ГЬАРГЬ АМҶБА

 

АҦСУА ЖӘЛАР ДРЫҦХЕИТ АДЫРРА ДУ ЗМАЗ АУАҨЫ ЛАША,

АУАҨААМЫСҬАШӘА

 

Адырра егьакуп, егьыҩбоуп рҳәоит. Егьиашоуп.

 

Гьаргь Амҷба аҧсуа жәлар рҭоурых аҭҵаараҿы иааникылоз аҭыҧ хазын. Уи ишьҭихуаз апроблемақәеи, дзыхцәажәоз, иҭиҵаауаз атемақәа ргәылыршәашьеи ирыбзоураны аҧхьаҩцәа иусумҭақәа аҭыҵха рырҭомызт, еимыҵәҵәа иргон.

 

Гьаргь Амҷба жәа-монографиак дравторын, аҵарадырратә журналқәеи еиуеиҧшым аизгақәеи ирниҵахьаз аусумҭақәа маҷмызт, аха ианакәызаалак иара иҟәнишьон,  „иҵегь сылшар ауан,“ – иҳәон.

 

Гьаргь Амҷба амедиевистикатә дунеи дагәылалеит Кавказ аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа дуқәа иара иахь ихьазырҧшыз, лахә-лахәы ишьклаҧшуаз иоппонентцәа ргәы ашьаҟәаҟәа ҭазҵаз, изыршәыз иусумҭа Аҧсуа ҳәынҭқарра иазку ақырҭуа нарративтә хыҵхырҭақәа“ ала. Уи нахыс, хрыжь-хрыжь акәзаргьы, еишьҭагыланы рҿаархеит қырҭшәала еиҧш, бырзен бызшәала, шәамахь бызшәала ажәытә шәҟәқәа ирну ҳҭоурых цәырызгаз егьырҭ иусумҭақәагьы: „Абжьаратәи ашәы- шықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аҧсназы ирҳәо“,

 

„Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аҧсны иамаз аполитикатә ҭагыла-  заашьа“, „Абжьаратәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аҧсни аҧсуааи рыӡбахә ишалацәажәо“, “Афон-Ҿыц“ уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рҕьырак аҧсуа хылҵшьҭрақәа рҽеидкыланы, жәларык раҳасаб ала ишышьақәгылаз, нас VIII-X ашәышықәсақәа рзы Кавказ зегьы зырхыџхыџуаз афеодалтә ҳәынҭқарра шыҟарҵаз уҳәа ҳгәы зкуаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҳарҭоит. Егьырҭ иаҳдырбоит жәынгьы-ҿангьы ҭаха ҳазымҭоз ҳгәылацәа бзиахәқәа аҳәаҭыхла ирҿагыланы ҳабацәа дуқәа рыдгьыл гәакьеи рбызшәеи шырыхьчоз.

 

Аҧсуа культуратә  ҧсҭазаараҿы зеиҧш ҟамлацыз хҭысхеит ҵакыла еиҧш, формалагьы иҧшӡаӡа 1993 шықәса рзы ҭырқәшәала Сҭампыл иҭыҵыз Гьаргь Амҷба ишәҟәы „Аҧсуааи алазқәеи“. Уаанӡа иҭыҵхьаз иҩымҭақәа реиҧш, ари ашәҟәаҿы автор аҧхьаҩ иирбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аҧсуа етно- политикатә шьақәгыларақәа ирымаз асоциалтә-политикатә ҭагылазаашьеи рхьыҧшымразы урҭ иаадырҧшуаз ахаҵареи.

 

Aбжьаратәи ашәышықәсақәа аҧсуа жәлар рҭоурых аҿы даараӡа акрызҵазкуа аамҭан. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы, ари Аҧсны афеодалтә еизыҟазаашьақәа рцәырҵреи рыҿиа- реи ираамҭан, ақьырсиантә культура ҳабацәа рабацәа дуқәа ианрылаҵәаз, аҧсуаа рхатә ҳәынҭқарра ҟаҵаны иаркы-ирцә ҳәа геи-шьхеи, ладеи-ҩадеи ианрыбжьаз аамҭан. Урҭ зегьы дырра ҳаракыла, гәык-ҧсык ала, ламысла рыҩра, усҟан, аҭоурыхтә ҵабырг, ишырҳәо еиҧш,

 

 ала ҟырҟы ианкылырхуаз аамҭазы, имариамызт.

 

Аҵарауаҩ ихи иҧси дырмеигӡар акәын. Гьаргь Амҷба абри аус аҿы илшаз ахә ашьара уадаҩуп.

 

Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны, изыҧшыз идыруазшәа, уи иҭижьит даҽа ҩ-шәҟәык: „Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аҧсны иҟаз акультуреи аидеологиеи“, „Аҧсны абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы“.

 

Аҧхьатәи ашәҟәы, иара ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиҧш, VI-X ашәышықәсақәа рзы Аҧсны идыргылаз аҭоурыхтә баҟақәеи, ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аҧсуаа ақьырсианра шрыдыркы-лази, насгьы урҭ рыҧсҭазаараҿы уи иааннакылаз аҭыҧи ирызкуп. Аҩбатәи ашәҟәаҿы ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи, археологиатә материалқәеи, аетнологиеи ҵаҵҕәыс иҟаҵаны, автор иааирҧшуеит аҧсуа жәлар рынхамҩа аҭоурыхи рсоциалтә еизыҟазаашьақәеи. Аха Гьаргь уи инапаҿы иааникыларатә еиҧш аразҟы илахь ианымызт.

 

Иҟоуп акьыҧхь зымбац даҽа усумҭа дук. Уи аҧсуаа рҭоурыхтә антро- понимиа иазкуп. Ари аусумҭа аҧсуаҭҵаараҿы уникалтә ҧҵамҭа ҿыцуп. Аҧсуа саҧсуоуп ҳәа адунеи ишьапы нықәиргылазар аахыс ихьӡырҵоз, хьыӡшьарас ирҭоз, иабиҧарахьыӡқәа уҳәа аҧхьаҩ зинтерес икыша, иџьеишьаша, илакәишьаша рацәоуп ари аусумҭаҿы. Автор ихаҭагьы уи азы алкаа ҷыда ҟаиҵеит: аҧсуа жәлар рҭоурыхтә антропонимиа ретностә ҭоурых аҭҵаара акырӡа иацхраауеит, иҭнагоит. Ҩашьара ақәымкәа уи иаҳнарбоит иара убас урҭ рполитикатә, ркультуратә ориентациагьы.

 

Гьаргь Амҷба зымҽхак ҭбааз ҵарауаҩын. Уи ибзиаӡаны идыруан дызлиааз ижәлар рбызшәа амаӡақәа, аҧсы ахьҭаз, урҭ рҵасқәеи рқьабзқәеи рҷыдарақәа, рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа уҳәа аҧсуара злеибарку зегьы. Абри аганахь ала иналкааны иазгәаҭатәу усумҭоуп иетнологиатә ҭҵаамҭа „Аҧсуаа рҽыбҕаҟазара“. Хаҭала иара автор „адәы иқәигаз“ аматериал хьыршәыгәқәа ихы иархәаны, ицәыригеит ҳажәлар рыбзазара иузалымхуа иалаз аҽы акульт,

 иахьанӡагьы урҭ даҽа жәларык  ирылазмырҩашьо абаҩҷыдара, ретностә специфика.

 

Аҵарадырраҿы Гьаргь Амҷба изы аус злаз аҭоурытә факт акәын. Афакт иара изы ихсаалаган, ишәага-заган, иқәырҧшыган, зегьы зхагьежьуаз лыран.

 

Гьаргь Амҷба дагьеиҭагаҩын. Алықьса Гогәуеи иареи еицхырааны Иаков Цурҭавели иҭоурыхтә рҿиамҭа „Шушаник лгәаҟра“ аҧсышәала идырцәажәахьан. Иара ихалагьы аҧсуа ҧхьаҩ ииҭахьан Константине Гамсахурдиа иажәабжьқәа акыр. Аҧсшәа аҟынтә ақырҭшәахь еиҭеигахьан Нарҭаа репос“. Гьаргь Амҷба ибзоураны аҧсуа ҧхьаҩцәа ироухьан арумын шәҟәыҩҩ Виктор Кернбахи, авенгр ҭоурыхҭҵааҩ Лиош Ҭардии, америкатәи аетнолог Сула Бенети аҧсуаа ирызкны ирыҩхьоу ашәҟәқәа.

 

 Гьаргь Амҷба аҧсабара иланаҵаз абаҩхатәреи идырра дуи аҧсуа ҵарадырреи аҵараиурҭақәеи рзы иҵәатәышьаҟақәан. Жәашықәсала уи иџьабаа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт иадиҵахьан. Уи араҟа зквалификациа ҳаракӡоу аҭоурыхҭҵааҩцәа дреиуан. Аҧсуа Ҳәынҭқарратә университет аҿы алеқциақәа дрыҧхьон, зны Аҧсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ркафедра дреиҳабын, аҽазных аҭоурыхтә факультет дахагылт, ддеканын. Абраҟа Гьаргь Амҷба дпрофессорын, аҿар аҭоурых дирҵон, аҧсуара рылаиааӡон.

 

Гьаргь Амҷба ҵарауаҩык иаҳасаб ала ддуун, рҵаҩык иаҳасаб алагьы. Аха „издыруеит“ ҳәа мыцхәы иҳәомызт. Иҵкыс аҵара сымоуп ҳәа, ипара збеит ҳәа амалахазгьы ауаҩы диқәыҕә-ҕәомызт, длаирҟәуамызт, уимоу, дзацәажәоз џьара иакәымк иамхаҳәаргьы, дхьижәомызт, имаршәа кны, имырхьааӡакәа ихы иирдыруан.

 

Хынҩажәифба шықәса қәрам аҧсуа хаҵа изы. Иуаҩра дынҭалеит аҟароуп.

 

Гьаргь инарцәымҩа дықәлеит еиҳагьы ҳажәлар рҿахәы аниҳәашаз, еиҳагьы анилшашаз, еиҳагьы данаҳҭахыз аамҭазы.

 

Гьаргь дҵарауаҩын, дҵарауаҩыҵәҟьан. Аҧсуа ҭоурыхҭҵаара иара ида ихьысҳахоит. Шәҩыла анцәа иҳаҭәеишьааит, аха иахьазы Гьаргь Амҷба дзыҧсахша аҭоурыхҭҵааҩ иҧшаара мариам. Уи иахьа еиҵагылоу аҧсуа интеллигенциа зырбеиоз, иӡырызгоз, изырҧшӡоз, ҳагьзлаҽхәоз ауаа хатәрақәа, ауаа нырҳарақәа дреиуан.

 

Ҟазшьала Гьаргь дҭынчшәа дыҟан, аха дыџьбаран, дтәаны думбар, дгыланы ихы уирбомызт, ачҳара змаз жәытә арҧысын, даамысҭашәан. Аиҩызараҿ дҧышәан – даартын, дыгәшаҭаҩын, дгәыбылҩын, дчеиџьыкауаҩын.

 

Ҳажәлар дрыҧхеит аҵеи хазына, аҵеи лаша, аҵеи хьӡырҳәага – ауаҩ ду.

 

Аҧсуа Ҳәынҭқарратә университет,

Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа,

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә  институт

_________________________________________________

 

АУАҨЫ ЛАША

 

Ҭеиҭҧшла деинаалан, гәаҭала дыҧшӡан,

Даамысҭашәан, иажәа ҟәышын, ираӡан.

Ажәытәтәи аҩырақәа асаба рхых,

Адунеи аҵахьтә иҭиҵаауан ҳҭоурых,

Ҧсыхәак аҭан аиаша иҳәон,

Ҿымҭ-ҧсымшьа иус ҟаиҵон.

 

Ҳзықәшәаз хьааигон, ихатәгәырҩеиҧш,

Гәҭыхас иман ҧхьаҟа ҳҧеиҧш...

Дзыхьӡаз ҟәнаҳшьом - ирацәоуп.

Дызхьымӡаз мцаха иҳацроуп!

 

Иҳамчгәышьои - бзиала ҳҳәароуп,

Агәырҩа иҳаиҭаз ҳанышәароуп.

Иара дзыҧсахша ирызҳароуп,-

Иҭыҧ ҭацәны иаанымхароуп.

Ҳҭоурых меихсыҕьуа иҿиалароуп.

Ихьӡ меицакуа иаццалароуп...

 

Даамысҭашәан. Дуаҩылашан.Деиҿкаан.

Дызхылҵыз иҧсадгьыл еиҧш дыҧшӡан.

Цәала-жьыла дцазаргьы дымҩас,

Дхааӡа дҳалаҧхоит мраҵас.

 

Даднакылахьеит Ахраҭ,

Агәашәқәа изаатхьеит џьанаҭ.

Жәларык аҵеицәа иҳацәҭахаз,

Уаҟа иҧылеит ҭынхаҵас.-

Ҳа ҳазҽеихар ожәшьҭа арахь,

Рыҧсқәа ҭынчхоит урҭгьы уахь...

 

                                           Витали Амаршьан