AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 
 Қырҭтәыла арратә абаза ҿыц идыргылоит

 

Қарҭ, Қырҭтәыла НАTО астандартқәа ирыҵанакуа арратә база ҿыц дыргылоит.

 

Қырҭтәылатәи Атәылахьчара аминистр Иракли Оқруашьвили телехәаҧшрала ириҭаз аинҭервиу аҿы ишиҳәаз ала, НАТО астандартқәа ирыҵанакуа актәи арратә база ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа идыргылоит.

 

"Абаза аҟны аус зуа 3000-ҩык аруаа раҧхьаӡа игылоу  дҵаны ироуеит Қырҭтәыла анапы аҵаҟа иҟам Гал араион аҿы аҭынчра аиҭашьақәыргылара ," - ҳәа иацыиҵеит Оқруашьвили.

 

Ари абаза ҿыц ахьдыргыло Гал араион 55 км иацәыхароу Сенаки акәхоит.

 

03.04.2006  Ajans Kafkas

 

 Нугзар Ашәба Руслан Ҳаџьибеков Ареспублика Адыгеиа аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә орган Ахада иҭыҧ ахь иалхра идиныҳәалеит

 

Ареспублика Аҧсны Жәлар Реизара аспикер Нугзар Ашәба Руслан Ҳаџьибеков Ареспублика Адыгеиа аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә орган Ахада иҭыҧ ахь иалхра идиныҳәалеит, иагьизеиҕьеишьеит иусураҿы ақәҿиара дуқәа, агәабзиара, агәамч.

 

"Шәара инашәываргыланы, Ареспублика Аҧсны Жәлар Реизара Ареспублика Адыгеиа Аҳәынҭқарратә Хеилак -Хасе -  аилазаара ҿыц иалоу адепутатцәа иреиҳаӡоу ақәҿиарақәа рзеиҕьанашьоит,-" ҳәоуп уи инаишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

 

Апарламент аспикер иаҵшьны иазгәеиҭеит Ареспублика Аҧсни Адыгеиеи раҧхьаҟатәи русеицура, уи арҭбаара аҧсҭазаара аганқәа зегь рзы, иара убас Кавказ атерриториаҿы аҭынчра ашьақәгыларазы аҵак ду шамоу.

 

03.04.2006  Аҧсныпресс

 

 "Ҳело траст" Аҧсны атерриториаҿы реиҳа ихадароу аусура ахәҭа ашықәс анҵәамҭазы ихнаркәшоит

 

Ареспублика Аҧсны анапхгареи аминақәа рыҧшаареи рықәхреи ирызку Британиатәи жәларбжьаратәи аорганизациа "Ҳело траст"-и  имҩаҧыргаз аорганизациатә усқәа рзы, насгьы раҧхьаҟатәи русеицуразы Аҧсны иқәынхо ауаажәлар аинформациа еицрырҭоит.

 

"Ҳело траст" Аҧсны атерриториаҿы реиҳа ихадароу аусура ахәҭа ашықәс анҵәамҭазы ихнаркәшоит. Аминақәеи артҟәацгақәеи рҟынтә ирыцқьахаз аҭыҧқәа Аҧсны анапхгара рнап аҵаҟахь ииасуеит.

 

Убри инадҲәаланы имҩаҧысраны иҟоуп ари жәларбжьаратәи аорганизациа аусзуҩцәа Аҧсны анапхгареи, иара убас ақалақьқәеи ақыҭақәеи радминистрациақәа рнапхгаҩцәеи дареи реиҧыларақәа.

 

03.04.2006  Аҧсныпресс

 

 

 

 

 

 

Hit Counter