AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәиәабжь ҿыцқәа --------------------


 
 Аҧсуа гәманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны еихыршьаалеит шықәсыктәи аҵарадырратә ҭҵаарақәа русура

 

Д.Гәлиа ихьӡ зыхыу аҧсуа – гәманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны аусура хнаркәшеит 52 – тәи аҵарадырратә сессиа.

 

Аинститут аиҳабы ихаҭыҧуаҩ З.Џьопуа излеиҳәаз ала, ари асессиа аусра азкын иҳаҩсыз ашықәс азы аинститут аҵарадырраҭҵааратә усурақәа реихшьаала.“

 

Аконференциа аусура мҩаҧысуан х – секциак рҟны: „ Абызшәеи алитературеи“, „Аҭоурыхи археологиеи,“ „Афольклори, аетнологиеи, аҟазареи.“ Асессиаҟны инаган 40 инареиҳаны ажәахәқәа, аҵарадырраҿы иҟоу актуалтә проблемақәа ирызкны.

 

Ари асессиаҿы ажәахәқәа наргеит аҭоурыхтә ҵарадыррақәа ркандидат А.Скаков (Москва), Иури Батиаков (Санкт-Петербург). „Урҭ изныкымкәан рхы аладырхәхьеит Аҧсны археологиатә експедициақәа. Иазгәаҭатәуп, ҳара ҳаҩныҵҟатәи асессиа жәларбжьаратәи аҟазшьа шаанахәо,“ – азгәеиҭеит аинститут аиҳабы ихаҭыҧуаҩ З.Џьопуа.

 

З.Џьопуа, иара убасгьы, инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари ашықәс азы асессиаҟны инаган аинститут аспирантцәеи, иқәыҧшыу аҵарауааи ражәахәқәа.“Уаҩы деигәырҕьаратәы иҟоуп, аҵарадыррахь аҿар ирацәаҩны аинтерес ахьышьҭырхыз“- иҳәеит уи, аха иагьа убас иҟазаргьы, макьаназы аҵарадырра знапы алакыу рдефицит макьанагьы иҟоуп.

 

15.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧыза-министр А.Анқәаб имҩаҧигеит аргыларатә наплакқәа рнапхгаҩцәа злахәыз аусуҩтә еилатәара

 

Аҧыза-министр А.Анқәаб имҩаҧигеит аргыларатә наплакқәа рнапхгаҩцәа злахәыз аусуҩтә еилатәара.

 

Аиҳабыра рхада иҭиҵаауан Аҟәатәи ахшараиурҭа ҩни, Аҧсны Аҳәынҭқарратә филармониеи, Ахьӡ-аҧша апарки, атеатр аҵакыреи рҟны аусурақәа рымҩаҧысшьа. Аилатәараҟны, иара убасгьы ирыхәаҧшын, ашколқәеи аҩныеихагылақәа рхыбқәеи аремонт рзура азҵаарақәа.

 

Ахшараиурҭа акапиталтә ремонт аусура мҩаҧысуеит активла, ихыркәшоуп авентилиациатә система  ашьақәыргылара. Уажәазы аргылаҩцәа акафель ақәҵара иаҿуп, иара убасгьы ирҿуп ашәрақәа. Иаарласны, аусуцәа алагоит ахыбра адәахьтәи ахаиҿы аҧсахра, - ҳәа адырра ҟаиҵеит аремонт ргыларатә усбарҭа аиҳабы Руслан Тәанба.

 

„Ахшараиурҭа иааиҧмырҟьаӡакәа аӡы аиуларц азы иаҭахыуп 300 тонна рҟынӡа зкуа аӡҭачы аргылара,“ – ҳәа азгәеиҭеит Аҧыза – министр.

 

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны имҩаҧысуеит аргылараҿы апланеиҭакрақәа. Мызкы ахыи-аҵыхәалеи ахәышәтәырҭа еиқәыршәахоит фымцамҩангагала. Ахәышәтәырҭаҟны иҧсаххоит аҧенџьырқәеи ашәқәеи. Уаҵәы иаауеит Ареспубликатә хәышәтәырҭазы аргыларатә маҭәахәқәа рацәаны.

 

А.Анқәаб игәаанагарала, “афилармониаҟны акапиталтә ремонт мҩаҧысуеит ицәгьамкәаны“. Уахь инагоуп алашара, асценаҿи азалаҿи аусурақәа ирҿуп. Амчыбжь анҵәамҭазы ашәцәа рбригада аусура иалагоит. Аиҳабыра рхада аргылаҩцәа ахәаҧшырц ирыдиҵеит ишьақәдыргыларц абылрацәыхьчаратә аппаратқәа ҩба.

 

А.Анқәаб, иара убасгьы иҭиҵаауан Ахьӡ-аҧша апарк аҟны аусурақәа рцашьа. „Сара еилыскаауеит, ари аҭакҧхықәреи аџьабааи шацу, аха шәара аргылаҩцәа хадақәа уи аусура шәацклаҧшыроуп, “-  ргәырҽаниҵеит Аҧыза – министр „Аҧсныргылара“ анапхгара. Уи, иара убасгьы, ишьҭихит азҵаара Ахьӡ-аҧша апарк аҟны аргыларатә-еидарашьҭыхгақәа рышьақәыргыларазы.

 

Аилатәараҟны, иара убасгьы ирылацәажәан аргылаҩцәа аҩнеихагылақәа рхыб аҧсахраан ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа. Арҭ амшқәа рзы нап аркхоит Араион ҿыц аҟны ахыбрақәа  аремонт рзура.

 

Анқәаб иҧхьаӡоит, аамҭакала 8-10 ҩны рҟны ахыбрақәа рремонт аҟаҵара алыршахар ауеит ҳәа, уи азын аусҩцәеи, аргыларатә маҭәахәқәеи зегьы еизибархоит. “Аиҳабыра рус – ианаамҭоу ҧарала реиқәыршәароуп, шәара шәус –ахаҭабзиароуп,“ – ҳәа азгәеиҭеит А.Анқәаб, ргәгьы рҽаниҵеит аргылаҩцәа аусура ахаҭабзиаразы аҭакҧхықәра аадырҧшырц.

 

15.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҟәатәи Ашьхарыуаа ршкол №10 аҟны имҩаҧысит Ареспубликатә олимпиада иалахәыз аматематикцәа қәыҧшцәа аҳамҭақәа рыҭара

 

Лаҵарамза 14 рзы Аҟәатәи Ашхарыуаа ршкол №10 аҟны имҩаҧысит Ареспубликатә олимпиада иалахәыз аматематикцәа қәыҧшцәа аҳамҭақәа рыҭара.

 

Аолимпиада иалахәын Ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рыҟнытә 5-8 аклассқәа ирыҵаркуа ашколхәыҷқәа.

 

Аолимпиада мҩаҧысуан ҩ-туркны. Актәи атур аҟны иалахәын 800-ҩыуаак,аҩбатәи атур ахь инашьҭын урҭ рҟынтә 124-ҩыуаак аҵаҩцәа.

 

Аҵара аминистр Индира Аҩардан иазгәалҭеит, аолимпиада х-шықәса шықәса шыҵуа имҩаҧыргоижьҭеи. “Есышықәса уи иалахәхо аҵаҩцәа рхыҧхьаӡара иацлоит, уи иаҳнарбоит аҵарахьы ахәыҷқәа агәазыҳәара шрымоу,“ -азгәалҭеит аҵара аминистр.

 

Аҵараминистрра аолимпиадаҟны аиааира згаз ахәыҷқәа аграмотақәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рырҭеит. Урҭ 34-ҩыуаак ыҟоуп. Аҽхәаҧхьыӡтә грамотақәа роуит 10-ҩыуаак аҵаҩцәа, аиааиразы баллқәак ззымхаз, аха ибзиаз алҵшәақәа аазырҧшыз.

 

Ари ашықәс азы, раҧхьаӡа акәны иазгәарҭеит арҵаҩцәа рџьабаагьы. Аҵаҩцәа аолимпиада иазыҟазҵоз.7-ҩыуаак арҵаҩцәа аҳаҭыртә грамотақәа ранашьан.

 

Аҵара аминистр Индира Аҩардан агыҕра шлымаз лҳәеит, иахьа аолимпиада иалахәыз аҵаҩцәа аӡәырҩы,  наҟ-наҟ еицырдыруа математикцәаны ишыҟало.

 

14.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Раҧхьатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба имшира идиныҳәалеит

 

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡалеи хаҭалеи имшира идиныҳәалеит раҧхьатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба.

 

„Ҳара шәымшира азгәаҳҭоит Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра 15 шықәса ахыҵра ашықәсазы. Шәара шәыхьыӡ адҳәалоуп аҧсуа жәлар риааиреи Аҧсны Аҳәынҭқарра аиҭаҿиареи. Иахьатәи Аҧсны аихьӡарақәеи, уи ҧхьаҟацареи иауасхырны иҟалеит шәара раҧхьатәи шәшьаҿақәа анаукаҿеиҧш аполитикаҿгьы. Ҳауаажәлар рзын шәара есымшагьы шәаанхоит ахакқәиҭреи ахьыҧшымреи шәырбираҟны, урҭ рыбзиабара есымшагьы ишәыцзаауеит. Шәара шәылшареи шәфырхаҵареи ҳара ҳзын есымшагьы иҿырҧшызаауеит, шәдырреи шәҟуҕареи акыршықәса ҳҳәынҭқарра аизҳазыҕьараҿы иҳацхраалоит,“ –ҳәа азгәаҭоуп азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

 

Н.Ашәба В.Арӡынба иҭаацәеи иареи, изааигәои ирзеиҕьеишьеит агәабзиареи аманшәалареи аҭынчреи.

 

Лаҵарамза 14 рзы, Владислав Арӡынба ихыҵит 63 шықәса.

 

14.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Косово ахьыҧшымра аназхаҵаха ашьҭахь, анемец дипломат Дитер Боден Аҧсны ахьыҧшымра дадгылоит

 

Анемец дипломат, Еидҵоу Аилаҭқәа Реиҿкаара аҧсуа зҵааразы уаанӡатәи Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда, иахьа ауаҩы изинқәа рзы адемократиатә институтқәа рбиуро амиссиа ахада, алхрақәа рҟны анаҧшҩы Дитер Боден Косово ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара адгылара аиҭоит.

 

Адипломат азҵаара ықәиргылоит: “ Ииашоума аҧсуаа мап рыцәкра косоваа ироуыз азы“ - ҳәа.

 

Дитер Боден Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра Ахада ихымҩаҧгашьа акритика азиуит, иара иажәақәа рыла, уи маӡала игәы иҭакыуп „иҿыцыу аибашьра алагара“, ҳәа адырра ҟанаҵоит "Интерпрессньюс".

 

14.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь аинтервиу риҭеит агентра „Реитери“,Иапониатәи агазеҭ „Маинити“, Англиатәи „Таимси“, „Франциа Арадиои“

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь аинтервиу риҭеит агентра „Реитери“, Иапониатәи агазеҭ „Маинити“, Англиатәи „Таимси“, „Франциа Арадиои“.

 

Аҵыхәтәан Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәа  Ареспубликаҿы аус руеит аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусура иҽахаршәаланы, аамҭа иҧшааит амассатә-медиа ахаҭарнакцәа рҧыларазы.

 

Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Алхас Ҷолокәуа адырра злаҟаиҵаз ала, ажурналистцәа аинтерес рыман Ареспублика анапхгара Аҧсны иахьа иҟоу аҭагылазаашьазы рпозициа.

 

Иара уи адагьы, аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа иҭырҵаауан Қырҭтәылеи Аҧсни аринахыстәи реизыҟазаашьа, иара убасгьы аинтерес рыман Аҧсны аолимпиадатә проект алахәхара алыршара уҳәа убас егьырҭ азҵаарақәагьы.

 

Аҳәынҭқарратә Информациатә Агентра „Аҧсныпресс“ аккредитациатә ҟәша аинформациала, арҭ амшқәа рзы Ареспубликаҿы аус руеит актәи аканал аҭыхратә гуыҧ, ВГТРК, ТВЦ, «Russian Today», МТРК „Мир“, Рен-ТВ, Украинатәи ателекомпаниа „Интер“, ателерадиокомпаниа „Петербург“, агентра „Реитери“ „Франс-пресси“ ржурналистцәа, франциатәи арадио „РФИ“, БиБиСи. Иапониатәи агазеҭ „Маинти“, Британиатәи „Таимс“, аинтернет-агентра «Life.ru».

 

13.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир аҟны актәи аҭыҧ ааникылт Асҭамыр Еныкь

 

Новосибирск имҩаҧысуаз абокс азы Жәларбжьаратәи  атурнир аҟны актәи аҭыҧ игеит Аҧснынтәи Асҭамыр Еныкь. Уи, иара убасгьы атурнир аҟны далкаан абокс азы иреиҕьыу аспортсмен ҳәа, иагьианашьан иҷыдоу аҧхьахә.

 

Ахҧатәи аҭыҧ ааникылеит Арнольд Гәбаз. Уи зыҟаҵаҩыс диман Едуард Арсҭаа.

 

13.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Атәылахьчара аминистрра аринахысгьы ареспублика аҳаиртә ҳәаа еилазго иарбан ҧшыхәратә аппаратзаалак ҭадырхалоит

 

Аҧсны Атәылахьчара аминистрра аринахысгьы ареспублика аҳаиртә ҳәаа еилазго иарбан ҧшыхәратә аппаратзаалак ҭадырхалоит.Абри атәы реиҳәеит иахьа ажурналистцәа Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Г.Кәпалба,иахьатәи Аҧсны жәҩан аҟны аҭыҧ змаз ахҭыс ахҳәаа азыҟаҵо, иара убри иалҵшәангьы 14 сааҭи 16 минуҭи рзи 15 сааҭи 07 минуҭи рзы Аҧсны Аҳаирхыхьчаратә Мчқәа рыбзоурала Очамчыра араион аҟны икажьын ҧырҩыдатәи аҧрыгатә аппаратқәа ҩба.

 

Г.Кәпалба Қырҭтәыла аара адиҵоит,еиҭахгьы 1994 шықәса, лаҵарамза 14 рзтәи аихымца аанкылареи амчқәа реидыгареи рзы Москватәи Аиқәшаҳаҭреи,Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа №1808 еиланагеит ҳәа.Ҧырҩыдатәи аҧшыхәратә ҳаирпланқәа,Кәпалба иажәақәа рыла,Аҧсны аҳаиртә ҳәаа еилаганы,Ашәарҭадаратә зонаҿы иахаҧраауан,урҭ егьҭархан Очамчыра араион аҟны.

 

Кәпалба адырра злаҟаиҵаз ала,иҭархаз аҳаирпланқәа руак аҧҽыхақәа 18.00 сааҭ рзы Аҟәа инагахоит,ажурналистцәа урҭ рцыҧҵәахақәа дырбара алыршахоит.

 

„Ари уаанӡа иҭархаз аҧрыгатә аппаратқәа „Гермес 450“ иашьашәалоуп, Израильтәи акомпаниа  Elbit Systems иаҟаҵамҭоуп.Иҧшаау аҧҽыхақәа уи дырҵабыргуеит,“- иҳәеит Кәпалба.Иара иажәақәа рыла, арҭ рҩызцәа аҳаирпланқәа Қырҭтәыла Аҳаиртә архәҭақәа рнапаҵаҟа иҟоуп, ақырҭуа ган ишаҳәо Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра анапаҵаҟа акәмкәа, арҭ аҳаирпланқәа аҧшыхәратә ҧыррақәа мҩаҧыргоит.

 

12.05.2008 abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Аҳаирхыхьчаратә Мчқәа иҭадырхеит ҩ-ҧшыхәратә ҳаирпланк

 

Аҧсны Аҳаирхыхьчаратә Мчқәа ирыбзоураны, сааҭк аҩныҵҟала иҭархан ҩ-ҧшыхәратә ҳаирпланк.

 

Актәи ҧырҩыдатәи аҳаирплан кажьын 14 сааҭи 16 мин. рзы Очамчыра араион Реҧи Шешелеҭи реиланхарҭатә ҭыҧқәа рыҟны, 15 сааҭи 07 мин. рзы аҧшыхәратә ҳаирплан ҭархан Очамчыра араион Аҽгәара ақыҭан.

 

Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Г.Кәпалба иажәақәа рыла, аҳаирпланқәа ҭархан 6 километрак аҳаракыра аҟнынтә Ареспублика Аҳаирхыхьчаратә Мчқәа рыбзоурала.

 

12.05.2008  abkhaziagov.org

 

 С.Шамба:“Иахьа зегьы агәҭынчымра рнаҭоит аҧсуа-қырҭуатә еизыҟазаашьаҟны ишьақәгылаз акризис“

 

„Зегьы зыргәамҵуа ипроблема хаданы иҟоу – аҧсуа-қырҭуатә еизыҟазаашьаҟны ишьақәгылаз акризис алҵреи, уи азы ииашоу амҩа  аҧшаареи ауп“. -Абас ахҳәаа азыҟаиҵеит Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба Еиду Америкатәи Аштатқәа рхаҭарнакцәеи Аҧсны ахадареи реиҧылара.

 

Уи иазгәеиҭеит, аиҧылараан Америкатәи аган ахатә принципқәа шьақәнарҕәҕәомызт ҳәа. Ари аҩыза азнеишьаҿы, С.Шамба игәаанагарала, “акризистә ҭагылазаашьа алҵра ауеит“.

 

„Актәи ашьаҿақәа уажәшьҭа иубоит, сара сгәы иаанагоит, ари Урыстәыла имҩаҧнаго аполитика иадҳәалоуп ҳәа. Ҳара иаабоит, “ақырҭуа напхгара рцәажәашьеи рхымҩаҧгашьеи аҽшаҧсахыз“, - иҳәеит С.Шамба.

 

Аҧсны, С.Шамба иажәақәа рыла,иҵаҵҕәыдам ашәара амоуп. “Ҳара иаадыруеит, изныкымкәа ақырҭуа ган бџьаршьҭыхла аибашьра ишалагахьоу, иаҵахацыҧхьаӡагьы, урҭ аара адырҵон ахҧатәи амч-Урыстәыла. Арҭ зегьы иаадыруа усуп. Ҳара ас еиҧш иҟоу ахырхарҭа аиур ҳәа ацәшәара ҳамоуп. Ҳара аибашьра ҳҭахым, уи ҟалозаргьы ҳтерриториа аҟны ауп иахьыҟало, ари иацу ауадаҩрақәа зегьы ҳҳаҳгахьеит,“ -азгәеиҭеит С.Шамба.

 

Адәныҟатәи Аусқәа рхада излеиҳәаз ала, 2006 ш. ақырҭуа ар Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭахьы ианаларгала, аҧсуа ган иаанарҧшит ачҳара ду, “Ҳара аконфликт ҳмырҕыҕкит. Ҳара ҳҽазаҳшәоит аиҽцәажәаратә процесс иалахәу зегьы ҳацырхырааны, убрахь иналаҵаны Америкатәи ҳҩызцәагьы апроблема дипломатиатә мҩала аӡбара,“ -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит С.Шамба.

 

12.05.2008  abkhaziagov.org

 

 С.Багаҧшь: “Ҳара ҳазхиоуп аиҿцәажәарақәа рылахәхара,аганқәа рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла ианынагӡалакь ашьҭахь“

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь агәҭынчымра шимаз ааирҧшит ақырҭуа-аҧсуа еимакы азонаҿы аҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз азы. “Аҭагылазаашьа есааира аиҕьхарахь акәымкәа аицәахарахь ахы хоуп,ҳара уи агәҭынчымра ҳнаҭоит,“-иҳәеит С.Багаҧшь Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ихаҭыҧуаҩ  Метиу Браиза иҧылараан.

 

Убри инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны есқьынагьы аимак зцыу азҵаарақәа ҭынчмҩала рыӡбара иазхиан, иагьазхиоуп аринахысгьы. „Ҳара ҳазхиоуп аиҿцәажәарақәа рылахәхара, аганқәа рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла ианынагӡалакь ашьҭахь“.

 

Еиду Америкатәи Аштатқәа рмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ  ихаҭыҧуаҩ Метиу Браиза, иара убасгьы иазгәеиҭеит,ақырҭуа-аҧсуа еиҿцәажәарақәа рыцҵара аамҭа ааит ҳәа, убри инамаданы, уи ирыдигалеит идипломатиатә ҽазышәарақәа рхархәара.

 

„Аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҭагылазаашьа уадаҩхеит аимак азонаҿы, уи адунеи ауаажәларра агәҭынчымра рызцәырнагоит. Сара агәра згоит, ари иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа алҵразы амҩа ҧшаахоит ҳәа,“ -азгәеиҭеит Браиза.

 

12.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Атәылахьчара аминистрра Қырҭтәыла аара аднаҵоит еиҭахгьы Москватәи Аиқәшаҳаҭра ахьеиланагаз азы

 

Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Г.Кәпалба Қырҭтәыла аара адиҵеит аихымца аанкылареи амчқәа реидыгареи рзы Москватәи Аиқәшаҳаҭра еиҭахгьы еиланагеит ҳәа.

 

Г.Кәпалба иажәақәа рыла, 17 сааҭи 05 минуҭи рзы,аҧрыгатә аппарат Очамчыра араион Гәдаа ақыҭан икажьын. 17 сааҭи 25 минуҭи рзы еиҭахгьы даҽа ҧшыхәратә аппаратк,иара убри араион аҟны иахаҧыруан. Уи акурс шьҭыхын жәларбжьаратәи аҳаиртә мҩа иазааигәаӡаны. Уби азын, Атәылахьчара аминистр идҵа инақәыршәаны, уи акажьра иаламгеит,“- азгәеиҭеит Кәпалба.

 

Кәпалба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы, Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәаа  иахьаҧну аҽеизгара иаҿуп ирацәаҩны ар, урҭ рхырхарҭа иацклаҧшуеит. “Иахьазы, аҳәааҿы 7 нызқьҩык инареиҳаны архәҭақәеи, абџьари атехникеи еизгоуп,“ -инаҵшьны иазгәеиҭеит Кәпалба.

 

09.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны ахьынӡанаӡааӡоз иазгәарҭеит 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира 63-шықәсхыҵра

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбаҭаҟны имҩаҧысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рзы аныҳәатә дкылара. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны анапхгареи рыхьӡалеи хаҭалеи Аҧсны иқәынхо аибашьра аветеранцәа ирыдиныҳәалеит Аиааира Ду Амш.

 

„Ари арыцхә адунеи иқәнхо ажәларқәа зегь рзы аҵак ду амоуп. Иҭабуп идуӡӡан ҳәа шәаҳҳәоит, акыр иаҧсоу аветеранцәа, ауаатәыҩса афашизм аҟынтәи рхы рақәиҭтәразы  иаашәырҧшыз афырхаҵаразы.

 

Шәара шәҿырҧшы аҭыҧ ҷыда ааннакылеит аҧсуа-қырҭуатә еибашьраҿы- шәара шәыҷкәынцәа,шәмаҭацәа, шәара шәфырхаҵара иаҿыҧшны Аҧсны ахьыҧшымра еиқәдырхеит.

 

Рҿаҧхьа ҳхырхәоит, зыҧсҭазаара аибашьра Дуӡӡа адәаҿы иҿахҵәаз,“ - иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

 

Аҳәынҭқарра Ахада агәра диргеит, Аҧсны анапхгара аринахысгьы аветеранцәа рыцхырааразы ирылшо зегьы шыҟарҵо ала.

 

С.Багаҧшь аветеранцәа ирзеиҕьеишьеит  агәабзиара, аманшәалара, ашықәсрацәа.

 

Анаҩсан, Ареспублика анапхгареи, Абжьаҟазаратә Мчқәа ркомандаҟаҵареи, ауаажәларреи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 1941-1945 ш. рзы Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟа аҿаҧхьа.

 

Аветеранцәа ирызкыз аныҳәатә митинг аҟны иқәгылеит Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа. Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Александр Страничкин, Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа ркомандаҟаҵаҩ, аинрал Сергеи Чабан, иара убас егьырҭгьы.

 

Иара убас, Гәдоуҭа араион аҟны имҩаҧысит аныҳәа иазкыз аҽтәы спорт еицлабра.

 

09.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Пицунда иаатит Нижегородсктәи атәылаҿацәи Аҧсни рҿари рстудентцәеи рыбжьара раҧхьаӡатәи Аконгресс: “ИНТЕРДИАЛОГ: АПСНЫ.SU“ захьӡу

 

Пицунда иаатит Нижегородсктәи атәылаҿацәи Аҧсни рҿари рстудентцәеи рыбжьара раҧхьаӡатәи Аконгресс: “ИНТЕРДИАЛОГ:АПСНЫ.SU“ захьӡу. Уи рхы аладырхәт 200-ҩыуаак инарзынаҧшуа иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟынтәи астудентцәеи, иара убас ауаажәларратәи азаанаҭеидгылатәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи.

 

Аконгресс иалахәу асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь.

 

Афорум еиҿыркааит-Нижегородсктәи атәылаҿацә Иреиҳау аҵараиурҭақәа 11-еи, Аҧсны ахадареи, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Унивирситети.

 

6-мшктәи аконгресс аусураҿы иарбоуп атреннингқәа,астол гьежьқәа, ацәыргақәҵақәа, аекономикатә усуратә хәмаррақәа, иара убасгьы, арҿиаратә хәлҧазқәа. Урҭ хықәкыс ирымоуп Нижегородсктәи атәылаҿацәи Аҧсни рыбжьара аусуҩтәи асоциал-культуратәи еимадарақәа рырҕәҕәара.

 

Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭкомитет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба излеиҳәаз ала, аконгресс иалахәу рзы аиҿкаара ргәы иҭоуп ашкол-интернатқәа рҵаҩцәеи, астудентцәеи, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Унивирситет аусзуҩцәеи рҧыларақәа.

 

„Ари аконгресс аиҿкаара алыршахеит Нижегородсктәи атәылаҿацәи Аҧсни рыбжьара аилахәҳахәҭра-економикатәи анаука-техникатәи, акультуратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы анаҵаҩха ашьҭахь. Аиқәшаҳаҭра апротокол аҿы иарбоуп аҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара аҵарадырратәи, анаукатәи еимадарақәа рырҕәҕәареи, аҧышәаеимадареи,“ -азгәарҭеит аиҿкааҩцәа.

 

07.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Қырҭтәыла ахымҩаҧгашьа иахәҭоу ахәшьара анамаиу жәларбжьаратәи ауаажәларра рҟынтәи,иҽеим алҵшәақәа рахь ҳкылнагоит

 

Қырҭтәыла ахымҩаҧгашьа иахҟьаны иҟоу аибарххара арегион аҟны аҭынчра ашәарҭара иҭанаргылеит, иара убасгьы аиҿцәажәарақәа рыцҵара апроцесс еиҵанархоит. Абри атәы аҳәоит аҩаша,лаҵарамзы 6 рзы Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭаҟны.

 

Ақырҭуа ган ашәарҭадара азонаҿы рхымҩаҧгашьа иахҟьаны, аҧсуа-қырҭуатә еимакы азонаҿы рхыҧхьаӡара еизырҳахеит Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа, -аҳәоит Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахәамҭаҟны.

 

Атәыла Адәныҟатәи Аусқәа рхылаҧшырҭа ишақәнарҕәҕәоит, “ақырҭуа-ҧшыхәратә аппаратқәа Аҧсны атерриториа ахыҧраарала ҕәҕәала еиланагоит Москватәи Аиқәшаҳаҭра, лаҵарамза 14, 1994 ш. рзы аихымца аанкылареи амчқәа реидыгареи рзы анапы зҵаҩыз, уи адагьы ашәарҭара иҭанаргылоит ари арегион аҟны жәларбжьаратәи ауаажәларратә ҳаиртә мҩангагақәа. Ари азы изныкымкәа Аҧсны анапхгара Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаарахь Ааҧхьарақәа дәықәрҵахьан.

 

Хәҭакахьала, ҧхынҷкәынмза 25, 2007 ш. рзы Қырҭтәыла  иҟоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахь ишьҭу Ааҧхьараҿы иаҳәоит: “Аҧсны атерриториа аҟны ақырҭуа-ҧшыхәратә ҳаирпланқәа рахыҧраара ианаҟәымҵ,аҧсуа ган ишашьашәалоу ала ахы мҩаҧнагоит ҳәа“.

 

„Қырҭтәыла ахымҩаҧгашьазы иҟаз агәҽанҵарақәа хьаас иҟамҵаӡакәа,усгьы иуадаҩу аҭагылазаашьа еиҳагьы идырҕыҕкуеит, Атынч уааҧсыра рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло,“ -аҳәоит Аҧсны Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ааҧхьараҟны.

 

Жәларбжьаратәи ауаажәларра рҟынтәи Қырҭтәыла ахымҩаҧгашьа иахәҭоу ахәшьара анамаиу,иҽеим алҵшәақәа рахь ҳкылнагарц алшоит – ҳәа аҧхьаӡоит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра.

 

Атыҧ змаз ахымҩаҧгашьақәа рыҭҵаара, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара  ахылаҧшрала, ҳәара атахыума акраҵанакуеит. Аха иааҟәымҵӡакәа ақырҭуа-ҧшыхәратә ҳаирпланқәа иҧыруеи, ақырҭуа ган ҳаҧыррақәа аанаҳкылаӡом аинахыгьы ҳәа иҟарҵо ахәамҭақәеи, ари аҩыза аҭҵаара аперспеқтива амаӡам“ -ҳәа азгәанаҭоит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа  рминистрра.

 

Иароа убас шакәугьы, аҧсуа ган ари аҭҵаара аҵак ҷыда иамоуи, уи аҭҵаара зда ҧсыхәа амам акәны ишыҟои азгәаҭаны „Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи уи Амаӡаныҟәгах Хада Иҩызцәа Ргәыҧи аарыҧхьоит, зегь раҧхьа иргыланы ахәшьара арҭарц урҭ рхымҩаҧгашьеи, уи азы Қырҭтәыла аҳәамҭақәеи, насгьы инаҵшьны иазгәарҭарц, азин рымоума Қырҭтәыла аҧшыхәратә ҳаирпланқәа Аҧсны атерриториаҿы аҧырра“.

 

Иара убасгьы, ҳасаб азыруырц, Қырҭтәыла иҟанаҵаз Аҳәамҭа арҭ аҧыррақәа ҳрылахәымызт ҳәа, иара убасгьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҭнаҵаароуп Қырҭтәыла шаҟа ҧшыхәратә ҳаирплан аанахәахьоу, насгьы урҭ шаҟа нхази,“ -аҳәоит Ааҧхьараҿы.

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра, иара убасгьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаарахь аҳәара ҟанаҵоит, ахҳәаа азыҟарҵарц Қырҭтәыла аҳәынҭминистр Г.Барамиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа, ақырҭуа-ҧшыхәратә ҳаирпланқәа рыҧырра Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаарахь заанаҵ адырра ҟаҵан ҳәа  иинтервиу аҟны ииҳәаз.

 

Аҧсуа ган агәра агоит „хыхь еиқәыҧхьаӡоу  адҵаҟаҵарақәа рынагӡара, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи  Аҩызцәа Ргыҧи рахьариныхыстәи агәреибагареи аусеицуреи рзы иуасхыр бзиахоит“.

 

07.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыцклаҧшуеит Ҟабарда-Балкариа

 

Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәеи,Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәааҿы изҿыу аибашьра аҽазыҟаҵарақәеи ирыцклаҧшуеит Ҟабарда-Балкариа.

 

„Аҧсны иахьа имҩаҧысуа, сара сахьахәаҧшуа акәрорттә сезон аламҭалазы, есышықәса Қырҭтәылаа иҟарҵо баша абџьар еизгароуп,“-иҳәеит Ҟабарда-Балкариа Аҧсны ахаҭарнак, аҧсуа еибашьра аветеран Ибрагим Иаганов.

 

Убасгьы уи иҧхьаӡоит, иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы, аҧсуа зҵаара мчыла аӡбара залыршахом ҳәа. “Аҧсны уажәшьҭа иамоуп аҭагылазаашьа бзиа, 90-тәи ашықәсқәа рзын аасҭа. Усҟантәи аамҭазы иҟамызт аибашьраҿы аҧышәа бзиа змаз, иҟамызт абџьар. Уажәы арҭқәа зегьы ыҟоуп. Иахьа Аҧсны иҟоуп аибашьра иазыҟаҵоу аспециалистцәа бзиақәа,“-иҳәеит Иаганов.

 

„Иахьа Аҧсны иаҭаххар ахатәгәаҧхаратә гәыҧқәа рыҟнытәи ацхыраара, уи аиҿкаара аҭаххаӡом, досу ихазы иара иӡбароуп“- азгәеиҭеит Ибрагимов.

 

Уи агәра игоит, хатәгәаҧхарала Аҧсны ацхраара зҭаххо рацәаҩуп ҳәа. “90-тәи ашықәсқәа раан араҟа еибашьуаз рыбжеиҳараҩык рықәра иҭысхьеит, аха урҭ зыҧсахуа аҿар рацәаҩуп,“ -ҳәа азгәеиҭеит И.Иаганов.

 

А.Бекшоков-Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаҧхаралатәи Аидгыла ахантәаҩы иазгәеиҭеит, аҧсуа-қырҭуатә еиҿагылара уззыҧшӡам ахырхарҭа аиурц алшоит -ҳәа.

 

Хатәгәаҧхаралатәи ацхыраара аиҿкаара азҵаараҿы А.Бешкоков иҳәеит: “Ацхыраара еиҿкаамхаргьы ауаа рхала идәықәлоит. Адыгцәа џьбарақәоуп, урҭ аганахь инхаӡом. Ари ацхыраара дарбанзаалак анапхгаҩы иҭаххара иахьыҧшхаӡом“.

 

05.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Ажрналистцәа идырбан иҭархаз ақырҭуа-ҧшыхәратә ҳаирпланқәа руак ацыҧҵәахақәа

 

Ашәахьаҽны, Аҧсны Атәылахьчара аминистрраҟны идырбан амҽышаҽны Аҧсны аҳаирхьчаратә Мчқәа рыбзоурала иҭархаз аҳаирплан ацыҧҵәахақәа.

 

Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Закан Нанба ажурналистцәа излареиҳәаз ала, аҧҽыхақәа ҧшаан Очамчыра араион Кохора ақыҭан. Иара иажәақәа рыла, “уажәазы иҧшаау аҧҽыхақәа реиҿырҧшра мҩаҧысуеит. Ҳара ҳгәы иаанагоит, уаанӡа иҭархаз аҧрыгатә-ҧшыхуратә аппарат акласс иатәуп ҳәа“ -азгәеиҭеит З.Нанба.

 

Уи иҳәеит, “аҩбатәи аҳаирплан аҧҽыхақәа  ҭажьуп, анеира ахьыуадаҩу ашьхарахь ҳәа. Иара убасгьы, иазгәеиҭеит, аҧшааратә гәыҧ русра шаруадаҩуа амш ацәгьареи аҧсҭҳәеи. Атәылахьчара аминистр Гарри Кәпалба, иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит, рыҩ-ҳаирпланкгьы Қырҭтәылантәи ауп ишааз ҳәа. “Ҳара урҭ рхырхарҭа ҳацклаҧшуан Қырҭтәыла аҳаиртә ҳәаа аҟны ианыҟаз нахысгьы, Аҧсны аҳаиртә ҳәаа иахысны Гал араион ианахыҧраауаз иҭархан аракета „земля-воздух“ ала,“-иҳәеит уи.

 

05.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Иҧшаауп Аҧсны аҳаиртә ҳәаа аҟны иҭархаз ақырҭуа-ҧшыхәратә ҳаирпланқәа рыҧҽыхақәа

 

Иҧшаауп,лаҵарамза 4 рзы Аҧсны аҳаиртә ҳәаа аҟны иҭархаз ақырҭуа-ҧшыхәратә ҳаирпланқәа рыҧҽыхақәа.Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба излеиҳәаз ала, иахьа шьыжьнаҵы ирыцҵан аҧшаарақәа.

 

Атәылахьчара аминистрраҟны изларҳәаз ала, амш иалагӡаны ақырҭуа-ҧшыхәратә ҳаирпланқәа рцыҧҵәахақәа дырбахоит.

 

Аҧсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахәшьара аиҭоит Г.Кәпалба.

 

05.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Р.Ҳаџьымба: Қырҭтәыла иҟанаҵо иарбан шьаҿазаалак ҳара ҳазыхиоуп иара иашьашәалоу ала аҭакҟаҵара

 

„Қарҭ мап ацәнакуеит, Қырҭтәыла аибашьра агәы иҭоуп ҳәа иҟоу аинформациа, аха афакт фактны иаанхоит. Қырҭтәыла аҧшыхәратә ҳаирпланқәа Аҧсны аҳаиртә ҳәаа шеиларгац еиларгоит, ҳаргьы урҭ ҭаҳархалароуп“. Абри атәы иҳәеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Р.Ҳаџьымба, аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ахҳәаа рзыҟаҵо.

 

Р.Ҳаџьымба ишьақәирҕәҕәеит, лаҵарамза 4 рзы иҭархаз аҧшыхәратә ҳаирпланқәа рыҧҽыхақәа шыҧшаау. “Егьырҭ аҧшыхәратә ҳаирпланқәа рыҧҽыхақәа рыҧшаарақәа ирыцҵоуп,“-иациҵеит уи.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Аҧсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахәшьара аиҭеит. “Аҭагылазаашьа ареспубликаҿы иҭышәынтәалоуп, аха ҳара ҳазыхиазароуп Қырҭтәыла аганахьала иарбанзаалак ахҭыс-иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ. -Қырҭтәыла Аҧсны аганахь ала иҟанаҵо иарбанзаалак ашьаҿа, ҳара ҳазыхиоуп иара ишашьашәалоу аиҧш аҭакҟаҵара.“

 

05.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны аҳаиртә ҳәаа иахьаҵанакуа иҭархан ҧырҩы дызҭаҭәамыз аҧшыхәратә ҳаирпланқәа ҩба

 

Лаҵарамза 4 рзы 16-и 17 сааҭи рыбжьара Аҧсны аҳаиртә ҳәаа иахьаҵанакуа Аҳаирхьчаратә мчқәа рымчала иҭархан Қырҭтәыла арра-ҳаиртә мчқәа иртәыз,ҧырҩы дызҭатәамыз аҧшыхәратә ҳаирпланқәа ҩба.

 

Руак ҭархан Гал араион Дихазурга аиланхарҭатә ҭыҧ аҟны 16 сааҭи 6 минуҭки рзы,егьи ҭархан16 сааҭи 51 минуҭи рзы  Барҕьаҧ ақыҭан. Абри атәы иҳәеит амассатә информациатә хархәагақәа рҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак К. Бжьаниа.

 

К.Бжьаниа иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз иахҟьаны, Аҧсны Арбџьармчқәа рырхәҭақәеи рыҟәшақәеи рҟны ирылаҳәоуп аибашьра иазхиазарц. Иҷыдоу амчқәа дәықәҵоуп Аҧсны аҳаиртә ҳәаа ашәарҭадара ахьчаразы.

 

Аҧсны Ар рҧыза Ахада,Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, амҽыша зусуратә ҭыҧ аҟны иҟаз, адҵа ҟаиҵеит, Ареспублика аҳаиртә ҳәаа еилазго зегьы рҭархаразы, иҳәеит К.Бжьаниа.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада дааиҧхьеит Урыстәыла Абжьаҟазаратә Мчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада аинрал-маиор С.Чабан, уи иирдырит аҭыҧ змаз аҳаиртә ҳәаа аилагара.

 

Уаанӡа, хәажәкыра 18-и мшаҧымза 20 рзи Аҧсны аҳаиртә хьчареи. Аҧсны арратә ҳаиртә мчқәеи иҭадырхахьан аҧшыхәратә ҳаирпланқәа ҩба.

 

04.05.2008  abkhaziagov.org

 

 С.Шамба амҽышаҽны аҭыҧ змаз ахҭыс „Қырҭтәыла агрессиатә хықәкы мап ацәнакуам „ҳәа ахәшьара аиҭеит

 

Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба Аҧсны жәҩан аҟны аҭыҧ змаз аилагара ахәшьара аиҭеит „ақырҭуа ган ақәыларазы ахықәкы ирымоу ишацәхьамҵуеи,насгьы лаҵарамза 14, 1994 ш.рзы ахымца аанкылареи аганқәа реидыгареи рзы иҟарҵаз Аиқәшаҳаҭра хықәкыла ишеиланаго“.

 

„Изныкымкәа,Аҧсны ахадара аҳәамҭақәа шыҟарҵахьоугьы, ақырҭуа ган иааҟәымҵӡакәа Аҧсны аҳаиртә ҳәаа ахьеиларго иахҟьаны,уи ишашьашәалоу  ала ҳхы мҩаҧаҳгоит“-иҳәеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр.

 

С.Шамба иазгәеиҭеит,аҧшыхәратә ҳаирпланқәа рыҩбагь Ашәарҭадаратә ҭыҧ аҿы ишҭархаз. „Қырҭтәыла аибашьра аанкыларазы Москватәи Аиқәшаҳаҭра шеиланагац еиланагоит,жәларбжьаратәи ауаажәларра рҿымҭра ахы иархәаны“-азгәеиҭеит уи.

 

С.Шамба иҳәеит,иҟалаз ахҭыс азы дышиацәажәоз Қырҭтәыла азы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ Хада  ихаҭыҧуаҩ ихаҭарнак ҷыда Иво Петров, аҳәамҭагьы ҟаиҵеит „Қырҭтәылатәи аҧшыхәратә ҳаирпланқәа Аҧсны аҳаиртә ҳәаа рахыҧраара,жәларбжьаратәи анаҧшцәа иахәҭоу ахәшьара арҭароуп“-ҳәа.

 

04.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны бџьаршьҭыхлатәи ақәылара иалагарц алшоит иаарласӡаны-Атәылахьчара аминистрра

 

Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Гарри Кәпалба  Аҧсны амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа иреиҳәеит ақырҭуа ар рыҽшазыҟарҵо ақәылара.

 

„Еилкаауп Қырҭтәыла ишазнархиаз аплан Аҧсны бџьаршьҭыхла ақәларазы. Зегь реиҳа ари ақәылара аиҿкаара активла рхы аладырхәт ақырҭуа ар бџьарла реиқәыршәареи рреформеи ирҿыу аҳәаанырцәтәи арратә зыҟаҵаҩцәа,“-иҳәеит Г.Кәпалба.

 

Иара иажәақәа рыла, Аҧсны „бџьаршьҭыхлатәи ақәылара иалагар алшоит иаарласӡаны. Аплан аҟны иарбоуп, Аҧсны агаҿа аҟны ихадоу аобиектқәа рымпыҵахалареи, иара убасгьы зхыҧхьаӡараҿы 3-нызқьҩыуаак аруаа ыҟоу архәҭақәа Кәыдры аладахьтәи ахәҭахьы рнагареи“.

 

„Зыгәра ҳго ахыҵхырҭақәа ирыбзоураны, иара убасгьы еилкаауп, иҳәеит Г.Кәпалба, Қарҭ иҟоу аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа гәыҧҩык Қырҭтәыла аҳҭны-қалақь ааныжьра рҽшазыҟарҵо“.

 

04.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь имҩаҧигеит Ашәарҭадаратә Хеилак алахәлацәа рзы аилатәара

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Адыгеиантә ивизит хыркәшаны Аҧсныҟа дгьежьит. Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧигеит Ашәарҭадара Ахеилак алахәлацәа рзы аилатәара. Уаҟа ирылацәажәан адәныҟатәи аҩныҵҟатәи политика азҵаатәқәа.

 

С.Багаҧшь ирзеиҭеиҳәеит аиашьаратә республика ашҟа ицара алҵшәақәа. Уаҟа уи диҧылеит Адыгеиа Ахада Асланчири Тхакәшинов. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, иара убасгьы дырҧылеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаҧхарала иалахәыз аибашьцәеи, иара убасгьы иҭахаз ранацәеи.

 

01.05.2008  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны рхыҧхьаӡара харҭәаауп Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа

 

Аҧсны ихарҭәаауп Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа  рырхәҭақәа рхыҧхьаӡара. Абри атәы реиҳәеит ажурналистцәа Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба.

 

Иара иажәақәа рыла, абжьаҟазаҩцәа рхыҧхьаӡара еизырҳауп иахынӡахәҭоу. 1994 шықәса,лаҵарамза 14 рзы Москва ирыдыркылаз ахымца аанкылареи амчқәа реидыгареи рзы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. С.Шамба иҳәеит, ари адокәмент инақәыршәаны,аимак аҭыҧ аҿы 3-нызқьҩык аррамаҵзуҩцәа бжьагылазароуп, аха 14 шықәса раахыс 2-нызқьҩык иреиҳамкәа Урыстәылатәи асолдаҭцәа аррамаҵура иахысуеит.

 

„Абжьаҟазацәа рхыҧхьаӡара аизырҳара еиланагом аибашьра аанкыларазы Аиқәшаҳаҭра. Аҧсуа ган изныкымкәан аҳәара ҟанаҵахьан, Абжьаҟазаратә Мчқәа рхыҧхьаӡара ацҵаразы Москватәи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны“- ҳәа азгәеиҭеит С.Шамба.

 

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа рмандат иазҧхьагәанаҭоит, аибашьра алагара ашәарҭа ианҭагыла, еибашьуа аганқәа реидыгара. “Убри азын Аҧсны анапхгара адгылоит Абжьаҟазаратә Мчқәа рхыҧхьаӡара аизырҳара, уи ашәарҭадаразы агәрагара ҳнаҭоит“,- иҳәеит С.Шамба. Иара иажәақәа рыла, Аҧсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.

 

01.05.2008  abkhaziagov.org