Аҟәа,
Аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистр Сергеи Шамба
ишиҧхьаӡо ала, Аҧсны
ахьыҧшымра аиоуразы еиҳа азин амазар ҟалап, Косово аасҭа. Ари аҳәамҭа
аминистр иҟаиҵеит, Америка Аҳәынҭқарратә Департамент иофициалтәу
ахаҭарнак Шон Маккормак
иқәгылара акомментари азуа.
Шон Маккормак иазгәеиҭеит, Еиду
Америкатәи Аштатқәа иуниверсалтәу амҩала арегионалтә конфликтқәа
рҭышәныртәалара ишаҿагылоу, урҭ зегь хаз-хазы, рыспецифика иақәыршәаны
рыӡбара иашаны ишырыҧхьаӡо.
Сергеи Шамба ари аҩыза азнеишьа
"ҩбаны иҟоу астандартқәа" ирхыиҧхьаӡалеит. Уи иаҵшьны иазгәеиҭеит:
"Аҧсны азакәантә, аҭоурыхтә, аморалтә ганқәа рахь ала азин амоуп
қырҭтәыла апатронаж мап ацәкра.
Агеноциди аҧсуа амилаҭ рықәхреи
рыҽрызкра қырҭтәыла анапхгара аҵаҟа аҟалара мап
ацәкразы азин ҳарҭоит.
13 шықәса ҵуеит
Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқарраны иҟоижьҭеи. Ахақәиҭреи
ахьыҧшымреи
рхы ақәырҵеит
шәҩыла Аҧсны аҿар. Урҭ ирылдыршаз мап ацәкра,
қырҭтәыла аиҭалалара ҳалзыршо мчы ҟалараны
иҟаӡам",- иҳәеит аминистр.
09.03.2006
Аҧсныпресс
|