо тәылақәоуп, раҧхьаӡа иргыланы, Германиа, иара убас Голландиа, Франциа, Австриа, иҟоуп Даниа, Бельгиа, Швеицариа инхақәогьы.

 

Европа инхо аҧсуааи ашәуааи рхыҧхьаӡара 7500-ҩык , урҭ рахьтә Германиа инхо - 6000-ҩык ирзааигәоуп. Еиҳараҩык нхоит Киольн-Дортмунд - Ессен, Маннҳаим, Миунхени уи иазааигәоу ақалақьқәеи рҿы. 800-ҩык инарзынаҧшуа инхоит Голландиа, еиҳарак Роттердам. Иаанхаз - егьырҭ Европати атәылақәа рҿы.

 

Адиаспора ахәҭак Амраҭашәаратәи Европа атәылақәа рахь ииасны рынхара зыхҟьаз еиҳараӡакгьы урҭ злыҵыз атәылақәа рҿы аекономикатәи асоциалтәи ҭагылазаашьа ауп. Зыӡбахә ҳамоу ҳџьынџь-уаа реиҳарак Ҭырқәтәыла иалҵыз роуп.

 

60-тәи аш. ралагамҭазы аҧсуаа, егьырҭ Ҭырқәтәыла ажәларқәа рхаҭарнакцәа реиҧш, аӡәаӡәала Европаҟа нхара иаауан. 60-тәи аш. рынҵәамҭазы ари апроцесс дырласит аӡхыҵрақәа, урҭ инарышьҭаргыланы ақ. Адаҧазары иҟалаз адгьылҵысра ду. Аемигрантцәа рхыҧхьаӡара зегь реиҳа иҳаракхеит 70-тәи аш. ралагамҭазы Ҭырқәтәыла ашәарҭадара даара иахьҧсыҽхаз, насгьы атерроризм аҽахьарҭбааз иахҟьаны.

 

Раҧхьа Европаҟа ицоз ҳажәлар рхаҭарнакцәа гәҭакыс ирыман шықәсқәак аус уны, ры-"Ҧсадгьыл" аҿы уи ашьҭахь еиҳа иеиҕьу аҧсҭазааразы ауасхыр шьҭаҵаны, ахынҳәра. Аамҭа цац-ҧхьаӡа, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ры-"Ҧсадгьыл" аҿы аҭагылазаашьа аицәахарагьы анацла, урҭ Европа уи ашьҭахьгьы инхар акәхеит. Раҧхьа нхара ииасқәаз иааргеит рҭаацәа, рхәыҷқәа. Ашықәсқәа цон, рхәыҷқәа иахьааиз атәылақәа рҿы ирызҳауан, ашколқәа ирҭалон. Шьҭахьҟа ацара еиҳа-еиҳа иуадаҩхон. Ахынҳәра ҧырхагас иаман, уи адагьы, аемигрантцәа изланхоз атәылақәа рсоциалтәи егьырҭи аҳаққәа (азинқәа) рхы иадырхәо иахьалагаз. Европа инхо аҧсуаа актәи рабиҧара проблемақәас ирызцәырҵуан иахьааз атәыла абызшәа азымдырра, ирыцәтәыму акультура ашьцылара, ҳәарас иаҭахузеи, рыҧсадгьыл агәхьаагара, уб. иҵ. Аҩбатәи абиҧара - урҭ ирышьҭалан иааз, ма Европа ииз рыхшара - ари аҩыза ауадаҩрақәа ирықәымшәеит. Урҭ изланхоз атәылақәа рбызшәеи ркультуреи рыла ишхәыҷыз ирызҳауан.

 

Ари иалҵшәахеит Европа изызҳаз аҿар инагӡаны ирылааӡахартә иахьзыҟамлаз актәи абиҧара ркультуратә ҭынхеи рмилаҭтә хдырреи. Рҭаацәа ари хадырҭәаарц рҽазыршәон ҧсшьара ҳәа ры-"Ҧсадгьыл" ахь ианцалак аамҭа иалагӡаны, аха мызки-мызки бжаки уа рыҟазаара уи азыҳәан аамҭа кьаҿцәан. Мраҭашәаратәи атәылақәа ркультура, рхақәиҭра аҿы изызҳауаз абиҧара ҿа ринтересқәа хазхо иалагеит. Убри азыҳәан хуҷы-хуҷла ицәырҵит ахәыцра, иры-"Ҧсадгьыл ҿыцхаз" атәылақәа рҿы амилаҭтә еилакқәа реиҿкаара. Излыҵыз Ҭырқәтәылаҟа ахынҳәра ааигәала ишыҟамлоз еилкаахо иалагеит.

 

Еиҿыркааит акультуратә центрқәа рацәаны. Урҭ рҟынтәи аамҭак ашьҭахь ихырҩаз ҟалеит, избан акәзар, ари аҩыза аиҿкаарақәа рҿы ирымаз аҧышәа маҷцәахеит. Аха урҭ ацентрқәа реиҳарак русура иацырҵо иалагеит: еиҿкаан абызшәа, жәлар рыкәашарақәа дырҵаразы акурсқәа, абиуллетенқәа рҭыжьра, аспорттә еицлабрақәа, аныҳәақәа.

 

Арҭ аусқәа зегь рымҩаҧгара аџьабаа ду шадырбалазгьы, ҳауаажәлар ззыҧшыз алҵшәақәа днарбомызт, избанзар ирлас-ырласны аиҧыларақәа ауадаҩрақәа рыцын: зегь раҧхьаӡа иргыланы, адиаспора ахаҭарнакцәа акыр еицәыхараны иахьынхоз, аҵареи аусуреи иахьоурмышьҭуаз ҧырхагас ирыман.

 

1992-93 шш. рзы Аҧсны аибашьра анцоз аамҭа Европа инхо ҳџьынџь-уаа рзы раҧхьатәи политикатә ҧышәара дуны иҟалеит. Урҭ ихацдыркит зымҽхак ҭбааз акампаниа, еиҿыркааит Акризистә Комитет. Хыҧхьаӡара рацәала Европа ақалақьқәеи аҳҭны-қалақьқәеи рҿы имҩаҧыргон апротестқәеи амитингқәеи, ишаны ирыладырҵәон аинформациатә материал. Европа Ахеидкылеи Европатәи Апарламенти рҿы зныкымкәа инеины ры-Ҧсадгьыл аҿы аҭагылазаашьа аазырҧшуаз аинформациа Апарламент иалақәои егьырҭ ахаҭарнакцәеи иддырдыруан. Раҧхьаӡа ари аус аџьабаа ду адырбалеит Акризистә Комитет иалақәаз: Германиантәи - Аҵәлыхәа Неџьмеҭҭин (иҧа Ерҳан Аҧсны деибашьуан), Иашба Руҳи, Агәасба Миҭҳаҭ, Аӡагә-иҧа Реиҳан, Абыгба Џьошьқәын, Ажьиба Месуҭ, Ажьиба Фериҭ, Ашәба Ҩмиҭ, Голландантәи - Кәыкәын Низам (зыҧсҭазаара иалҵыз), Аҭарба Озкан, Кәпалба Алааҭҭин, Кәаӡба Саади, Кәыркәнаа Дурсун, Швеицариантәи - Ҳагәшьы Ердал, урҭ реиҧш ирацәаҩны. Абри анаҩсан, акырынтә адиаспора аҩныҵҟа еизыргон, Аҧсныҟа идәықәырҵон афинанстә цхыраара.

 

1992-93 шықәсқәа Европатәи аҧсуаа рзы аҵак дуӡӡа рыман. Избанзар, 100-шықәса иреиҳаны рышьҭахь раҧхьаӡа урҭ ироуит рҽеизакны рмилаҭ алахьынҵа азықәҧаразы алшара. Ари аҳәаанырцә инхо аҧсуаа иаҧсыуааны, рыҧсадгьыл, рыжәлар гәакьа иртәны ишыҟоу даҽа знык иреилнаркааит, тәылак, милаҭк аҳасаб ала аҟазааразы азин шрымоу рыхдырраҿы ишьақәнарҕәҕәеит.

 

Уи адагьы, 1992-93 шш. раантәи ахҭысқәа урҭ ирышьҭанеиуаз ашықәсқәа раангьы акультуратә ҧсҭазаара аҿиара иацхрааит. Ари аамҭазы еиҳаракгьы аҿари ахәыҷқәеи рмилаҭтә хдырра иазҳаит.

 

90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа европатәи ҳажәлар рхаҭарнакцәа рцентрқәа активла аус руан.

 

Иахьатәи аамҭазы урҭ милаҭтә-культуратә ҧсҭазаарас ирымоу еиҳараӡак ацентрқәа реизарақәа, рныҳәақәа, иара убас аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа традициала Европа зегьы аҟынтә еизызго аҧсуа чарақәа роуп. Рхатәы хореографиатә гуҧқәа рымоуп акультуратә центрқәа Франкфурт-Маннҳаим, Вупперталь.

 

Адиаспора актәи абиҧара - еиҳарак аусуразы Европаҟа иааз - ахьтә иахьа даара ирацәаҩуп тәанчара ицахьоу. Уи аҟнытә урҭ аамҭа рацәаны ры-"Ҧсадгьыл" аҿы - Ҭырқәтәыла - ирхыргоит. Ирышьҭанеиуа аҩбатәи абиҧарахь иаҵанакуа рхы аздырхеит иреиҳау аҵара аиоура, ирҭалеит ауниверситетқәа, аусура иалагеит аекономикеи, аиндустриеи, атуризми, убас егьырҭ асферақәеи рҿы. Иҟоуп аспорт азы ақәҿиара дуқәа рыла еицырдыруагьы. Иаҳҳәап, аиқәҧара азы Германиатәи ачемпионатқәа рҟны аиааира згахьоу Қапба Барышь (Германиа амилаҭтә команда иалоу), Қәачба Зафер, ашьапылампыл асҩы Хьрыҧс-иҧа Ҭаифур (Германиантәи Ҭырқәтәыла дцаны амилаттә командаҿы ихәмаруаз), азиатәи аспорт хкқәа рзы Германиатәи амилаҭтә команда иалаз Қап-ҧҳа Ниҳаль, европатәи аиқәҧаразы аицлабраҿы аҩбатәи аҭыҧ згаз Қәачба Омер, убас иҵегьы.

 

Европа азҳара иаҿуп ҳдиаспора ахҧатәи абиҧара.

 

Иахьатәи аҿари ахәыҷқәеи, иара убас урҭ ирышьҭанеиуа абиҧарақәеи ҳажәлар ркультуреи рмилаҭтә хдырреи рылааӡаразы иҟаҵатәу даараӡа ирацәоуп. Ари аус аҳәаанырцә инхо аҧсуаа раҧхьаӡа игылоу рыпроблемақәа иреиуоуп.

 

Қапба Зеқьи

 

Адунеизегьтәи Аҧсуа-Ашәуа Жәлара р-Ассоциациа -АБАЗА- анагӡком иалоу