AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 
 Гал араион аҟны ацәгьаурақәа ирҿагыланы ақәҧара зинхьчаратә операциоуп

 

Аҟәа, Аҧсны азинмчхаратә усбарҭақәа  Гал араион аҟны ацәгьаурақәа ирҿагыланы ақәҧара иаҿуп, урҭ акырӡа реиҵатәрагьы алыршахеит, ҳәа ааицҳаит Ахада Иофициалтә саит аредакциахь Гал араион аҟны аҳәынҭқарра ахада изиннаӡа змоу ахаҭарнак Руслан Қышьмариа.

 

Убас, ахашаҽны Гал араион аҟны имҩаҧгаз аоперациа иабзоураны аҧснытәи азинхьчаратә усбарҭақәа иааныркылеит апаспорттә ҧҟарақәа еилазгаз хҩык ауааҧсыра. Қырҭтәыла ауааҧсыра хҩык закәанда Аҧсны иахьаҵанакуа иҟан. Қырҭтәыла ауааҧсыра ирыдҵан атәылаҿы рыҟазаара официалла ашьақәырҕәҕәара.

 

"Гал араион аҟны апаспорттә ҧҟарақәа рықәныҟәашьа агәаҭаразы имҩаҧгаз аусхкы Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа ацәгьаурақәа рҿагыларазы имҩаҧырго аоперациақәа рахь иаҵанакуеит. Аоперациа хықәкыс иамоуп ақырҭуа-аҧсуа еимакы ахьыҟоу аҭыҧаҿы инхо Аҧсны атәылауаа ршәарҭадара алыршаразы ақырҭуа криминал атәыла ралцара. Макьана мчыла ари азҵаарааӡбара аҭахны иҟамлаӡац", — иҳәеит Р. Қьышьмариа.

 

"Иахьа аҧснытәи азинхьчаратә усбарҭақәа русура иабзоураны Гал араион аладатәи аган азинтә ҧсҭазаарахь ихынҳәит ҳҳәар ҳалшоит. Ара атәыла азакәанқәа аус руеит.  Ҳықәкысгьы иҳамоуп ари апроцесс есааира арҕәҕәара, избанзар ари аҭыҧ атәыла аекономикатә ҧсҭазаара иалагалатәуп", — иҳәеит арегин аҿы Ахада изиннаӡа змоу ахаҭарнак.

 

Гал араион аҿтәи амчхарақәа иазгәарҭоит, ақырҭуа массатә информациа хархәагақәа ари аҭыҧаҿы азинтә ҧсҭазаара ашьақәыргыларазы имҩаҧысуа аусхкқәа аполитикатә еибарххара аицҵаразы рхы ишадырхәо. Иаҳҳәап, ақырҭуа АИХ  идәықәырҵо аинформациа ари арегион арратә техника алагалоушәа аҳәоит. "Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа Гал араион аҟны имҩаҧырго аусхкқәа ара инхо ауааҧсыра рзинқәа рыхьчара иазкуп", — абас арҭ аҳәамҭақәа мап рцәикуеит Р. Қьышьмариа.

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан, Гал араион аҟны имҩаҧгахо антикриминалтә операциақәа азакәан ахәаақәа ирҭымгакәа ишымҩаҧгахо. "Ҳара мшаҭарада Гал араион ақырҭуа ацәгәауцәа ралцаразы аусура ҳазхиоуп, аха амч ҳхы иаҳмырхәроуп уи азы", — иҳәеит Ахада.

 

23.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Жәлар Реизара апенсиақәа 50% рышьҭыхразы азакәанапроект иахәаҧшраны иҟоуп

 

Аҟәа, Аҧсны Жәлар Реизара ааигәа имҩаҧнагараны иҟоу аилатәараҿы иахәаҧшраны иҟоуп атәанчаҩцәа иалкаау ркатегориақәак рпенсиақәа 50 % реизырҳаразы аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрра ишьақәнаргылаз азакәанапроект.

 

Аҧсны аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Ольга Колтукова Ахада Иофициалтә саит аредакциахь излаалыцҳаз ала, азакәан адкылара ашьҭахь 2007 шықәса ажьырныҳәа мза инаркны 16 нызқьҩык ауааҧсыра рпенсиақәа ирыцлоит — ахәыҷра ахымхәацәа, ҩ-еибашьрак рыҟнытә ахымхәацәа, аҩнаҭа аныҟәгаҩ дызцәыӡыз аҭаацәарақәа, ашахтиорцәа, ахьӡқәа зыҽрыҧсазтәыз, жәлар рыхьӡ зҽаҧсазтәыз, иҭахаз рҭаацәарақәа, аҧснытәи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа занашьоу атәанчаҩцәа.

 

Абри ахықәкы иазкны 2007 шықәсазтәи Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет апроект аҟны иарбоуп 52 млн. мааҭ. Хықәкыхаҭалатәи ахарџьқәа абиуџьет иалалараны иҟоуп ауалафахәы афонд аҟнытә ахыхтәқәа реизырҳара иабзоурны. Аҧсны аиҳабыра хықкыс ирымоуп 2007 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны абиуџьет ҟәша иаҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы хҧаны ишаны хәҭак иаҟараны ашьҭыхра .

 

Азакәанапроект ахәаҧшраан адепутатцәа ицәырыргаз агәаанагарақәа рыла, атәанчаҩцәа зегьы еилымхрада рпенсиақәа шьҭыхзар ииашахон. Аха О. Колтукова адепутатцәа идеиллыркааит, усҟан альготатә категориқәа рахь иаҵанакуа атәанчаҩцәа рпенсиақәа рышьҭыхра шзалмыршахо. "Азеиҧш пенсиа зауа атәанчаҩцәа рпенсиқәа рыбжа рыцаҳҵар, уахь иҳацәцоит 42 млн мааҭ", — лҳәеит аминистр. Альготатә категориа иаҵанакуа атәанчаҩцәа рҭагылазаашьа аиҕьтәразы абиуџьеттә лшарақәа азхаӡом.

 

О. Колтукова иазгәалҭеит, ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧсны асоциалтә хьчара аусбарҭақәа апенсиақәа рахыҧхьаӡалараан, атәылауаа пенсиала реиқәыршәаразы асоветтә закәан ишықәныҟәо. Аха уажәтәи апенсиақәа шылаҟәу ала, Аҧсны апенсиақәа рзаужьразы ишахәҭоу асоветтә схемагьы изықәныҟәаӡом.

 

"Аҳәынҭқарраҿы апенсиатә еиҭакрақәа макьана иазгәаҭаӡам. Иара убас, изаацәоуп апенсиатә ҧгаҧса алагалара атәы аҳәарагьы. Ҳара иахьа абырг апенсиа изоужьраан асоветтә схема ахархәарагьы ҳалшаӡом, иаҳҳәап, аџьашықәс, акатегориақәа уҳәа разгәаҭара", — лҳәеит аминистр.

 

Атәылаҿы аус зуа асоциалтә хылаҧшра асистема атәы дахцәажәо, О. Колтукова илҳәеит атәылауҩра иаҵанакуа категориқәак льготақәак шрыҭоу. Аҳәынҭқарраҿы аус ауеит "Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ахымхәацәеи иҭахаз рҭаацәеи рсоциалтә хылаҧшразы" азакәан, ”Хаҭалатәи атәанчаҩцәа рзы” азакәан, "Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз ахымхәацәа — иҭахази, хабарда ибжьаӡызи рҭаацәа рзы альготақәа" азгәазҭо азакәан.

 

"Азакәан апунктқәа зегьы аҧсҭазаараҿы рынагӡара залшаӡом. Хыхь зыӡбахә ҳәаз атәанчаҩцәа ркатегориақәа рхы иадырхәоит — анхамҩатә-бзазаратә льготақәа, ауаажәларратә транспорт хәыда-ҧсада, ахымхәацәа азин рымоуп хәыда-ҧсада апротезҟаҵара. Азакәанҧҵарала ишарбоу еиҧш, аҳәынҭқарра ахарџьала асанатортә-курорттә ҽыхәышәтәразы, хәшәыла аиқәыршәаразы, анхарҭа ҭыҧ аиҭашьақәыргыларазы макьана алшара ыҟаӡам", — лҳәеит аминистр.

 

22.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Иеиду Америкатәи Аштатқәа рышҟа ааҧхьара ҟанаҵоит хра злам ақырҭуа позициа иацәхьаҵразы

 

Аҟәа, Аҧсны ЕАА рышҟа ааҧхьара ҟанаҵоит ақырҭуа позициа иацәхьаҵны, аҩ-ганкгьы рыҽрыдымкылакәа, ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭышәныртәалараҿы бжьаҟазаҩцәаны иқәгыларц, иҳәеит Аҧсны Ашәарҭадаратә Еилазаара амаӡаныҟәгаҩ С. Лакоба Ахада Иофициалтә саит аредакциа аинтервиу анаиҭоз.

 

Уи иазгәеиҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа аимак аҭышәныртәаларазы иҟарҵо ишазыразу, аха агәҭынчымра шазцәырнаго бжьаҟазаҩцәак, лымкаала ЕАА, ганкы еиҳа, иаҳҳәап, ақырҭуа ган аҽадкыланы ақырҭуа позициа ахьааннакыло. "ЕАА Қырҭтәыла аганахьала иҟанаҵо адгылара хра алаӡам, иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иақәшәаӡом", — иҳәеит иара, иҳаҩсыз амчыбжь азы ЕАА аконгресс амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Метиу Браиза напхгара зиҭоз америкатәи аделегациа Аҧсны аҳҭнақалақь иаара дахцәажәо.

 

С Лакоба излаиҧхьаӡо ала, ЕАА лымкаала гәцаракра арҭоит Аҧсны анапхгара Кәыдрытәи аҩхаа инадҳәаланы хықәкыс иамоу. "Урҭ хьаас ирымоуп ари аҭыҧаҿы ҳара амч ҳхы иаҳархәо иаҳмырхәо. Аха убри аан, даргьы ирымоу анырра рхы иархәаны Кәыдрытәи аҩхаа ар алыргаразы ақырҭуа ган адҵа рыҭара иазхиаӡам", —  иҳәеит Ашәарҭадаратә Еилазаара анапхгаҩы.

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рмининистр С. Шамба игәы излаанаго ала, америкатәи адипломат Аҟәаҟа иаара хәарҭара аламкәа иҟаӡам. "ЕАА Қырҭтәыла анырра ду анаҭоит, убри инадҳәаланы акраҵанакуеит ҳгәаанагара ахьраҳауа", — иҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада.

 

"Аҧсны апозициақәа игәауҭаратәы иҕәҕәахеит. Уажәы еиҳа ирацәахеит ақырҭуа-аҧсуа еимакы анырра злаҳҭаша амеханизмқәа", — иазгәеиҭеит с. Шамба. " ЕАА Ршәарҭадаратә Еилазаара Қырҭтәыла аганахьала арезолиуциа анаднакыла инаркны ҳхатәы интересқәа рынагӡаразы алшарақәа еиҳахеит", — иҳәеит аминистр.

 

Уи аҧхьа адырраҭара ыҟан, М. Браиза Аҟәа данаҭааз аҳәамҭа шыҟаиҵаз жәларбжьаратәи ауаажәларра ЕАР Ашәарҭадаратә Еилазаара Қарҭаа рыр Кәыдрытәи аҩхаа иалыргаразы иаднакылаз арезолиуциа анагӡара ишахылаҧшуа атәы.

 

21.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аурыс-аҧсуа ҳәааҿы Қырҭтәыла аҳазалхратә постқәа рышьақәыргылара хшыҩдароуп — Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр

 

Аҟәа, Аҧсны адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамба хшыҩдароуп ҳәа азиҧхьаӡоит Аҧсни Урыстәылеи рҳәааҿы аҳазалхратә постқәа рықәыргыларазы Қырҭтәыла иҟанаҵо ажәалагала. Абри атәы иҳәеит уи Ахада Иофициалтә саит аредакциа аинтервиу анаиҭоз.

 

"Хшыҩдароуп — атәым ҳәынҭқарра адгьыл иахьаҵанакуа аҳазалхратә постқәа рықәыргылара алыршара иахьашьҭоу. Ари Урыстәыла иахьаҵанакуа адгьыл аҿгьы ҳара ҳадгьыл аҿгьыы иқәҳаргылоит рҳәаргьы  иаанаго акоуп", — ҳәа иҧхьаӡоит С, Шамба.

 

Уи аҧхьа адырраҭара ыҟан, Қырҭтәыла Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы апостқәа рыргылара хықәкыс ишамоу. Убри аан ақырҭуа ган ари азҵаара ақәыргылара Урыстәыла Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә еиҿкаара алалара иахьақәшаҳаҭхо иаднаҳәалоит.

 

"Ҳара ахаангьы иалҳаршом Ҧсоу ақырҭуа ҳазалхыҩцәа рықәыргылара, сгәы иаанагом уи Урыстәылагьы ақәшаҳаҭхоит ҳәа", — иҳәеит С. Шамба.

 

20.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Венесуелла Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵаразы иамоу ахықәкы иадгылоит

 

Аҟәа, Венесуела Аҧсны ахьыҧшымразы иамоу ахықәкы иадгылоит, ҳәа аацҳара ҟаиҵеит Ахада Иофициалтә саит аредакциахь, Аҧсны визитла иаҭааз Венесуела Амилаҭтә ассамблеиа адепутат Луис Гутиерес.

 

"Адунеи аҿы даара ирацәоуп ахьыҧшымра ашьақәыргыларазы акыр аџьа збаз атәыла маҷқәа. Урҭ шәара шәхақәиҭра ишахәҭоу ахә ршьоит. Ахақәиҭра —  хәы змаӡам малуп. Аӡәгьы азин имаӡам шәара шәхақәиҭра азҵаара аӡбара — ишәыҭатәу ишәымхтәу", — иҳәеит Л. Гутиерес.

 

Адепутатцәа хықәкыс ирымоуп Венесуела ахада Уго Чавес Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ирҭарц. "Ҳара Москва иҟоу ҳацҳаражәҳәаҩ ҳиҳәоит Аҧсныҟа аофициалтә визитла дааразы", — иҳәеит Л. Гутиерес.

 

"Арс акәу анс акәу, ижәдыруаз Венесуела аҩызцәа шшәымоу", — ҳәа азгәеиҭеит Амилаҭтә ассамблеиа адепутат.

 

Л. Гутиерес Аҧсны даҭааит Жәлар Реизара ааҧхьарала. Уи дицны дааит Венесуела Амилаҭтә ассамблеиа аппарат абжьагаҩ Абуду Родригес. Аҧсныҟа раара аҧхьа Венесуела ахаҭарнакцәа анаҧшыҩцәак раҳасабала Алада Уаҧстәыла имҩаҧысуаз алхрақәеи ареферендуми ирылахәын.

 

Венесуела Амилаҭтә ассамблеиа аус ауеит палатак змоу, 167 депутат злахәу апарламентҵас. Урҭ алххоит иеиҟароу-сиатә системала хәы-шықәса рахьтә знык. Венесуела апарламенттә алхрақәа раан 2005 шықәсазы аиааира ргеит ахада У. Чавес идгылаҩцәа. У. Чавес Иеиду Америкатәи Аштатқәа рышҟа имоу агәынамӡара зыдҳәалоу урҭ адунеи аҿы  хадара аура, ажәларқәа рыҿиаразы рхатәы мҩа алхразы алшарақәа рымхра иахьашьҭоу ауп.

 

16.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсни Краснодартәи Атәылаҿацәи аусеицзуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшьи Краснодартәи Атәылаҿацә агубернатор Алеқсандр Ткачиови ашәахьаҽны Краснодар аиҩызареи аусеицзуреи рзы ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, абас Аҧсны Ахада Иофициалтә саит адырраҭара аиуит Краснодартәи Атәылаҿацә аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

 

Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩын С. Багаҧшь Ҟәбан аҳҭнықалақь иаҭаара инақәыршәаны. Краснодар аҳаирбаҕәазаҿы Аҧсны Ахада иҧылеит агубернатор А. Ткачиови агубернатор ихаҭыҧуаҩ Мурат Ахеджаки.

 

Аҧхынтәи адәҳәыҧш аҿы имҩаҧысит урыстәылатәи ажурналистцәа злахәыз иаазыркьаҿу апресс-конференциа. Апресс-конференциаҿы Аҧсны Ахада  Аҳәынҭқарра азхаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Краснодар аҭаараан асацәа идырбан зҽеиҭазкыз ҟәбантәи аҳҭнықалақь, иеиҭашьақәыргылаз Екатерина II лбаҟеи, Александр Невтәи иныхабааи.

 

Ашьҭахь агубернатор иусбарҭаҿы имҩаҧган Аҧсны аиҳабыра амаҵзуҩцәа злахәыз "астол гьежьқәа".

 

Аҧсны аделегациа Краснодартәи Атәылаҿацә иаҭааит аҳәынҭқарра анапхгараҭара еиуеиҧшым аҟәшақәа рҿы аҧышәа еимдаразы. Аделегациа иалахәын аҧыза-министрцәа рхаҭыҧуаҩцәа, Аҧсны аиҳабыра аминистрцәа.

 

Аҧсны аделегациа Краснодартәи атәылаҿацә ахь ацара хықәкыс иаман аекономика, азинхьчаратә система, асоциалтә, агәабзиарахьчаратә  ҟәшақәа рыҟны анапхгаратә усура аҧышәа абара.

 

Краснодартәи Атәылаҿацә УА Аладатәи афедералтә округ иаҵанакуеит, Аҧсны аҳәааҿы ишьҭоуп. Атәылаҿацә иаланхоит 5 млн. инареиҳаны ауааҧсыра. Краснодартәи Атәылаҿацә аекономика шьаҭас иамоуп агроааглыхратә, акурорттә-рекреациатә еилакы, амашьынаргылара, абнатә нхамҩа, амҿы аус адулареи аҩнымаҭәа аҟаҵареи, аргыларатә материалқәа рааглыхреи.

 

Ари аҧхьа Аҧсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыбжьара аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит лаҵарамза 5, 1997 шықәсазы.

 

13.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Ахада афымцамчы аусзуҩцәа аӡын атәыла иааиҧмырҟьаӡакәа фымцамычла аиқәыршәара алыршаразы анапынҵа риҭеит

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь аҧшьашаҽны аизараҿы афымцамчы аусзуҩцәа ирыдиҵеит 2006―2007 шықәсқәа рзы иааиҧмырҟьаӡакәа аӡын атәыла фымцамычла аиқәыршәаразы ирылшо зегьы ҟарҵарц.

 

Афымцамчынхамҩа аӡын азыҟаҵара азҵаарақәа ирызкыз аизара иалахәыз Ахада иофициалтә саит акорреспондент излаиҳәаз ала, аҳәынҭқарра анапхгаҩы дазааҭгылан иазгәеиҭеит ахьшәашәарақәа шааҟалаз афымцамчы арцәарақәа шарбоу. Убри аан Аҳәынҭқарраҿы афымцамчы ахархәара есышықәса бжьаратәла 18% ишазҳауа.

 

"Ҳара изныкымкәа ашықәс аҩныҵҟа ҳаиқәшәахьеит, аҳәарагьы ҟасҵахьан афымцамчынхамҩа ахылаҧшра аҭаразы. Шәазхәыцла, анаплакқәа хазынхамҩахь ииажәгала, ауал зқәу аус рыдыжәулала, аинвесторцәа шәыҧшаа", ― иҳәеит ахада.

 

 Аҳәынҭкомпаниа "Черноморенерго" анапхгаҩы Резо Занҭариа аизараҿы иҳәеит абҵара 25 рзы Егры АФС агрегатқәак реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа   хыркәшахараны ишыҟоу. Амыругақәа мзызқәак ирыхҟьаны арцәара анрықәшәа афымцамчы уаанӡеиҧш УА аҟнытә иаагахоит.

 

Аизараҿы иқәгылоз араионтә фымцамч еимадарақәа рнапхгаҩцәа иазгәарҭеит, анхамҩақәа зегьы рзы зеиҧш проблеманы ишыҟоу аиҭашьақәыргыларатә усуразы атехника ҷыда аҟамзаареи, иара убас афымцамч зхы иазырхәо ауааҧсыреи анаплакқәеи ирымшәацкәа  ирықәу ауал ахьырацәоуи.

 

Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит афымцамчы ахархәаразы еиҳарак ауал шырацәроу аҳҭнықалақь аҿы. "Аҟәа иҟоу аҭагылазаашьа аҩыза џьаргьы иҟаӡам", ― иҳәеит С. Багаҧшь. Уи иҳәеит ауалмшәацәа рганахьала асанкциақәа иҵегьы ишырҕәҕәатәу.

 

Аизара иалахәыз иазгәарҭеит  "Черноморенерго" аҟны атехника ҷыдазы азеиҧш ҭыҧк аҧҵара шаҭаху. Ааҧхьара зауз  атехника уантә оперативла араионқәа рышҟа ицалоит.

 

Аизара иалахәын Жәлар Реизара ахантәаҩы Н. Ашәба, аҧыза-аминистр А. Анқәаб, аиҳабыра амаҵзуҩцәа, Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадацәа.

 

Уажәаҧхьа иҟан адырраҭара, Аҧсны 2006 шықәсазы жьҭаарамза инаркны цәыбрранӡа афымцамчы ахархәаразы иазгәаҭоу ауал аицҵалыҵ 34 млн. мааҭ ишеиҳахаз ала. "Черноморенерго" аҿаҧхьа ахархәаҩцәа ирықәу ауал зегьы ааидкыланы 1 млрд. мааҭк иеиҳауп. "Черноморенерго" ауалылхра ахьалмыршахо иахҟьаны акры зхыҵуа ашәҟәы ианыххоит. Аиҳабыреи "Черноморенерго" анапхгареи ауааҧсыреи анаплакқәеи рганахьала рхы иадырхәо афымца ахарџьҧса ианаамҭоу алагалара алзыршаша аусхк ҿыцқәа раҧҵара аус адырулоит.

 

Аҧсны 8,7 нызқь ҧшь.км иахьаҵанакуа фымцамчла иеиқәзыршәо Егрытәи афымцастанциа ауп. АЕС шьақәгылоуп 1450МВт амч змоу афымцаблокқәа хәба рыла. Ахархәара змоу астанциа амч 1200 МВт артәоит. Сааҭктәи 1кВт ахарџьҧса анаплакқәа рзы 0,4 мааҭ артәоит, ауааҧсыра рзы ― 0,18 мааҭ, алархәразы ахарџьҧса шьақәыргылаӡам. Аҧсны ахатә фымцамчқәа 5―6 шықәса рыҩныҵҟа иазхартә иҟоуп.

 

Аҳәынҭқарра афымцамч ҿыцқәа рыдкылара иазхиоуп, имыцхәу афымцамчы  Краснодартәи атәылаҿацә аархәара алыршахоит.

 

10.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада иазҧхьагәеиҭоит 2006 Аҧсны аекономикахь иааиуа аинвестициақәа шықәсазы акырӡа реизҳара

 

Аҟәа, 2006 шықәсазы Аҧсны аекономикахь иааиуа аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа 2005 шықәса аасҭа ($85 млн.)акырӡа иеиҳахоит, урҭ аҳәынҭқарратә биуџьет хынтә иеиҳахеит, ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Иофициалтә саит аинтервиу аҿы.

 

"Макьана иалкау цифрақәак ҳамаӡам, аха агәра ганы ҳаҟоуп урҭ ҵыҧхтәи арбагақәа  акырӡа ишреиҳау", ― иҳәеит С. Багаҧшь.

 

Аҳәынҭқарра анапхгаҩы иажәақәа рыла, 2007 шықәсазы аҧсуа економика аҟәшақәа рҿы аинвестициақәа радҧхьаларазы аҧыжәара аиууеит аиҭаусадуларатә ааглыхра. Убри аан анаплакқәа рыргылара мҩаҧгахоит еиҳарак Аҧсны амрагыларатә регионқәа рҿы. Аинвестициатә лагала дуқәа азгәаҭоуп, Очамчыра араион Скурча ахаҳәыҵхырҭаҿы. Ара аргыларатә маҭәахәқәа рлыхга ахаҳә ыҵыххоит. Ааглыхратә наплакқәак рыргылара арбоуп Тҟәарчали Очамыреи.

 

Убри аангьы  Аҧсны аекономика хымҧада аинвестициа дуқәа ралагалара аҭахуп. Аҧснытәи аекспертцәа имҩаҧыргаз ахәшьарақәа рыла, 1992―1993 шықәсқәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьразы атәыла аекономика иаиуз ацәыӡ $11 млрд. артәеит. 1993 шықәсазы Қырҭтәыла аҧшьгарала Иазхаҵам Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла иалоу атәылақәа ишьҭырхыз аӡбарала Аҧсны иалагалаз аекономикатә санкциақәа иахьагьы аекономика аҿиара иаҧырхагоуп. Иеиҳаракгьы урҭ аныҧшуеит абанктә система аҿиареи атранспорттә еимадареи. Аҧсны ахада изныкымкәа ИАР иахь ааҧхьара ҟаиҵахьеит Аҧсны аекономикатә блокада аҧыхразы. ИАР иалоу атәылақәа Аҧсны разыҟазаашьа иахьа иактуалтәуп, избанзар асанкциақәа раҧшьгаҩы ― Қырҭтәыла ― ИАР аилазаара алҵра алыршара иазхәыцуеит. Қырҭтәыла апарламент 2006 шықәса абҵара 10 рзы иахәаҧшраны иҟоуп ИАР алҵразы ақәҵара апроект.

 

09.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада ареферендум аламҭалаз Алада Уаҧстәыла ажәлар ирзеиҕьеишьеит аҭынчреи ачҳареи

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь аҳәынҭқарра ахьыҧшымразы ареферендуми ахада иалхрақәеи рыламҭалаз Алада Уаҧстәыла ажәлар ирзеиҕьеишьеит аҭынчреи ачҳареи. Алада Уаҧстәыла ареферендуми аҳәынҭқарра ахада иалхреи мҩаҧысраны иҟоуп абҵара 12, 2006 шықәсазы.

 

С. Багаҧшь Иофициалтә саит аинтервиу анаиҭоз иҳәеит, Қырҭтәыла Алада Уаҧстәыла араионқәак рыҟны ахада иалхразы альтернативтә алхрақәа рымҩаҧгаразы аҽазышәарақәа шыҟанаҵо.

 

"Ари хыдароуп. Уажәы ауаҧсаа ацәгьаҧышәарақәа рыҽрыларымгалароуп, ачҳареи аҭынчреи аарҧшны алхрақәеи ареферендуми мҩаҧыргароуп", ― иҳәеит Ахада.

 

Жәларбжьаратәи ауаажәларра Алада Уаҧстәылатәи алхрақәеи ареферендуми шазхарымҵо атәы шрыларҳәазгьы, арҭ ахҭысқәа адунеитә пресса даара гәцаракра рырҭеит. Ареспублика аҳҭнықалақь ахь иаашьҭуп адунеитә информациатә маҵзура дуқәа ркорреспондентцәа, иаҳҳәап, ВВС, Euronews, Al Jazeera, France Press.

 

09.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада агәыҳалалратә проектқәа рынагӡаразы Нидерландаа рыцҳаражәҳәаҩ диҿцәажәеит

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ахашаҽны дидикылеит Қырҭтәыла иҟоу  Нидерландаа рыцҳаражәҳәаҩ Онно Ельдеренбох (Onno Elderenbosch). Аиҧылара аартуа, ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит аицәажәараҿы тема хаданы ишыҟало Аҧсны иахьаҵанакуа апроектқәа рынагӡара, иҳәеит Ахада иофициалтә саит акорреспондент.

 

Ари О. Ельдеренбох Аҧсныҟа раҧхьаӡакәны иаароуп. "Сара арахь сзааз ҳаибадырразоуп. Ара Қырҭтәыла ахылаҧашразы иҟоу ИАР Амиссиеи ҳареи ҳаидгыланы афинанстә цхыраара раҳҭоит апроектқәа. Уаҵәы игәаҳҭарны ҳаҟоуп урҭ Аҧсны ишынарыгӡо. Абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәон Сергеи Уасил-иҧеи сареи, уи игәаанагара ҳара ҳзы акраҵанакуан", ― иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

 

Адәныҟатәи аусқәа рминистр С. Шамба излаиҳәаз ала, Нидерландаа рыцҳаражәҳәарҭаҟнытә Аҧсны иахьаҵанакуа агәыҳалалратә проектқәа жәпакы анагӡара иаҿуп, ашколқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәагьы уахь иналаҵаны.

 

"Нидерландаа рыцҳаражәҳәаҩ ивизит аибадырратә ҟазшьан иамаз. Ацҳаражәҳәаҩ Аҧсныҟа раҧхьаӡакәны дааит азы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧсҭазаара абара хықәкыс иман. Аҧшьашаҽны Онно Ельдеренбох Гал араион ахь ацара игәы иҭоуп", ― иҳәеит С. Шамба.

 

08.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Жәларбжьаратәи аҿар рфорум Аҧсны имҩаҧысраны иҟоуп ааҧынразы

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада иҟны иҟоу аҿар рполитиказы Аилазаара ажәалагала ҟанаҵеит  2007 шықәса, ааҧынра анҵәамҭазы Аҧсны жәларбжьаратәи аҿар рфорум амҩаҧгаразы, абас ааицҳаит аҩашаҽны аилатәара иалахәыз Ахада иофициалтә саит акорреспондент.

 

Афорум аиҿкаара иадгылоит Омсктәи (Урыстәыла) аҿар реиҿкаарақәа, урҭ рхаҭарнакцәа имҩаҧысыз аилатәара иалахәын.

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь иҳәеит Аҧсны жәларбжьаратәи аҿар рфорум амҩаҧгара аидеиа дшадгыло. Аҳәынҭқарра Ахада хықәкыс имоуп апроект қәҿиарала имҩаҧысразы иақәнагоу зегьы шыҟаиҵо. ”Ари афорум аполитикатә ҵак ду амоуп. Ҳаргьы уи адгылара аҳҭоит”, ― иҳәеит С. Багаҧшь. Ахада иҟны иҟоу аҿар рполитиказы Аилазаара Ахантәаҩы Шамиль Аӡынба Ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит ацхыраара аҟаҵара дахьазыхиоу азы.

 

”Ҳара ҳақәгәыҕуан Ахада ицхыраара, избанзар афорум жәларбжьаратәуп, уи астатус ишахәҭоу азыҟаҵаразы аҭакҧхықәра ҳаднаҵоит”, ― иҳәеит Ш. Аӡынба Ахада иофициалтә саит аредакциа аинтервиу анаиҭоз.

 

07.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Апсны Ахада аҳәынҭқарра аргылараҿы хымҧада аҿар алархәтәуп ҳәа иҧхьаӡоит

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿы хымҧада аҿар адҧхьалалатәуп ҳәа иҧхьаӡоит. Абас иҳәеит уи, ахада иҟны аус зуа аҿартә политика азы Аилазаара имҩаҧнагаз аилатәараҿы данықәгылоз. Аилазаара аилатәара далахәын Ахада иофициалтә саит акорреспондент.

 

"Аҿар аламырхәыкәа аҳәынҭқарра аҿиараҿы аихьӡарақәа зыҟалом", ― иҳәеит С. Багаҧшь. Аҧсны амчрақәа еснагь астудентцәеи аҿар реиҿкаарақәеи аус рыцура хықәкыс ирымоуп, убри азоуп изеиҿкаазгьы Ахада иҟны аҿартә политиказы Аилазаара. Ҳазҭагылоу аамҭазы аҿартә уаажәларратә палата аусура ахацыркразы азыҟаҵаратә усхққәа рхыркәшарахьы инеит. Уи адагьы Аҧсны Жәлар Реизара ахәаҧшраны иҟоуп "Аҿар рзы" азакәан апроект.

 

Ахада иҟны иҟоу аҿартә политиказы Аилазаара иалоуп аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа "Иҿоу Аҧсны" ахадацәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа Реидгыла, асоциалтә-демократиатә ҿар Реидгыла, жәларбжьаратәи аиҿкаара "Прорыв" аҧсуа ҟәша ахаҭарнакцәа.

 

07.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Адиаспорақәа ИАР Европатәи Аидгылеи рышҟа Аҳәынҭқарра асуверенитет азхаҵаразы ааҧхьара ҟарҵарц гәҭакыс ирымоуп

 

Аҟәа, Аҳәаанырцә иҟоу Аҧсны адиаспора хықәкыс иамоуп  Европатәи Аидгылеи, ИАР, егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рышҟа ааҧхьара аҟаҵара, иҳәеит Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь аҩашаҽны, Аҟәа аҿар данырҧылоз. Аиҧылара далахәын аҳәынҭқарра ахада Иофициалтә саит акорреспондент.

 

"Азхаҵара акрызҵазкуа политикатә хықәкуп, аха ари аус мзызс, шьаҭас иамоу аҭынчра аиқәырхароуп. Абри азҵаараҿы аҭынчра аиқәырхара иашьҭоу егьырҭ атәыла дуқәа ҳрыдгылаҩцәоуп", ― иҳәеит Ахада.

 

Аҧсны арепатриациазы ахеилак анапхгаҩы Анзор Мықәба излаиҳәаз ала, аҳәаанырцә иҟоу аҧсуа диаспора ахыҧхьаӡара 700 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҧсуа диаспорақәа ыҟоуп 52 тәыла рыҟны. Адиаспора агәыҧ дуқәа ыҟоуп Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи, иеиҳа имаҷуп, аха иуҧылоит иара убас Европа, Иеиду Америкатәи Аштатқәа рҿы, Канада, Сириа, Иорданиа.

 

Уажә аҧхьа адырраҭара ыҟан, жьҭаара 18, 2006 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизара ишаднакылаз УА ашҟа Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵарази ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларази ааҧхьара. Уи аҧхьа УА ашҟа абри аҩыза ааҧхьара ҟарҵахьан Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы. Иара убас, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь иҳәахьан Владимир Путин ишҟа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы аҳәара адәықәҵара хықәкыс ишимаз.

 

07.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны арратә зыҟаҵарақәа раан ауааҧсыратә ҳаиртә лаинерқәа реиҭаҵра алнаршоит

 

Аҟәа, Аҧсны арратә зыҟаҵарақәа раан  ауааҧсыратә авиациа атәыла иахьаҵанакуа аиҭаҵра алнаршоит ҳәа ааицҳауеит, Ахада иофициалтә саит аредакциахь атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ, Аҧсны Арбџьартә мчқәа рыштаб хада аиҳабы Анатолии Заицев.

 

Уажә аҧхьа иҟан адырраҭара, абҵара 6―30, 2006 шықәса рзы аҳауахьчареи арратә-ҳауатә мчқәа рыри ишымҩаҧырго инарҭбааны планла иазгәаҭоу азыҟаҵарақәа. Азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит амшынҿықә ахьчареи, амшыни аҳауеи рганахьала ианшәарҭаха ахыхьчаразы ашьцыларақәа аус рыдуларазы.

 

А. Заицев Қырҭтәыла ахылаҧшразы ИАР Амиссиа Аҧсны азыҟаҵарақәа раанкыларазы аҽҧынкыларақәа идимкылеит. ИАР Амиссиа агәаанагарала, азыҟаҵарақәа атәылауаа ҳауала реиҭаҵра ашәарҭара иҭанаргылар алшоит.

 

Аштаб хада аиҳабы агәра диргеит азыҟаҵарақәа атәылауаа рзы шәарҭара шрылам. "Ҳара ахысрақәа раан ашәарҭадара аҧҟарақәа реилагара алҳаршом",― иҳәеит А. Заицев. "Уадаҩрак цәырҵраны иҟаӡам аҧыррақәа рмаршрутқәа ҳара иаадыруазар. Усҟан ҳауала абжьысырҭа раҳҭоит", ― азгәеиҭеит иара.

 

А. Заицев иажәақәа рыла, аганқәа зегьы заа Аҧсны арратә зыҟаҵарақәа мҩаҧысраны ишыҟаз ала адырра рыҭан. Уа иазгәаҭан иарбан зыҟаҵара хкқәоу, ҟазшьас ирымоу, иара убасгьы аҳауатә зыҟаҵарақәа ртәгьы.

 

07.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны хықәкыс иамоуп ааҧынразы афымцеимадара ацәаҳәа ЕгрыАФС-Очамчыра аргылара алагара

 

Аҟәа, Аҧсны хықәкыс иамоуп 2007 шықәсазы, ааҧынразы  ЕгрыАФС инаркны Очамчыранӡа афымцеимадара ацәаҳәақәа рыргылара ҳәа ааицҳауеит  Аҧсны Ахада С. Багаҧшь Иофициалтә саит аредакциахь.

 

"Ари апроект Аҳәынҭқарра амрагыларатәи арегион фымцала аиқәыршәаразы   акырӡа аҵанакуеит. Уи анагӡара иалнаршоит, атранспорттә еимадара алзыршо ҭыҧны излаҟоу ала, Очамчыра афымцамчы  ааиҧмырҟьаӡакәа анагара", ― иҳәеит Ахада.
 

Ахада иофициалтә саит акорреспондент ишааицҳауала, аҳәынҭкомпаниа адиректор хада Резо Занҭариа ҳазҭагылоу аамҭазы 110 кВ амчра змоу Афымцеимадаратә цәаҳәа Егры АФС-Очамчыра аргыларазы апроект азырхиоуп. Афымцамч акомпаниа амыругақәа раахәареи, аргыларҭа ҭыҧ азырхиареи иалагоуп.

 

"Иааидкыланы, зынӡа иазгәаҭоуп 54 км инаӡо афымцеимадаратә цәаҳәа аргылара. Километрак ашьҭыхра 2,3 млн. мааҭ артәоит. Ари ала апроект ашәагаазы алкаа аҟаҵара алшоит", иҳәеит Р. Занҭариа. Аофициалтә саит аредакциа имҩаҧнагаз аҧхьаӡарала, афымцеимадара цәаҳәа аргылара 124 млн. мааҭ рҟынӡа инеиуеит.

 

Аҧсны 8,7 нызқь ҧшь.км ахьаҵанакуа аҭыҧ фымцамычла еиқәзыршәо ЕгрыАФС ауп. АЕС шьақәгылоуп 1450МВт амч змоу афымцаблокқәа хәба рыла. Ахархәара змоу астанциа амч 1200 МВт артәоит. Сааҭктәи 1кВт ахарџьҧса анаплакқәа рзы 0,4 мааҭ артәоит, ауааҧсыра рзы ― 0,18 мааҭ, алархәразы ахарџьҧса шьақәыргылаӡам. Аҧсны ахатә фымцамчқәа 5-6 шықәса рыҩныҵҟа иазхартә иҟоуп. Аҳәынҭқарра афымцамч ҿыцқәа рыдкылара иазхиоуп, имыцхәу афымцамчы  Краснодартәи атәылаҿацә аархәара алыршахоит.

 

07.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада Жәларбжьаратәи архелогиатә конференциахь адныҳәалара дәықәиҵеит
 

Актәи Жәларбжьаратәи археологиатә конференциа ”Кавказ Амшынеиқәаҿықәтәи ажәытәӡатәи акультурақәеи ааигәа иҟоу арегионқәа ркультураu

Актәи Жәларбжьаратәи археологиатә конференциа ”Кавказ Амшынеиқәаҿықәтәи ажәытәӡатәи акультурақәеи ааигәа иҟоу арегионқәа ркультураu

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь Актәи Жәларбжьаратәи археологиатә конференциа "Кавказ Амшынеиқәаҿықәтәи ажәытәӡатәи акультурақәеи ааигәа иҟоу арегионқәа ркультурақәеи реинырра. Акультуратә ҭынха аиқәырхара" иалахәу рыхьӡала адныҳәалара дәықәиҵеит. Аконференциа аатит аҩашаҽны, Аҟәа. Уи аҧсуа ҵарауаҩ Иу. Воронов 65 шықәса ихыҵра иазкуп, абас адырраҭара ҟаиҵоит Ахада Иофициалтә саит акорреспондент.

 

"Аҧсны аиҳабыра аҵарауаа ражәалагала иадгылеит, избанзар жәларбжьаратәи археологиатә конференциа ааиҧмырҟьаӡакәа амҩаҧгара ахәҭоуп ҳәа иаҧхьаӡоит. Ҳара ҳгәаанагарала, уи иалнарашоит аҵарауаа реимадара, реиҿцаара, археологиатә ҭҵаарақәа рырҭбаара, аҵаруаа ҿарацәа ижәытәӡатәу аҭоурыхи археологиеи рыҭҵаара иаднаҧхьалоит", ― аҳәоит Ахада идныҳәалараҿы.

 

Аконференциа мҩаҧысуеит  2006 шықәса, абҵара 7 инаркны 10 нӡа. Уи аиҿкааҩцәас иқәгылеит Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчаразы Аусбарҭа, Аҧсуа ҭҵааратә институт, Аҧсны аҳәынҭқарратә музеи. Аконференциа иалахәуп 100-ҩык инареиҳаны Урыстәыла, Польша, Украина, Германиа аҵарауаа.

 

Иу. Воронов ― аҧсуа ҭоурыхҭҵааҩуп, археологуп, иеицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩуп. Иу. Воронов дҭахеит,1995 шықәса цәыббра мзазы.

 

Аҩашаҽны Аҟәа имҩаҧысит Иу. Воронов ибаҟа аартра. Ацеремониа иалахәын Аҧсны Ахада С. Багаҧшь, аҧыза-аминистр А. Анқәаб, Жәлар Реизара ахантәаҩы Н. Ашәба, Аҧснытәи, аҳәаанырцәтәи аҵарауааи ауаажәларратә усзуҩцәеи.

 

07.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Ахадеи ИАР амаӡаныҟәгаҩ хада иҷыдоу ихаҭарнаки аиҿцәажәаратә процесс ахацыркра азҵаара иалацәажәеит

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ахашаҽны дидикылеит ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭыҧаҿы ИАР амаӡаныҟәгаҩ хада иҷыдоу ихаҭарнак Жан Арно. Ашәқәа аркны имҩаҧысуаз аиҧылараҿы иалацәажәон  ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭышәныртәалареи аиҿцәажәаратә процесс ахацыркреи ралыршара  азҵаарақәа.

 

Жан Арно Ахада иҧылара ашьҭахь ажурналистцәа иреиҳәеит, "жәларбжьаратәи аилазаара 1994 шықәсазтәи Москватәи аиқәшаҳаҭра анагӡара хылаҧшра аҭара шалшо". "Аибашьра ахацмыркра зегь реиҳа ҳара ҳгәы иҵхо зҵаараоуп", — иҳәеит ИАР амаӡаныҟәгаҩ хада иҷыдоу ихаҭарнак.

 

Кәыдрытәи аҩхааҿы ақыҭа Ажара  иҟаз ахҭыс азы Ж. Арно иҳәеит: " Кәыдрытәи аҩхааҿы ахысра ҟазҵаз азҵаара аҭак ИАР иазыҟаҵаӡом" ҳәа. Уи игәалаиршәеит ИАР арратә хылаҧшыҩцәа ахҭыс анҭырҵаа ашьҭахь иҟаҵаз аихшьала ишаҳәо, ахысра мҩаҧысит ҳәа Аҧсны Аҳәынҭқарра иаҵанамкуа аҭыҧ аҟнытә. Убри аан ИАР амаӡаныҟәгаҩ иҷыдоу ихаҭарнак иҳәеит, аус аилыргара иацҵахар ахара зду дшышьақәыргылахо азы агәыҕра шимоу.

 

ИАР Амиссиа  иатәу арратә хылаҧшыҩцәа Қырҭтәыла ари ахҭыс аусҭҵаара мҩаҧыргеит, иагьышьақәдыргылеит ахысра аҧсуа ган аҟнытә ишыҟамлаз.

 

Ашьҭахь ақыҭа Ажара ракетала алахысразы аҭакҧхықәра ихахьы игеит Кәыдрытәи аҩхааҿы ҧаса Қырҭтәыла ахада изиннаӡа змаз Емзар Квициани. Гал араион аҟны Аҧсны Ахада изиннаӡа змоу ахаҭарнак Руслан Қьышьмариа игәаанагарала,  Е. Квициани Қарҭ аинтересқәа ихьчоит. "Уажәы ИАР Ашәарҭадаратә Еилазаара арезолиуциа анагӡаразы Қарҭ ақәыҕәҕәара еиҳахеит азы Кәыдрытәи аҩхааҿы аибашьра ахацыркра ауп Қырҭтәыла арбџьартә мчқәа хымҧада рыҟазаара аҭахны иҟазҵо", — ҳәа игәы иаанагоит Р. Қьышьмариа.

 

03.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Планла иарбоу инарҭбааны арратә зыҟаҵарақәа Аҧсны имҩаҧысраны иҟоуп абҵара 6-30 рзы

 

Аҟәа, Аҧсны аҳауахылаҧшра азҭо ари, арратә-ҳауатә мчқәеи инарҭбааны разыҟаҵара мҩаҧысраны иҟоуп 2006 шықәса абҵара 6 инаркны 30 нӡа, абас ааицҳаит Ахада Иофициалтә саит ахьӡала Аҧсны Арбџьартә мчқәа рыштаб хада аиҳабы Анатолии Заицев.

 

Уи излаиҳәаз ала, азыҟаҵарақәа планла иарбоуп, Аҧсны иахьатәи аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәалаӡам. "Азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара аамҭа азгәаҭан ҵыҧх, Аҧсны Арбџьартә мчқәа реиҕьтәреи, рырҿыцреи ирыдҳәалоуп", — иҳәеит А. Заицев.

 

Азыҟаҵарақәа раан аҳауаҿи амшын аҿи аибашьышьа аҧышәа  аус адулахоит. Иаҳҳәап, аҽазыҟаҵарақәа раан аҳауа хылаҧшра аҭара, аҳауаҿы аҕа иҭархара, аҕа иҳаиртәарҭақәа авиациала реихсышьа аҵара, уҳәа убас егьырҭгьы. Уи аҧхьа Аҧсны Ахада аҳәамҭа ҟаиҵахьан азыҟаҵара бзиа змоу, иахьатәи аамҭа иақәшәо, атәылауаа ршәарҭадареи, иааидкыланы арегион зегьы аҭышәныртәалара алзыршо  арбџьартә мчқәа разыҟаҵара хықәкы хаданы ишиҧхьаӡо.

 

03.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны иалшоит арацәаҵыхра аусхк азы аинвестор ҿыц иадҧхьалара

 

Аҟәа, Аҧсны, Тҟәарчал араион аҟны арацәаҵыхразы ҭырқәтәылатәи "Тамсаш" (Tamsas) аҭыҧан аҳәаанырцәынтәи аинвестор ҿыц иадҧхьалара алшоны иабоит. Абас иҳәеит Аҳәынҭқарра аҧыза-аминистр Алеқсандр Анқәаб аиҳабыра реилатәараҿы, ҳәа ааицҳауеит Ахада Иофициалтә саит акорреспондент.

 

Ҳазҭагылоу аамҭазы ҭырқәтәылатәи арацәаҵхырҭатә компаниа "Тамсаш" Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭа аус адуло Аҧсны арацәаҵхра усхк анапахьы иагеит. Ари акомпаниа Тҟәарчалтәи араион абиуџьетаҧҵара иацхраауеит.

 

Аҧыза-аминистр иазгәеиҭеит, ҭырқәтәылатәи акомпаниа Аҧсны аиҳабыреи аҭыҧантәи амчрақәеи  иқәдыргылаз аекологиатә ҭахрақәа азынамыгӡаӡеит ҳәа. "Тамсаш" анапы злаку ааглыхра аҧсабара иазеицәоу аусхкқәа минималла рырмаҷра алымшеит. Тҟәарчал ауааҧсырагьы ргәы иҵхоит аӡиас Аалӡга арацәа ацәынхақәа иахьдырхәашьыз. "Тамсаш" араион аҧаралагалараҿы ихадароу аҭыҧ шамоугьы, анаплакы аҿы аҭыҧантәи ауааҧсыра усурҭас ишрымоугьы, уи иаланхогьы аиҳабырагьы аҳәара ҟарҵоит ааглыхра аанкыларазы.

 

Тҟәарчал иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы Жәлар Реизараҿы, араион аекологиатә ҭагылазаашьа зеиҧшроу ииашаны ашьақәыргыларазы иаҧҵоуп ҷыдалатәи акомиссиа. Акомиссиа иҟанаҵаз аихшьалақәа рыла иӡбоуп ҭырқәтәылатәи акомпаниа аусура иацнаҵарц, избанзар, уи ашәахтә хыҧхьаӡалақәа, шамахамзар, араион абиуџьет шьақәзыргыло ауп. Убри аан, адепутатцәа аинвестор идырҵеит максималла арацәаҵыхра аҧсабара иазеицәоу аусхкқәа хылаҧшра рыҭара. Ус анакәымха, А. Анқәаб излаиҳәо ала, арацәаҵыхра усхк аҳәаанырцәтәи акомпаниа ҿыц  анапахьы ииасыр алшоит.

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь уи аҧхьа аҳәамҭа ҟаиҵахьан 1992—1993шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҧхасҭа зауз мрагыларатәи ахәҭа аиҭашьақәыргылареи аҿиареи аиҳабыра аусураҿы хадара змоу ак акәны ишыҟоу. Аҳәынҭқарра хықәкыс иамоуп амрагыларатәи ахәҭа аиҭашьақәыргыларазы аҧара рацәаны азоужьра. Иара убас аиҳабыра аҽазышәарақәа ҟанаҵоит амрагыларатәи арегионқәа аҧаразшәара аҭагылазаашьа аҟнытә рхала ахныҟәгарахь риагаразы.

 

03.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Квициани Қарҭ аинтересқәа дрықәныҟәоит - Ахада изиннаӡа змоу ахаҭарнак

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада  Гал араион аҟны изиннаӡа змоу ахаҭарнак Руслан Қышьмариа излаиҳәо ала, аҭыҧантәи ауааҧсыреи Қырҭтәыла арбџьартә мчқәеи рыбжьара аибашьра ишалаго  ала имақаруа ашәанцәа рхада, Кәыдрытәи аҩхааҿы Қырҭтәыла Ахада изиннаӡа змоу Емзар Квициани Қарҭ аинтересқәа ихьчоит.

 

Ахаша ауха Аҧсуа телехәаҧшра иҟанаҵеит Квициани ивидеоааҧхьара. Уа излаиҳәо ала, Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вано Мерабишьвили иеихсразы аҭакҧхықәра иара ихахьы игеит. Е. Квициани Қырҭтәыла арбџьартә мчқәа арегион иалыргаразы ааҧхьара ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, Кәыдрытәи аҩхааҿы аҿагылара ҟазҵо ашәанцәа аӡын ааигәахеит азы ҵаҟа ақыҭақәа рахь илбаауеит.

 

Ахада иофициалтә саит аинтервиу аҿы Р. Қьышьмариа излаиҳәо ала, Е. Квициани ақырҭқәа дырҿагыланы дшықәгылозгьы уи Қарҭ аинтересқәа ихьчоит. "Кәыдрытәи аҩхааҿы аибашьра ахацыркрала Қырҭтәылатәи арбџьартә мчқәа уа рыҟазаара аҵаҵҕәы шьақәырҕәҕәахоит, избанзар уажәы Қарҭ ИАР Ашәарҭадаратә Еилазаара арезолиуциа анагӡаразы иҵегьы ақәыҕәҕәара аиууеит", — иҳәеит Р. Қьышьмариа.

 

Гал араион аҟны Ахада изиннаӡа змоу ахаҭарнак агәра ганы дыҟоуп, Е. Квициани хықәкы хаданы имоуп ақырҭуа ар арегион аҿы рыҟазаара аҵаҵҕәаҭара, аришара."Кәыдрытәи аҩхааҿы аибашьра иалагар, ауааҧсыреи атехникеи ралымгара акәым, иалагалатәхоит. Қырҭтәыла уа ахырҕәҕәарҭа злаҟанаҵо ала, хымҧада аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭоуп", — ҳәа игәы иаанагоит Р. Қьышьмариа. 

 

Уи Кәыдрытәи аҩхааҿы аҭагылазаашьа аибарххаразы аҧсуа ган ахара адырҵар ҳәа дацәшәоит. "Ари ҳзышьцылоуп. Уа иаамҩаҧысуа зегьы азы аҧсуа ган ахара адырҵоит. Аус аҿы — аҭыҧантәи ауааҧсыреи ақырҭуа мчрақәеи реиҿагылароуп иҟаҵәҟьоу", —иҳәеит Р. Қьышьмариа.

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь изныкымкәа уажә аҧхьа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аҟәа ақырҭқәеи ашәанқәеи реимак аҽшаланамгало. Аҳәынҭқарра амчрақәа изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит Е. Квициани изаҟаразаалак идгылара шыҟамло.

 

03.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада Урыстәыла амуфтиақәа Реилазаара анапхгаҩы имҩаҧиго абжьаҟазаратә политика адгылара аиҭоит

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь адгылара аиҭоит Урыстәыла амуфтиақәа Реилазаареи уи ахантәаҩы амуфтии ашеих Равиль Гаинутдини  имҩаҧырго абжьаҟазаратә политика.

 

"Шәаргьы, шәара ишәзааигәоугьы имҩаҧыжәго абжьаҟазаратә политика Аҧсны ахә ҳаракны иршьоит", — иҳәеит Аҧсны Ахада Р. Гаинутдини Урыстәыла амуфтиақәа рделегациеи рҧылараан аҧшьашаҽны, Аҟәа.

 

"Аҧсны инхоит згәы разу, иқьиоу ауаа. Урҭ ирҭахуп  ара еиуеиҧшым анцәахаҵарақәа змоу ауаа ҭынч, ҕыҕеибакрада ирыцынхаларц. Аибачҳара ара ҳаҧсҭазааразы ихадароу акоуп", — иҳәеит С. Багаҧшь.

 

Аҳәынҭқарра анапхгаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Р. Гаинутдин жәытәнатәаахыс милаҭрацәала иеилаз, еиуеиҧшым анцәахаҵарақәа змаз ауаа рыла ишьақәгылаз , ашәышықәсақәа рҟынтәи иаауа аҵасеибачҳаратә традициақәа змоу Аҧсны  дахьаҭааз.

 

Р. Гаинутдин иҳәеит, Аҧсны амчрақәа анцәахаҵаратә еибачҳара атрадициақәеи аҧсуа уаажәларра рдоуҳатә мазареи реиқәырхара  аполитика шымҩаҧнаго. "Ҳара арахь ҳаара  ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи аизыразреи еиқәырханы измоу Аҧсны жәлар ҳаҭыр рықәҵареи, рыдгылареи иазҳәоуп", — иҳәеит иара.

 

Урыстәыла амуфтиақәа Реилазаара ахантәаҩы иҳәеит урыстәылатәи амсылмантә еиҿкаарақәа ртәы. Р. Гаинутдин ҷыдала иазгәеиҭеит, анцәаимаҵзуҩцәеи аҳәынҭқарратә мчрақәеи реимадарала ишалыршахо ауаажәларра рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара. "Абас еиҧш аусеицра иабзоураны Урыстәыла иалыршахеит адинбжьаратә еизыразреи аҭынчреи", — иҳәеит амуфтии.

 

Р. Гаинутдин аиҧылара аихшьала ҟаҵо ажурналистцәа иреиҳәеит, Урыстәыла амсылманқәа Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәа гәцаракра ду шарҭо. "Ҳара шәыуаажәлар адгылара раҳҭоит. Қарҭнтәи иааиҩуа амақаррақәа ҳара ашәареи агәаҽанызаареи ҳазцәырыргоит. Иахьа изызхәыцтәу раҧхьаӡа иргыланы ашьа акамҭәароуп, избан акәзар уи трагедиахоит аҧсуаа рзы  адагьы, ақырҭқәа рызгьы. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара ааҧхьара аҳҭоит аиҿцәажәара ахацыркразы. Ҳара адгылара раҳҭоит Аҧсны ҳанцәахаҵара ныҟәызго зегьы. Аринахысгьы ҳаиҩызара иацаҳҵалоит", — иҳәеит Р. Гаинутдин.

 

Аҧсны ауааҧсыра реиҳараҩык аиашахаҵара ныҟәыргоит. Аҧсны ҭоурыхла иқьырсиану тәылоуп: раҧхьатәи ақырсиантә уаажәларрақәа Аҧсны ицәырҵит IV ашәышықәса ҳ.ҟ. Аҧсны иқәынхо амсылмантә еилазаарақәа  рхыҧхьаӡара 250 рҟынӡа инаӡоит. Аҧсны аамҭақәа зегьы раан адинхаҵаратә еибачҳара аҳра ауан. Аиашахаҵареи, ислами рыдагьы, Аҧсны ауааҧсыра рыҩныҵҟа иҟоуп акатолицизми, апротестантреи, иудаизми ныҟәызгогьы.

 

02.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европа Аилазаара Ашәарҭадаратә Еиҿкаареи рышҟа Алада Уаҧстәыла аганахьала Қырҭтәыла иҟанаҵаз агеноцид азхаҵаразы

 

Аҟәа, Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәим аилатәараҿы аҧшьашаҽны Алада Уаҧстәыла ИАР ихадоу амаӡаныҟәгаҩ Кофи Аннани ЕААЕ ахантәаҩы Карел де Гухту рышҟа  Қырҭтәыла ауаҧс жәлар зҭанаргылаз агеноцид азхаҵаразы иҟаҵаз ааҧхьара иадгылеит. Аҧсны иара убас, аус ауеит Қырҭтәыла аганахьала аҧсуа жәлар ирхыргаз агеноцид афактқәа аизгара иаҿу агәыҧ.

 

Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәим аилатәара иаҭан Аҧсни Алада Уаҧстәылеи Рхадацәа Сергеи Багаҧшьи Едуард Кокоитыи. Аизара иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала агеноцид иалаӡыз аҧсуа жәлари ауаҧс жәлари ргәаладыршәеит.

 

Алада Уаҧстәыла Жәлар Реизара ахашаҽны ИАР ихадоу амаӡаныҟәгаҩи ЕААЕ ахантәаҩи рышҟа 1920 шықәсеи 1989—1992 шықәсқәеи раан Қырҭтәыла аганахьала ауаҧс жәлар ирхыргаз агеноцид азхаҵаразы, иара убас алада уаҧстәылаа ирхыргаз агеноцид азы Қырҭтәыла азинтә, аморалтә ҭакҧхықәра адырҵаразы аҳәара ҟанаҵеит.

 

Аҧсны Жәлар Реизара Алада Уаҧстәыла адгыларазы иаднакылаз ақәҵараҿы иарбоуп 1920 шықәсеи 1989—1992 шықәсқәа раан, иара убас 1992—1993 шықәсқәа раантәи ахҭысқәа аполитикатә-зинтә хәшьара рыҭара.

 

”Ҳара ақырҭуа политикцәа аимак ҭынч мҩала аӡбаразы агәаҳәара рыманы иаабаӡом”, — иҳәеит аилатәараҿы, Алада Уаҧстәыла Ахада.

 

Е. Кокоиты далацәажәеит иара убас, Украина Атәылахьчара аминистрра, ақырҭуа-аҧсуа еимаки ақырҭуа-ауаҧс еимаки рҭыҧқәа рахь украинатәи  абжьаҟазацәа рдәықәҵаразы иҟанаҵаз аҳәамҭа. ”Ҳара хықәкыс иҳамаӡам аформат аҧсахра, урыстәылатәи абжьаҟазацәа аимак ҭышәынтәалахаанӡа рҭыҧ аҿы иҟазаауеит”, — иаҵшьны иазгәеиҭеит уи.

 

Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿцәажәара алзыршо форматны иҟоу ақырҭуа еиҿкаарақәа Кәыдрытәи аҩхаа ралгара шакәу.

 

02.11.2006  abkhaziagov.org

 

Қырҭтәыла Аҧсны Урыстәыла адҵаразы (аннексиа) иҟанаҵаз аҳәамҭа ҵаҵҕәыдоуп — Багаҧшь

 

Аҟәа, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ақырҭуа ган Аҧсны Урыстәыла адҵаразы иҟанаҵаз аҳәамҭа ҵаҵаҕәыдоуп, аимак ҭынч мҩала аӡбара иаҧырхагоуп ҳәа иҧхьаӡоит."Аҧсны ихьыҧшы Хәынҭқарроуп, ус иагьаанхоит", — иҳәеит С. Багаҧшь, Иофициалтә саит аинтервиу анаиҭоз.

 

"Иҟоуп аҧсуа уаажәларра ргәаанагара, уи иаҳәоит ҳара ҳтәыла исуверентәу ҳәынҭқарроуп ҳәа. Ақырҭуа ган  Аҧсны амчрақәа рхы иақәиҭым ҳәа ирымоу ахыҭхәыцаарақәа, ҵакыдоуп, раҧхьаӡа иргыланы, иара убас, ампыҵахаларатә ҟазшьа змоу ажәахыркрақәа аиҿцәажәаратә процесс иаҧырхагоуп", — иҳәеит ахада.

 

Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аҧсни наҟ-ааҟ ирзыфеидоу, аҩ-ганк ринтересқәа азгәазҭо аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп ҳәа.

 

Ишәгәалаҳаршәоит, УА Ахада Владимир Путин ишазгәеиҭахьоу Москва  Аҧсны анапахьы аагара хықәкыс ишамам атәы. Ахашаҽны, абҵара мза 1 азы УА атәылахьчара аминистр Сергеи Иванов абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит. "Урыстәыла хықәкыс иамаӡам Аҧсни Алада Уаҧстәылеи аннексиа рзура, аха егьи аганахьала ҳара ҳаҿагылоит Қырҭтәыла еибашьрала ари апоблема аӡбаразы иҟанаҵо аҽазышәарақәа", — иҳәеит УА Атәылахьчара Аминистрра анапхгаҩы ателеканал Russia Today  аинтервиу аҿы.

 

Иара убас Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр С. Шамба Ахада Иофициалтә саит аредакциа аинтервиу анаиҭоз иазгәеиҭеит, Аҧсны исуверентәу ҳәынҭқарраҵас аҿиара ишаҿу, уи Урыстәыла алаӡҩара ҟалашьа амаӡам ҳәа. " Ҳара Урыстәыла иадаагалоит ассоциациатә еизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны зинла иеиҟароу аусеицура. Абри ауп иаҳәо Аҧсны Жәлар Реизара УА анапхгара ашҟа иҟанаҵаз ааҧхьарагьы", —  иҳәеит С. Шамба.

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр иажәақәа рыла, УА атәылахьчара аминистр иҳәамҭа, раҧхьаӡа иргыланы иаҳәо Урыстәыла аимак ҭынч мҩала аӡбара ишадгылоу атәоуп.

 

02.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахадеи Алада Уаҧстәыла Ахадеи Қырҭтәыла Ахада иҧылара иазхиоуп Қарҭаа знапы аҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ианықәныҟәа

 

Аҟәа, Аҧсны Ахадеи Алада Уаҧстәыла Ахадеи Қырҭтәыла Ахада иҧылара иазхиоуп, ақырҭуа ган уаанӡа знапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны ахахьы иагаз ахыдҵақәа рынагӡара ианалага.

 

Абас аҳәоит С. Багаҧшьи Е. Кокоитыи  аҧшьашаҽны, Аҟәа,  Алада Уаҧстәыла Ахада иофициалтә визит анымҩаҧысуаз официалла алаҳәаразы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра (коммиунике). Адокумент аҿы иазгәаҭоуп Қырҭтәыла Ахада Алада Уаҧстәыла Ахада ишидигалаз аимак ахьыҟоу азҵаарақәа рыӡбаразы аиҧылара.

 

"Аҧсны Ахадеи Алада Уаҧстәыла Ахадеи ҷыдала иазгәарҭеит Қырҭтәыла Ахада иҧылара  уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла иамоу ахыдҵақәа хымҧада рынагӡара шьаҭас измоу аиҿцәажәаратә процесс арҽеира ашьҭахь имҩаҧысроуп ҳәа. Уи азы, раҧхьаӡа иргыланы, Қырҭтәыла арбџьартә мчқәа Кәыдрытәи аҩхааи ақырҭуа-ауаҧстә еимакы аҭыҧи рыҟнытә иалгатәуп, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара апроцесс шьақәзырҟьо иарбанзаалак хымҩаҧгашьак ҟамлароуп", — аҳәоит аиқәшаҳаҭраҿы.

 

Аҧсни  Алада Уаҧстәылеи Рхадацәа аиқәшаҳаҭраҿы аӡбахә рҳәеит урыстәылатәи аган иҟанаҵаз ажәалагала атәы — Урыстәыла Ахада Владимир Путин Қырҭтәылеи, Аҧсни, Алада Уаҧстәылеи алархәны Шәача ҧшьганктәи аиҧылара амҩаҧгаразы арҭ аҳәынҭқаррақәа ааҧхьара риҭеит. "Рыцҳарас иҟалаз, ас еиҧш аиҧылара М. Саакашьвили дазхиамызт",— абас азгәаҭоуп акоммиунике аҿы.

 

"Аимакқәа змоу аганқәа агәреибагара анрыбжьам, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ас еиҧш аиҧылара иалахәра уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара алзыршоз акы акәхон",— ҳәа рыҧхьаӡоит Аҧсни Алада Уаҧстәылеи Рхадацәа.

 

Адокумент аҿы иазгәаҭоуп, Кырҭтәылаа "Аҧсны иахцоу аиҳабыра" раҧҵара, Алада Уаҧстәыла Ахада "иальтернативтәу иалхарақәа" реиҿкаара уҳәа реиҧш иҟоу ахымҩаҧгашьақәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иаҧырхагоуп, ацәгьаҧышәара иазкуп.

 

Аҧсни Алада Уаҧстәылеи изларыҧхьаӡо ала, ”аимак аӡбаразы акрызҵазкуа шьаҿаны иҟоуп аганқәа рыбжьара аибашьра ахацмыркразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, уи азы, хымҧада, аганқәа зегьы аимак ҭынч мҩала аӡбара хықәкыс ишрымоу ала агәрагара ыҟазаруоп. Абри инадҳәаланы абжьгарақәа ҟарҵоит аиҿцәажәаратә процесс иалахәу зегьы.

 

02.11.2006  abkhaziagov.org

 

 ҚУАМ ар ахаан Аҧсны алагалара ҟалаӡом — Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра ахада

 

Аҟәа, Украина атәылахьчара аминистрра абжьаҟазаратә контингент "Адемократиеи аекономика аҿиареи рзы аиҿкаарақәа" (иаҧҵоуп ҚУАМ атәылақәа — Қырҭтәыла, Украина,  Азербаиџьан, Молдавиа рыла) Аҧсны ралагаларазы агәҭакқәа ҟалашьа змам роуп. Абас иҳәеит Аҧсны Ахада Иофициалтә саит аинтервиу аҿы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба.

 

Атәыла адәныҟатәи аусқәа рнапхгаҩы дахцәажәеит, ааигәа Украина атәылахьчара аминистр Анатолии Гриценко иҟаиҵаз аҳәамҭа. Уи излаҳәо ала, 2007 шықәса актәи азбжазы Аҧсны, Алада Уаҧстәыла, Приднестровие иҟоу абжьаҟазацәа рыҧсахра алшоит ҚУАМ атәылақәа рыртә контингент ала.

 

"Уи ахаан ҟалашьа амаӡам", — абас иҳәеит С. Шамба, Аҧсны абжьаҟазаратә мчқәа рыҧсахразы ҚУАМ иамоу агәҭакқәа дрыхцәажәо. "Ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭыҧаҿы абжьаҟазаратә операциақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаҧгахо иарбанзаалак аиҭакрақәа аҩ-ганк ақәшаҳаҭзароуп. Ҳара иалҳаршаӡом Аҧсны атәым ҳәынҭқаррақәа рыр алагалара", — иҳәеит С. Шамба.

 

"Аҧсны азыразуп урыстәылатәи абжьаҟазаратә операциақәа ирымоу алҵшәақәа, урҭ рыҧсахразы азҵаара ақәыргыларагьы хықәкыс иҳамаӡам", — иазгәеиҭеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр. "Аха, ихадароу, абжьаҟазаратә мчқәа, мамзаргьы аиҿцәажәаратә процессқәа ирыдҳәалоу аиҭакрақәа рымҩаҧгара аналшо иара абжьаҟазаратә процесс аныҟоу ауп. Уи аанкылахоит Қырҭтәыла ИАР Ашәарҭадаратә Еилазаара арезолиуциа анагӡара иалагаанӡа", — иҳәеит аминистр.

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь уи аҧхьа агәра ганы иҳәеит абжьаҟазаратә мчқәа Аҳәынҭқарраҿы ишаанхо. "Ҳара мап ацәаҳкуеит абжьаҟазаратә мчқәа ралгара, мамзаргьы абжьаҟазаратә контингент аинтернационализациа азура. Арҭ ашықәсқәа зегьы абжьаҟазаратә мчқәа ирыбзоураны аибашьра хацыркымызт. Урҭ рхықәкы нарыгӡеит", — иҳәеит Ахада.

 

ИАР Ашәарҭадаратә Еилазаара 2006 шықәса жьҭаара мзазы ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭыҧ аҿы абжьаҟазаратә мчқәа рмандат иацнаҵеит 2007 шықәса мшаҧымза 15 нӡа. "Аилазаара ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла иҟоу ИАР ахылаҧшыҩцәа Рмиссиеи ИАР иатәу абжьаҟазаратә мчқәеи русеицура аҵак ду, избанзар урҭ ҳазҭагылоу аамҭазы аимак аҭышәныртәалара  рылшоит", — абас аҳәоит ИАР Ашәарҭадаратә Еилазаара арезолиуциаҿы. Ашәарҭадаратә еилазаара, иара убас Қырҭтәыла ашҟа ааҧхьара ҟанаҵеит Кәыдрытәи аҩхаа ар алыргаразы, аибашьратә ажәахыркрқәеи ацәгьаҧышәарақәеи рыҟнытә рҽааныркыларц азы.

 

02.11.2006  abkhaziagov.org

 

 2007 шықәсазтәи Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет апроект иазҧхьагәанаҭоит ахашәалақәеи аныхтәқәеи 37% реизҳара

 

Аҟәа, Аҧсны аҧыза-аминистр Алеқсандр Анқәаб ахашаҽны аиҳабыра реилатәараҿы аекономика аҟәша аминистрцәа ҩымш риҭеит 2007 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет апроект алгаразы, абас ааицҳауеит Аҧсны Ахада Иофициалтә саит акорреспондент. Апроект излазгәанаҭо ала, 2006 шықәсазы 1,236 млрд. мааҭ рҟынӡа иҟаз аплан иаҿырҧшны 2007 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәеи аныхтәқәеи 37% ирызҳароуп.

 

Аиҳабыраҿы аҳәынҭқарратә проект аус анадырула нахыс уи дәықәҵахоит жәлар реизарахь, адепутатцәа ианышьақәдырҕәҕәа ашьҭахь, ”2007 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет” Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ишҟа инагахоит инапы аҵаиҩразы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада Иофициалтә саит аредакциа аинтервиу анаиҭоз 2007 шықәсазтәи абиуџьет ашәагаа  ибзиоуп ҳәа азиҳәеит. ”Аҧсны аганахьала макьана  аекономикатә санкциа шаҧыхымгьы, аекономика аизҳараҿы арбага ҳаракқәа раарҧшра ҳалшоит. Аҳәынҭқарратә биуџьет ашәага-зага хадақәа раҳаракра —
аекономика ашьҭыҵра шаҳаҭра азызуа акоуп, — иаҳәеит Аҧсны Ахада.

 

Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет 2007 шықәсазы ирдыркылараны иҟоуп ибалансыркны, ахашәалақәеи аныхтәқәеи 1,236 млрд мааҭ ираҟараны. Ҽааны абиуџьеттә политикаҿы ихадараны иҟалоит агәабзиарахьчара, аҵараиура, атәылахьчара, азинхьчаратә усура.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистрраҿы ахада иофициалтә саит акорреспондент ишиарҳәаз ала, 2007 шықәсазтәи абиуџьет ахашәалақәа реилазаарахь иааираны иҟоуп аҳазалхратә ҳазақәа рыҟнытә 219,021 млн. мааҭ, ахәҧсацҵахьтә ашәахтә аҟнытә — 186, 086 млн. мааҭ, ауааҧсыра рыҟнытә ахашәалахәтә шәахтә — 103,278 млн. мааҭ, анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи, абанкқәеи рхашәалақәа рахьтә ашәахтәқәа рыҟнытә —  87,735 млн. мааҭ, агьырҭ ашәахтәқәеи аизгақәеи рахьтә — 449,239 млн.мааҭ.

 

Аҧсны аҳәынҭбиуџьет аныхтәқәа рыҟнытә 2007 шықәсазы азинхьчаратә усбарҭақәеи, апрокуратуреи, аӡбарҭақәеи ирхыҧхьаӡалахо 290, 758 млн. мааҭ артәоит, атәылахьчаразы —  187,516 млн. мааҭ, аҵараиуразы — 84, 315 млн. мааҭ, агәабзиарахьчара  — 42, 992 млн. мааҭ,  аремонттә-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы — 51,65 млн. мааҭ, аҵарадырразы — 30,853 млн. мааҭ, АИХ рзы — 18,671 млн. мааҭ, ақыҭанхамҩазы — 6,335 млн. мааҭ, жәлар рынхамҩа иазкхо аинвестициақәа 3млн. мааҭ артәоит.

 

2006 шықәсазтәи Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет азакәан инақәыршәаны абиуџьет ахашәалеи аныхтәи 901 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 

02.11.2006  abkhaziagov.org

 

 Алада Уаҧстәыла Ахада официалтә визитла Аҟәа даҭаауеит

 

Аҟәа, Аҧшьашаҽны, жьҭаара 2 инаркны Аҧсны официалтә визитла даҭаауеит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Едуард Кокоиты. Шьыжьымҭан ареспублика анапхгаҩы дидикылоит Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь. Уи ашьҭахь имҩаҧысраны иҟоуп Е. Кокоитыи Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи.

 

Ахада Иофициалтә саит аредакциа ашҟа ишаарыцҳаз ала, Е. Кокоиты хықәкыс имоуп С. Багаҧшьи адепутатцәеи Қырҭтәыла аганахьала ауаҧс жәлар ирхыргаз агеноцид афактқәеи, Алада Уаҧстәыла ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьеи, Ареспублика Ахада иалхрзы имҩаҧысраны иҟоу абжьыҭирақәеи, ахьыҧшымразы ареферендуми рзы адырра рыҭара. Ауаҧсаа рнапхгаҩы ивизит иалыршаны иазҧхьагәаҭоуп аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аҵарадырреи акультуреи рыҟәшаҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

 

Ишәгәалаҳаршәоит, 2006 шықәса жьҭаара 12 рзы Алада Уаҧстәыла имҩаҧысраны ишыҟоу атәыла ахада иалхразы абжьыҭиреи Алада Уаҧстәыла ахьыҧшымреи Урыстәыла алалареи рзы ареферндум. Аҧсны исуверентәу демократитә ҳәынҭқарраны, жәларбжьаратәи азин иасубиктны ишыҟоу ала рылазҳәаз Аҧсны Аконституциазы ареферендум мҩаҧысит1999 шықәса жьҭаара 3 рзы. Аҧсны Жәлар Реизара  2006 шықәса жьҭаара 18 рзы иаднакылеит УА ашҟа Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵареи Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ааҧхьара. Уи аҧхьа УА ашҟа ааҧхьара дәықәырҵахьан Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа.

 

Аҧсни Алада Уаҧстәылеи аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп, аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп иара убас, аҩ-ҳәынҭқаррак рахьтә руак аҟны аибашьра ианалага ацхыраара аҭара азҧхьагәазҭо. Аҩ-ҳәынҭқаррак ”Ажәларқәа рзинқәеи рдемократиеи” Аидгылара иалахәуп. Аҧсни Алада Уаҧстәылеи русеицура аполитикатә ҵак ду амоуп: аҩ-ҳәынҭқаррак рхьыҧшымра азхаҵара иазықәҧоит.

 

01.11.2006  abkhaziagov.org

 

Hit Counter