AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------
AbhazyaResim3.jpg (14497 Byte)

 
 ИААРТУ АШҞӘЫ-ААҦХЬАРА                                                Аҧсуа шрифт

 

Ҳара,  Европа   инхо  аҧсуаа  рдиаспора,  даара  хьаас  иҳамоуп

ҳ-Аҧсадгьыл Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа.

 

Есы-ҽны иҳаҳауа ажәабжьқәа, насгьы Ареспублика анапхгара иҟанаҵаз аҳәамҭақәа ҳгәы ҭынчны ҳарзааныжьуам.

 

Ҳгәы излаанаго ала, Аҧсны адемократизациа апроцесс ааха ду аиоуит.

 

Иахьатәи аҭагылазаашьа ҳажәлар хуҷы аиҩшарахь инанагар ҟалоит. Ҳменталитет аган ахь ала уахәаҧшуазар, ари аиҩшара ҳаиааирц азын акыр шықәса аҭаххар ҟалап.

 

Иахьа Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәа рзын аҭакҧхықәра зду ирхадмыршҭыроуп, алхрақәа рызныҟәашьеи уи ашьҭахьтәи ахҭысқәеи Аҧсны ахьӡ шыладырҟәуа. Иаҳҿагылоуи ҳаҕацәеи ҳхыччо аҟынӡа ҳнанагеит.

 

Аҧсуаа ҳхатә ҳәынҭқарра аргыларазы агәаҳәареи алшареи шҳамоу атәы, инеитралтәу агәаанагара змоугьы агәрагара рцәыӡуа иалагеит.

 

Уажәраанӡа ҳара еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәа иаҳзырҳәон "ахьыҧшымраз иқәҧо ареспублика", "асепаратисттә республика", "Калашников-республика". Уажәтәи амомент азы ҳазқәу амҩа ҳнанагар ҟалоит аполитикатә ҵакы ала "абанан-республика" ҳәа ҳзырҳәо аҟынӡа.

 

Аҭакҧхықәра зду рҟынтәи ҳара ажәлар ражәеи ралхреи ақәныҟәара ҳазыҧшуп.

 

Аҧсны иаланхо рахьтә 50% иреиҳаны рыбжьы змаҳаз, ҳазҭагылоу аамҭа иҳанаҳәо рзеилымкааит. Урҭ иахьа акумзаргьы, уаҵәы аҭоурых иалнаршәшәоит.

 

Хыҧхьаӡарала имаҷу ҳмилаҭ абри аҩыза ахә ала иаиоуз зегьы ацәмыӡырц азын, ҳ-Аҧсадгьыл аҿы иҟоу ҳауаажәлар рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит, акзаара аадырҧшырц, аимаки аилибамкаарақәеи реиҳа иҳаракхарц, аиҿагылара аҭыҧан зегь еидгыларц.

 

13.10.2004