AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа --------------------


 
 Аҧсны акоммунистцәа Белоруссиатәи рҩызцәа ҭабуп ҳәа рарҳәоит

 

Аҧсны Акоммунисттә партиа Ацентралтә Комитет Белоруссиатәи Акоммунисттә партиа Ацентралтә Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ Татиана Голубева ашәҟәы лзынанашьҭит. Ашәҟәаҿы урҭ ҭабуп ҳәа рарҳәоит Белоруссиатәи акоммунистцәа "Днестртәи Молдавиатәи Ареспубликеи, Аҧсни,  Аладатәи Осетиеи рхьыҧшымра амч аиоура ацхырааразы Минск иеиҿыркааз апикетқәа рзы".

 

15.06.2006  Аҧсныпреcc

 

 Ареспублика Аҧсны иреиҳаӡоу аҳамҭа "Ахьӡ-Аҧша" ранашьоуп

 

Иахьа Аҧсны апрезидент Сергеи Багаҧшь Кавказ атерриториаҿы аҭынчразы, иара убас Аҧсны аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы активла иҟарҵо ацхыраареи, адгылареи, Ареспубликақәа аиҩызара рыбжьаҵареи рзы Ареспублика Аҧсны иреиҳаӡоу аҳамҭа "Ахьӡ-Аҧша" ранеишьеит:

 

Алада Осетиатәи Ареспублика  апрезидент Эдуард Кокоиты -"Ахьӡ-Аҧша" (1- тәи  аҩаӡара);

 

Днестртәи Молдавиатәи Ареспублика апрезидент Игор Смирнов - "Ахьӡ-Аҧша" (1- тәи аҩаӡара);

 

Алада Осетиатәи Ареспублика Аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистр Мурат Џьиоев - "Ахьӡ-Аҧша" (3- тәи аҩаӡара);

 

Днестртәи Молдавиатәи Ареспублика Аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистр Валери Лицкаи - "Ахьӡ-Аҧша" (3- тәи аҩаӡара);

 

Алада Осетиатәи Ареспублика Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахаҭарнак Дмитри Медоев - "Ахьӡ-Аҧша"(3- тәи аҩаӡара);

 

Днестртәи Молдавиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аминистр Владимира Антиуфеев -"Ахьӡ-Аҧша"(3- тәи аҩаӡара);

 

Алада Осетиатәи Ареспублика апрезидент ицхырааҩ Коста Кочиев - "Ахьӡ-Аҧша" (3- тәи аҩаӡара).

 

15.06.2006  Аҧсныпреcc

 

 Аҟәа имҩаҧысит Азеиҧш декларациеи иаку аҭынчра аиламгаратә мчқәа реиҿкааразы Аҳәамҭеи рнапаҵаҩра

 

Иахьа Аҟәа Аҧсны апрезидент Сергеи Багаҧшь, Алада Осетиа апрезидент Эдуард Кокоиты, Днестртәи Молдавиатәи Ареспублика апрезидент Игор Смирнов рнапы аҵарҩит Азеиҧш декларациеи иаку аҭынчра аиламгаратә мчқәа реиҿкааразы Аҳәамҭеи.

 

Анапаҵаҩра ацеремониаҿы иалахәын Алада Осетиеи Днестртәи Молдавиатәи Ареспубликеи рделегациақәа рхаҭарнакцәа, апарламент адепутатцәа, Аҧсны аминистрцәа Ркабинет иалоу, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума авице-спикер Сергеи Бабурин, ажурналистцәа.

 

14.06.2006  Аҧсныпреcc

 

 Иванов: Аҧсни Аладатәи Осетиеи иҟоу Урыстәылатәи аҭынчрахьчаратә мчқәа альтернатива рымам

 

"Аҭынчра аиламгаразы аколлективтә мчқәа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа иреиҕьӡоу акум, аха сара агәра ганы сыҟоуп, Аҧсни Аладатәи Осетиеи Урыстәылатәи аҭынчрахьчаратә мчқәа рыҟазаара альтернатива шамам",- иҳәеит Урыстәыла авице-премиер, атәылахьчара аминистр Сергеи Иванов ажурналистцәа ириҭаз аинтервиу аҿы, иаанацҳауеит РИА «Новости».

 

14.06.2006  Аҧсныпреcc

 

 Аҟәа имҩаҧысит Кавказтәи аибашьраҿы иҭахақәаз ргәалашәара иазку аспорттә еицлабра

 

"Нарҭаа реиҧхныҩра" - абас ахьӡуп итрадициатәу есы-шықәса имҩаҧысуа аспорттә еиҧхныҩра.

 

Уи азкуп Кавказтәи аибашьраҿы иҭахақәаз ргәалашәара. Иахьа уи иалахәын 30-ҩык аспортсменцәа. Иара убас аицлабра рҽаладырхәит аинвалидцәа.

 

Аҳәса рахь аиааира лгеит Мактина Быџьба, ахацәа рахь – Дмитри Зинченко.

 

31.05.06 Аҧсныпресс

 

 Лаҵара 31 Кавказтәи аибашьраҿы иҭахақәаз ргәалашәара иамшуп

 

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьраҿы иҭахақәаз ргәалашәара амш. Амҳаџьырқәа рыгаҿаҿы агәаларшәага хаҳә аҧхьа ишьҭаҵан ашәҭ  шьыҵәрақәа. Ацеремониа иалахәын аҳәынҭқарра анапхгара, апарламент адепупатцәа, арепатриантцәа рҭаацәарақәа.

 

"Ҳауаажәлар ари амш рхадыршҭыр ҟалом, избанзар уи аҧсуа жәлар, кавказтәи ажәларқәа ртрагедиа иадҳәалоуп. Уи иахылҿиааз иахьа уажәраанӡа ҳажәлар иpныруеит", - иҳәеит арепатриациа акомитет анапхгаҩы Анзор Мықәба.

 

31.05.06  Аҧсныпресс

 

 Иахьа Аҧсны ашколқәа 170 рҿы Аҵыхәтәантәи аҵәҵәа абжьы геит

 

Иахьа Аҧсны ахьынаӡа-ааӡо ашколқәа 170 рҿы ашколхәыҷқәа рзы Аҵыхәтәантәи аҵәҵәа абжьы геит.

 

Аҵара аминистрра аҿы ишырҳәаз ала, 9-класск ирылгеит 2688-ҩык аҵаҩцәа, 11 класс - 1962-ҩык. Аҵаҩцәа рахьтә 21-ҩык амедалқәа риоура рылшоит, урҭ рахьтә 16-ҩык ахьтәы медаль, 5-ҩык - аразынтә.

 

Аҵара аминистр Индира Варданиа Аҟәатәи абжьаратә школқәа №2-и №9-и , иара убас сынтәа раҧхьатәи аҵаҩцәа аузышьҭуаз Тамшьтәи ашкол-интернати дырҭааит.

 

26.05.06  Аҧсныпресс

 

 Норберт Баас Аҧсны қырҭтәылеи иареи рдиалог ацҵара ишазхиоу агәра игеит

 

Германиа Аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистрра Амрагыларатәи Европеи, Централтә Азиеи Кавкази ҷыдалатәи адипломатиатә нашьҭымҭа Норберт Баас Аҧсны қырҭтәылеи иареи рдиалог ацҵара ишазхиоу агәра игеит. Ари иара иҳәеит Аҟәа ажурналистцәеи иареи рецәажәараан, Аҧсны анапхгареи иареи реиҧылара ашьҭахь.

 

"ҳаицәажәара излаҳнарбаз ала, Аҧсни қырҭтәылеи апрактикаҿы русеицура уалацәажәар ҟалоит. Аха иаҳа ипринципиалтәу  - атәыла ашәарҭадара еиҧш иҟоу - азҵаарақәа рҿы еицырзеиҧшу апунктқәа маҷуп", - иҧхьаӡоит адипломат.

 

Германиа Аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак аганқәа ирзеиҕьеишьеит ООН Ашәарҭадаратә Хеилак аҵыхәтәантәи арезолиуциа иаҳәо рҽақәдыршәаларц.

 

Норберт Баас иҳәеит, Германиа шазхиоу қырҭтәылеи Аҧсни рекономикатә контактқәа рылацәажәаразы еицырзеиҧщу аконференциа аиҿкаара.

 

23.05.06  Аҧсныпресс

 

 Апрофессор Гьаргь Алеқсандр-иҧа  Амҷба ииубилеи азы

 

Еицырдыруа аҧсуа ҵарауаҩ, Кавказ аҭоурых, аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыҭҵааҩы, аеҭнолог, Аҧснытәи Ҳәынҭқарратә университет апрофессор,  Аҧсны аҭоурыхи, археологиеи, аеҭнографиеи ркафедра аиҳабы,  Аҧсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Д.Гулиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт  аусуҩы ҧхьагыла иира мшы аахыс лаҵара 10 рзы   70 шықәса ҵуеит.

 

Аҵарауаҩ ху змаӡам илагала азгәаҭо, акультуратә-цхырааратә фонд "Амҷба" аҳәара, иара убас Аҟәа ақалақь амҩадуқәа рыхьӡ ахҵаразы акомиссиа ажәалагала  инақәыршәаны, Аҟәатәи ақалақьтә еизара излаӡбаз ала, Аҟәа амҩадуқәа руак Гьаргь Алеқсандр-иҧа  Амҷба ихьӡ ахҵоуп.

 

Аҵарауаҩ дахьынхоз аҩнаҿы икыдҵахоит иара изку амемориалтә ҕәы.

 

Иара убас Аҟәатәи ақалақьтә еизара иалаху раҧхьа иаларҵо агәаларшәагатә дырга шьақәырҕәҕәоуп.

 

Агазеҭ "Республика Абхазиа", 18, 2006

 

 Урыстәыла ихьыҧшым апрофеидгылақәа Рфедерациа амаӡаныҟәгаҩ Васили Воронин аорден  «Ахьӡ-аҧша» ианашьоуп

 

Аҧсны Апрезидент Сергеи Багаҧшь дидикылеит Урыстәыла ихьыҧшым апрофеидгылақәа Рфедерациа Аладатәи афедералтә тәылахәҭа амаӡаныҟәгаҩ, асоциалисттә усура Афырхаҵа Васили Воронин.

 

Апрезидент иқәҵарала, Аҧсни Урыстәылеи рыуаажәлар рыбжьара аиҩызара арҭбааразы Васили Воронин ианашьоуп аорден  «Ахьӡ-аҧша» ахҧатәи аҩаӡара. Иахьа имҩаҧысит уи иазкыз агурҕьаратә еилатәара.

 

Сергеи Багаҧшь Васили Воронин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ареспублика Аҧсны иаиҭахьоу ацхырааразы.

 

90-тәи ашықәсқәа рзы Ассоциациа "Кавказ" еиҳабыс данамаз уи ицхыраарала Аҧсны ихьыҧшым апрофеидгылақәа Рфедерациа Ассоциациа иалаҵан.

 

19.05.2006  Аҧсныпресс

 

 Аҧсны атәылахьчаратә мчқәа ирылшоит Ареспублика аҳәаақәа рыхьчара

 

Аҧсны атәылахьчаратә мчқәа ирылшоит Ареспублика аҳәаақәа рыхьчара,  Урыстәылатәи аҭынчра аиламгаратә мчқәа ақырҭуа-аҧсуа конфликт азона иалгахар.  Ари аинформациа Аҧсныпресс иаиҭеит атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Атәылахьчаратә мчқәа Ргенералтә штаб аиҳабы агенерал Анатоли Заицев.

 

"Урыстәылатәи аҭынчра аиламгаратә мчқәа ақырҭуа-аҧсуа конфликт азона иалганы ианыҟала, Аҧсны Атәылахьчаратә мчқәа ииасуеит аҳәынҭқарратә ҳәаа ирҕәҕәоу ахьчаратә режим ахь", - иазгәеиҭеит Заицев.

 

Агенерал Заицев Урыстәылатәи аҭынчра аиламгаратә мчқәа русура ахә ҳаракны ишьеит, иагьазгәеиҭеит урҭ  ишынарыгӡо аконфликт аҟамларазы рмандат ала ирымоу адҵа.

 

18.05.2006  Аҧсныпресс

 

 

 

 

 

 

Hit Counter