AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------



 

 Иарбанзаалакгьы Аҧсны аган ахь ирхоу агрессиа арегион зегь зҵазкуа аконфликтк ахылҿиаар ҟалоит

 

"Иарбанзаалакгьы Қырҭтәыла аган ахь ала Аҧсны ахь ирхоу амч ахархәара арҭ аҩ-республикак рыбжьара иҟоу конфликтны изаанхаӡом. Уи иахылҿиаауеит арегионалтә конфликт", -ҳәоуп Кавказтәи аҳәаанырцәтәи адиаспора иҟарҵаз, иахьа, маи 28 рзы ирыларҵәоу ааҧхьараҿы. Уи рнапы аҵаҩуп ӡқ организациа рнапхгаҩцәа.

 

Кавказтәи аҳәаанырцәтәи адиаспора Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит аҟәы+ара аарҧшрахьы, аконфликт аҭышәныртәалараан жәларбжьаратәи азинқәа реиламгарахьы. "Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашьвили иҳәамҭа "Аџьариа ашьҭахь - Аҧсны" ала хықәкыс иҟаиҵеит уаанӡатәи апрезидент Шьеварднаӡе ихықәкы- Қырҭтәылеи Аҧсныи ааха ду рызҭаз  аибашьра алагара".

 

1993 шықәса "Цәыббра 30 -аибашьра анҵәамҭа- инаркны иахьанӡа аҧсуа жәлар иаргылоит ихьыҧшым аҳәынҭқарра. Лаҵара 14 рзы Москва ООН анапхгарала изҵарҩыз аиқәшаҳаҭра Аҧсны хьаҳә-хьачрада инанагӡоит. Ари аамҭазы Аҧсны иарҿиоит ихьыҧшым асоциал-економикатәи аполитикатәи инфраструктура",-ҳәоуп ааҧхьараҿы.

 

Адокумент аҿы иазгәаҭоуп, ачерқьез диаспора зегьы хықәкыс иамоу ак шаку - Аҧсны Қырҭтәыла аган ахь ала даҽа агрессиак ацәыхьчара. Кавказтәи аҳәаанырцәтәи адиаспора ахаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵоит, 1992-1993 раантәи аибашьраз еиҧш. Нхыҵ Кавказтәи аиашьаратә республикақәа, ачерқьез дунеи зегьы аҧсуаа рлахьынҵа иалахәымкәа иаанхом, ҳаҧхьаҟагьы Аҧсны иадгылоуп".

 

28.05.2004  ИА REGNUM

 

 Аҧсуа драматә театр Румыниа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи атетрқәа рфестиваль аҿы иднарбоит аспектакль "Махаз"

 

Фазиль Искандер иҩымҭа ала иқәыргылоу аспектакль "Махаз" Румыниа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи атеатрқәа рфестиваль аҿы ахәаҧшцәа идырбахоит. Ари аспектакль атеатр атруппа ацамҭазы Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы Аҟәатәи ахәаҧшцәа иднарбеит.

 

Аспектакль ықәиргылеит атеатр арежиссиор хада Валери Ақаҩба.

 

25.05.2004  ИА REGNUM

 

 Аҧсны ахатәы милаҭтә валиута аланагалоит

 

Аҧсны ахатәы милаҭтә валиута аланагалоит. Ари атәы иҳәеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр Сергеи Шамба.

 

Уи иахьыӡхало азҵаара макьана аҭак изҳамҭеит, аха, излеиҳәаз ала, аҧара ҿыц акьыҧхьра ҿаҵоуп иреиҳау афранцыз фирмақәа руак аҿы.

 

23.05.2004  ИА REGNUM

 

 Аҧсны аҳҭны-қалақь аҿы имҩаҧысуеит ашәарҭадара азҵаарақәеи аибашьра аиҭаламгареи  азҵаарақәа ирызку аиҧылара

 

Ашәарҭадара азҵаарақәеи аибашьра аиҭаламгареи  азҵаарақәа ирызку ақырҭуа-аҧсуа еиҧылара аиҧылара ООН анапхгара аҵаҟа арҭ аминуҭқәа рзы имҩаҧысуеит ақалақь Аҟәа.

 

Аиҧылара хантәаҩыс дамоуп ООН Агенералтә маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәыла Иҷыдоу Ихаҭарнак Ҳаиди Талиавини. Аҧсуа делегациа иалоуп Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр Сергеи Шамба, апрезидент ицхырааҩ Асҭамыр ҭаниа, Атәылахьчара Аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Купалба.

 

Ақырҭуа делегациа хаҭарнакцәас иалоуп аконфликтқәа рҭышәныртәаларазы аҳынҭқарратә министр Георги Хаиндрава, Қырҭтәыла Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра адепартамент адиректор Мамука Кудава, Қырҭтәыла Атәылахьчара Аминистр ахаҭарнак  агенерал ҭенгиз Ошхарели, аҳәынҭқарратә министр ицхырааҩ  Леван Гераӡе.

 

Аиҧылара иалахуп Қырҭтәыла Германиатәи аконсул Уве Шрамм, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра иҷыдоу анапынҵақәа рзы аконсул Михаил Бочарников, Қырҭтәыла Бртаниатәи аконсул Дональд Маккларен, Қырҭтәыла Франциатәи аконсул иусқәа назыгӡо Кристиан Михолок, Қырҭтәыла Еиду Америкатәи Аштатқәа рконсулра аполитикеи аекономикеи рзы аусзуҩы Грузии Мэри Элизабет Бронинг, Қырҭтәыла ОБСЕ Амиссиа Ахада Рои Рив.

 

20.05.2004  ИА REGNUM

 

Аҧсны аҳҭны-қалақь аҿы имҩаҧысуит ақалақь аизарахь аиҭалхрақәа

 

ИА REGNUM аҳҭны-қалақь администрациаҿы ишарҳәаз ала, асабша, лаҵара-мза 8 рзы аҳҭны-қалақь ахәҭақәа 4 рҟны имҩаҧган аиҭалхрақәа. Актәи алхратә хәҭа аҟны аиааира лгеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы  Лариса Смыр, ахәбатәи аҟны - Саида Аланиа, аабатәи аҟны - Аҧсны Жәлар Рпартиа анапхгара иалоу  Гиви Габниа.

 

А-15-тәи алхратә хәҭа -араион ҿыц- аҿы алхрақәа еиҭамҩаҧгахоит. Хҩык акандидатцәа рахьтә аҩбатәи атур ахь иалхын ҩыщьа - А. Иванбеи Т.ҷкадуеи.

 

11.05.2004  ИА REGNUM

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра Ахадеи жәларбжьаратәи аорганизациақәа рнапхгаҩцәеи алацәажәеит ақырҭуа-аҧсуа конфликт аҭышәныртәалара аперспективақәа

 

Ақырҭуа-аҧсуа конфликт аҭышәныртәалара аперспективақәа, аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа, ҳаҧхьаҟа ишьҭоу Аҧсны апрезидент иалхрақәа - абарҭ атемақәа  ирылацәажәон Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра Ахада Сергеи Шамбеи, жәларбжьаратәи инапхгаратәым аорганизациақәа "Жәларбжьаратәи агәҭынчымра" ("International Alert") Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ Ден Смити, Евразиа апрограммақәа ркоординатор Геворк Тер-Габриелиани.

 

Иахьа жәларбжьаратәи аорганизациа ахаҭарнакцәа Ареспублика Апарламент иалоу ирҧылеит.

 

11.05.2004  ИА REGNUM

 

 Аҧсны ауаажәларратә организациақәа иҟарҵаз аҳәамҭа

 

Аҧсны аполитикатәи ауаажәларратәи организациақәа Қырҭтәыла анапхгара Аҧсны ишьақәгыланы иҟоу иуашәшәыроу аҭынчра аилагара иаҧырхагахар зылшо аумҩаҧгатәқәа ирцәырыхьчоит., ҳәоуп иахьа Аҧсны ирыларҵәахаз аҳәамҭаҿы.

 

Урҭ ргәаанагарала, аҭынчра аилагара ООН-и Урыстәылеи рыцхыраарала имҩаҧысуа ақырҭуа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рполитикатә ҭышәныртәалара апроцесс еиҧнаҟьар ҟалоит, иара убас аҩ-жәларык реицынхара залымшо иҟанаҵар ҟалоит.

 

Қырҭтәыла аидыларатә процесс- уи иара аҩныҵҟатәи усуп. Аха, апрезидент Саакашьвили иҳәамҭақәа рыла, уи апроцесс иалеиҵар иҭахуп Аҧсынгьы. Aри аҩыза апозициа иамаӡам ишаҟаразаалак азинтәи аполитикатәи ҵаҵҕәы.

 

Ҳара ҳгәы иаанагон, Аҧсынтәыла ақәлара аинициатор Шьеварднаӡе аполитикатә арена иқәҵра Қырҭтәылеи Аҧсни рконструктивтә диалог алагара ахы анаркып ҳәа. Аха, апрезидент ҿыц иҳәамҭақәа излҳдырбо ала, уи ареваншисттә политика амҩаҧгара игәы иҭоуп. Агрессивтә хықәкқәа адемократиазы ақәҧара рыхьӡҵоуп.

 

Ауаажәларратә организациақәа ргәаанагарала, анапхгара ҟазҵо аполитикатә елита иаҳхысыз аибашьра алҵшәақәа акгьы днамырҵеит. Ари Аҧсны ажәлар даҽа знык агәра днаргоит ихьыҧшым адемократиатә ҳәынҭқарра аргыларазы илнахыз акурс шиашоу.

 

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит:

 

Ауаажәларратә организациа "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы"

Аҧсны аҳәса Рассоциациа

Ахуҷтәы фонд

Ауаажәларратә-политикатә организациа "Аитаира"

Ауаажәларратә-политикатә организациа "Амцахара"

Ауаажәларратә-политикатә организациа "Единаҭ Абхазиҭ" ("Иаку Аҧсны")

Жәлар рпартиа

Аҧсны жәлар рфронт "Аидгылара"

Ауаажәларратә организациа "Ахьаца"

Аҧсны Ареспублика Акоммунисттә Партиа

Аҧсны Ареспублика Ихьыҧшым Апрофеидгылақәа Рфедерациа

Агуманитартә программақәа Рцентр

Аҧсны иқәынхо аерман-жәлар Реидгыла

Урыстәыла ащьынщь-уаа Аҧснытәи Реидгыла

Аҧсны ахьчацәа Реидгыла

 

03.05.2004  ИА REGNUM