AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәиәабжь ҿыцқәа --------------------


 
 Аҧснытәи амшынҳәаахьшьцәа иааныркылеит Қырҭтәылантәи ауааҧсыра

 

Хәажәкыра 29 рзы Очамчыра араион Гагида ақыҭан иахьаҵанакуа Аҧснытәи аҳәаахьшьцәа иааныркылеит хҩык Қырҭтәыла ауааҧсыра.

 

Излеилкаахаз ала, иаанкылаз ақырҭуа ҧсыӡкцәа Аҧсны амшын ҳәааҿы закәандарыла мотортә шхәала аҧсыӡ ркуан. Иаанкылаз рыхҩыкгьы ахараҧса дыршәаны рышьҭахьҟа идәықәҵан, ирымхын рышхәеи рыҧсыӡкыгақәеи.

 

Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа  ркомандаҟаҵара, Қырҭтәылатәи аинформациа амассатә хархәагақәа, урыстәылатәи аруаа  ақырҭуа псызкыҩцәа раанкылара иалахәушәа, мап ацәыркуеит.

 

„Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа амшынҳәаахьчаратә пост заҵәыкгьы рымаӡам“-иҳәеит Акомандаҟаҵаҩ ицхыраагӡаҩ аподполковник Диордиев.

 

31.03.2008  abkhaziagov.org

 

 С.Шамба: Аҧсны ахадара Қырҭтәыла аганахьала агәы иҭам аполитикатә еиҿцәажәарақәа рыцҵара

 

Аҧсны ахадара иарбан политикатә еиҿцәажәаракгьы амҩаҧгара ргәы иҭаӡам Қырҭтәыла аганахьала, урҭ 1994 ш. Москватәи Аиқәшаҳаҭра еилаганы 2006 шықәса рзы Кәыдрытәи аиҩхаа рырхәҭақәа ахьаларгалаз аҵыхәала. Абри атәы иҳәеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамба, Қырҭтәыла Ахада М.Саакашвили Аҧсны инарҭбаау автономиа аиуразы иҟаиҵаз ажәалагала ахҳәаа ҟаҵо.

 

С.Шамба иажәақәа рыла: “Қырҭтәыла ахадацәа зегьы иҳадыргалахьан инарҭбаау автономиа, ҳара уи  атема ҳалацәажәарц ҳгәы иҭаӡам".

 

"1999 ш. рзы Аҧсны имҩаҧнагеит  ареферендум, 97 % ауааҧсыра рыбжьы рҭиит зых иақәиҭу аҳәынҭқарразы. Убри азын, иарбан еиҿцәажәаразаалак убри аганахь ала иҵаҵҕәыдоуп. Қырҭтәылеи Аҧсни рыбжьара агәлара еимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азын аиҿцәажәарақәа ирыцҵахарц рылшоит... Аха иахьазын аиҿцәажәарақәа зегьы аанкылоуп, Қырҭтәыла аганахь ала иҟоу аилагарақәеи, уи азын аҧсуа аган иаанарҧшуа агәрамгареи ирыхҟьаны“-иҳәеит С.Шамба.

 

Адәныҟатәи Аусқәа рминистр, иара убасгьы иазгәеиҭеит: “Аҧсны ахадара иарбанзаалак еиҿцәажәарак мҩаҧнагаӡом, Кәыдрытәи аиҩхаа аҟынтәи ақырҭуа солдаҭк идамхаргьы дыҟанаҵы. Аиҩхаа аҟынтәи ақырҭуа ар аналгахалак ашьҭахь иацҵахарц рылшоит ақырҭуа-аҧсуатә еиҿцәажәарақәа“.

 

„Аҧсны астатус акәзар, уи азҵаара ажҽәлар ирыӡбахьеит, алацәажәарагьы аҭахӡам“ – иҳәеит С.Шамба.

 

31.03.2008  abkhaziagov.org

 

 С.Багаҧшь:“Иарбан автономиазаалак ҳақәшахаҭым“

 

Қырҭтәыла Ахәынҭқарра Ахада М.Саакашвили иҟаиҵаз ажәалагала Аҧсны инарҭбаау автономиа астатус аҭаразы, ҳара ҳзы ҿыцрам, ари аҩыза аҳәамҭақәа лассы-лаасы иҟарҵалоит Қырҭтәыла ахадацәа, иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, Қырҭтәыла Аҳәынҭкарра Ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа ахҳәаа азыҟаҵо.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ҳақәшаҳаҭым иарбанзаалак автономиа, ҳара аргылара ҳаҿыуп  зых иақиҭу аҳәынҭқарра. 

 

„Ҳара аиҿцәажәарақәа рахь ҳнеиуеит, Қырҭтәыла аган аибашьра аиҭамырҿыцреи амчқәа рхархәареи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩуазар, насгьы ақырҭуа архәҭақәа Кәыдры аиҩхаа аҟынтәи ианалгахалак. Убарҭқәа зегьы рышьҭахь, Аҧсынтәыла азхиоуп агәларатә ҳәынҭқаррак аҳасабала аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара, “азгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада. Иара убасгьы иҳәеит аполитикатә еилахәҳахәҭрақәа ари азҵаараҟны ҭыҧ шрымам.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, Аҧсны Ареспублика анапхгареи  ажәлари илырхыз амҩа ианыҵраны иҟаӡам, уи шьақәрҕәҕәоуп Конституциала.

 

31.03.2008  abkhaziagov.org