AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------



 

 Аҳәынҭқарратә компаниа "Черноморенерго" Агенералтә директор Аҧсны апрезидентразы дкандидатхоит

 

Сергеи Багаҧшь Аҳәынҭқарратә компаниа "Черноморенерго" Генералтә директорс дамоуп. Уи 2004 ш. жьҭаара-мза 3 рзы имҩаҧысраны иҟоу апрезидент иалхрақәа рҿы кандидатны дықәыргылахоит ауаажәларратә-политикатә еидгылақәа "Амцахара"- "Единаҭ "Абхазия" рблок аҟынтә.

 

 Ари атәы ИА REGNUM иеиҳәеит "Амцахара" - "Единаҭ Абхазия" аблок анагӡаратә маӡныҟәгаҩ, акоординациатә хеилак иалоу Нугзар Агрба.

 

Иара убас, иахәаҧшуеит авице-президент иҭыҧ азы аЯоурыхҭҵааҩ Станислава Лакоба  икандидатура.

 

Нанҳәа ҧ рзы официалла апрезидентразы акандидатцәа рықәыргылара иалагоит.

 

Иазгәаҳҭап апрезидентразы акандидат Сергеи БагаҧшЬ аҳәынҭқарратә маҵураҿы ишааникылахьоу аҭыҧқәа:

 

1980 ш.- ВЛКСМ Аҧснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ.
1982 ш. - Очамчыратәи РК КП актәи амаӡаныҟәгаҩ.
1992 ш. - Аҧсны Ареспублика аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ.
1995 ш.. - Аҧсны Ареспублика актәи авице-премиер.
1997-1999 шш. - Аҧсны Ареспублика апремиер-министр.

 

20.07.2004  ИА REGNUM

 

 Англиаа рыцхыраарала Саакашьвили Аҧсны Гал араион аҿы атомтә бомба дашьҭалоит

 

Ателекомпаниа BBC-и Қырҭтәыла анапхгареи  аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит атәыла аконфликттә регионқәа ирызку адокументалтә фильм аҭыхразы.

 

Ари аинтернет-гуҧ «Абхазия – Страна Души» акорреспондент иарҳәеит британиатәи ателекомпаниа москватәи абиуро аҿы. Излаӡбоу ала, британиатәи ателехәаҧшра аусзуҩцәа Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашьвили ҳазҭоу ашықәс ҧхынгәы-мза азы планс имоу Аладатәи Осетиаҟа ицара аан ицзаауеит. Уи ашьҭахь аҭыхрақәа мҩаҧызго агуҧ ыиасуеит Аҧсны Гал араион ахь, насгьы ари ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа аазырҧшуа асиужет ҭырхуеит.

 

Афильм асценари иалаҵахоит ҧыхьатәи Аҟәатәи Афизикатә-техникатә институт аҿы аус зуаз aҵарауаҩ ириҭо аинтервиу. Уи ирзеиҭеиҳәараны дыҟоуп 90-тәи ашықәсқәа рзы Аинститут аҿы аҭыҧ шамаз арадиоактивтә материалқәа рыӡра, уи аус ишалаху аҧсуа спецмаҵзурақәа. Аекспертцәа иҟарҵо алкаа иаанарҧшраны иҟоуп арҭ аматериалқәа нас ишрылхыз "абомба ҟьашьы" ҳәа изышьҭоу.

 

Британиааи ақырҭқәеи реиқәшаҳаҭрала, ателефильм иалаҵахоит Қырҭтәыла иҟоу Урыстәылатәи  Арратә Мчқәа рбазақәа рҿы арбџьартә маҭәахәқәа рыҵәахратә ҭагылазаашьақәа ирызку арепортаж.

 

Урҭ абазақәа рааигәара инхо ауаа рзын ари иҟанаҵо ашәарҭара ҳаракы инаҵшьны иаарҧшхоит. Ихадароу лкааны иҟалоит  урыстәылатәи абџьар  аамҭа кьаҿк аҩныҵҟала ареспублика иалгамзар шамуа . Урыстәылагьы даҽа знык иахарартәуеит уи иатәу ар Қырҭтәыла алгаразы Сҭампылтәи аиқәшаҳаҭрақәа ахьынанамыгӡо.

 

Афильм идырбахоит  ҭагалан Англиа, Америка, егьырҭ атәылақәа рҿы. Қырҭтәыла анапхгара излаӡбаз ала, алента ателехәаҧшраҿы ацәырҵра Амраҭашәаратәи атәылақәа рҿы Қырҭтәылазы агәаанагара бзиа арҿиара иацхраауеит.Уи Қырҭтәыла "атерриториалтә акзаара" апрактикаҿы аиҭашьақәыргылара алагамҭазы ихәарҭахоит.

 

Аекспертцәа ргәаанагарала, Саакашьвили Амраҭашәаратәи атәылақәа рахь ирылаирҵәарц ииҭаху Аҧсны иахылҵуа аиадротә шәарҭара иазку амиф даара иеиҧшуп  Ирак ақәлара аламҭалазы америкатәи администрациа активла апропаганда зызнауаз, Саддам Хусеин массала ауаа рнырҵәаразы имаз абџьар атәы зҳәо амиф.

 

15.07.2004  АПСНЫ-INFORM

 

 Аҧсны апрезидент иалхрақәа мҩаҧысуеит жьҭаара-мза 3 рзы.

 

Аҧсны апрезидент иалхрақәа раамҭас иазҧҵәоуп ҳазҭоу ашықәс жьҭаара 3. Ари аҩыза ақәҵара аднакылеит ахаша Ареспублика Аҧсны Апарламент. Аҧсны апрезидент хәы-шықәса ҳәа далхзаауеит.

 

Азакәан излаҳәо ала, Ареспублика Аҧсны президентс иҟало Аҧсны атәыла ауаҩра имазароуп, аҳәынҭқарратә бызшәа хатәы бызшәаны идыруазароуп, қәрала 35 шықәса деиҵамзароуп, 65 шықәса деиҳамзароуп, алхра алахәразы азин имазароуп, аҵыхәтәантәи хәы-шықәса Аҧсны атерриториаҿы дынхахьазароуп.

 

14.07.2004  РИА "Новости"

 

 Аҧсуа-ақырҭуа конфликт азонаҿы иҭынчрам

 

Аҧсуа-ақырҭуа конфликт ашәарҭадаратә зонаҿы аоперативтә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалам.  Аинформациатә агентра  REGNUM излаанацҳауа ала, ҧхынгәы 3-еи 4-еи рзы Аҧсны Гал араион ақыҭа Саберио иҟоу ахылаҧшратә ҭыҧ №211, иара убас қырҭтәыла Жәыргьыҭ араион ақыҭа  Ерисҵҟали иҟоу ахылаҧшратә ҭыҧ №304 иреихсын. Аҩыџьарагьы аӡәгьы ҧырхага изумызт.

 

Аҧшь-ганк злахуз акомиссиа аилатәара ари ахҭыс иазкын.

 

Ашәарҭадара аиқәырхаразы уа иҟоу СНГ аколлективтә мчқәа ркомандаҟаҵаҩы Иури Наумов ишиҳәаз ала, "арҭ ахысрақәа аконфликт азонаҿы иҟоу Аколлективтә мчқәа рахь ирхоу провокациоуп", иациҵеит насгьы агуҕра шимоу, "ари аҩыза ахҭысқәа уаҳа ишыҟамло ала".

 

09.07.2004 ИА REGNUM

 

Аҧсны еиҿкаауп даҽа партиа ҿыцк.

 

Аҟәатәи абаталион ҳәа хьӡыс измаз иалаз аибашьцәа еиҿыркааит ауаажәларратә партиа ҿыц "Нарҭаа". Уи еиднакылоит 120-ҩык инареиҳаны ауаа, 1992-1993-тәи ашықәсқәа раантәи аибашьра аветеранцәа злоу.

 

Ари аидкыла ахаҭарнакцәа ишырҳәо ала, урҭ еидызкыло аидеиақәа "административтәи, аусеиҿкааратәи, ахеидкыларатәи, егьырҭ аинтересқәеи реиҳа иҳаракуп".

 

"Нарҭаа" ргәаанагарала, ражәа рҳәарц азын аамҭа ааит, рымч аполитика анырра азҭо мчуп. Урҭ иҟалараны иҟоу апрезидент иалхрақәа ирылахәуеит, рцашьагьы иацклаҧшуеит.

 

Ари апартиа анапхгаҩы Витали Габниа ишиҳәаз ала, "апартиа иалоу еиднакылоит амилаҭтә идеиа - аҳәынҭқарра ашәарҭадара."

 

09.07.2004 ИА REGNUM

 

 Урыстәылатәи Афедерациаҿы зҽаҧсазтәыз артист "Геликон-опера" атруппа далахәны Аҧсны дықәгылоит

 

Аҧсны апремиер-министр Рауль ҳаџьымба дидикылеит аҳаҭыртә хьӡы "Урыстәылатәи Афедерациаҿы зҽаҧсазтәыз артист" занашьаз, Москватәи амузыкатә театр "Геликон-опера" асолист Алиса Гыц-ҧҳа.

 

Аинформациатә агентра REGNUM Аҧсны иҟоу акорреспондент ишиҳәаз ала, Аҧсны ашәаҳәаҩ лықәҿиарақәа ирылаҽхәоит. "Шәара шәыбзоурала Аҧсны аӡбахә раҳауеит адунеи иқәынхо ауаа рацәаны",- иҳәеит иара.

 

Алиса Гыц-ҧҳагьы ҭабуп ҳәа алҳәеит Аҧсны анапхгара, иара убас  атеатр "Геликон-опера" атруппа Аҧсны ақәгылара аиҿкаара гәахәас ишыҟалҵо.

 

08.07.2004 ИА REGNUM