AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 
 Аҧсны аиҳабыра ҳџьынџьуаа Аҧсныҟа рырхынҳәра апроцесс ҧхьаҟа аҿиара арҭойт -Аҧсны Ахада

 

Aҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь идикылеит Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа ирхаҭарнаку аҿар рделегациа.

 

Аҿар рыҧсшьара мшқәа Аҧсны ирхыргоит. Аделегациа иалахәу аӡәырҩы раҧхьаӡа акәны Аҧсныҟа имҩахыҵит.

 

Сергеи Багаҧшь гәаахәарыла иазгәеиҭеит, иаҳа-иаҳа ишырацәахо иааны Аҧсны збо, зыҧсшьара мшқәа ара изхызго аҧсуа ҿар.

 

“Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл рдыруа, рбызшәа рдыруа иҟалар. Аҧсуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәра апроцесс ацхыраара аҭара, ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадоу усуп,”-иҳәеит атәыла Ахада аиҧылараҿы.

 

Аиҧылара иалахәыз агәҭынчымра шырнаҭаз атәы рҳәеит ааигәа Аҧыза-министр ишҟа иҟаҵаз ацәгьаура, иара убас иалацәажәеит ҧхьаҟа иҟалараны иҟоу Аҧсны Ахада Ҭырқәтәылаҟа ицара.

 

12.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Иацырҵоит аусҭҵааратә усмҩаҧгатәқәа аҧыза-министр изкыз ацәгәоуразы-Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра

 

Аҟәа, Гәдоуҭа араион ақыҭа Хыҧсҭа  ирыҧшааит  амашьына  ВАЗ-2106, аусҭҵааратә  органқәа  ргәы излаанаго ала, уи амашьынала ибналеит, аҧыза-министр  Александр Анқәаб иеихсуаз  ацәгьоуцәа.
Амашьына блуп.

 

Азинҭҵааратә органқәа аҿуп ацәгьоуцәа рыҧшаара.

 

Аҟәа имҩаҧысит Аминистрцәа Ркабинет аилатәара,  уаҟа иалацәажәон иҟалаз ацәгьоура.

 

09.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Азинхьчаратә органқәа имҩаҧыргоит инарҭбаау аусеилргара аҧыза-министр ацәгьаизура иазкны - Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ

 

Аҟәа, Ашәарҭадара Ахеилак Аиҳабы иҟаиҵеит аҳәамҭа, ишымҩаҧгахо инарҭбаау аусеилыргара аҧыза-министр ацәгьаизура иазкны.

 

Иахьа, ашьыжь асааҭ 8.15  рзы Гәдоуҭа ақалақь уахьаалҵуа, еихсит аҧыза-министр дызҭатәаз амашьына.

 

Лакоба излеиҳәаз ала, ацәгьоуцәа хықәкыс ирыман аҧыза-аминистр ааха  ҕәҕәа иҭара.

 

Уажәы ҧшьынтәуп Александр Анқәаб  ацәгьаизура  иашьҭоижьҭеи. 2005 шықәса рзы, аиҳабыра данахагыла,  ҩынтә иеихсхьан.

 

Уажәааигәа Афон Ҿыц иалгоу амҩаду аҿы ирыҧшааит артҟәацга, излазгәарҭаз ала,  уигьы изкын аиҳабыра Ахада  ацәгьаизура.

 

Убри азы аҧсуа интеллигенциа иҟарҵеит ааҧхьараа, иҟалаз ацәгьоура  иахьынӡахәҭоу инҭкааны аҭҵааразы. Ааҧхьараҿы иазгәарҭеит,  аҧыза-министр иахь ирхоу ацәгьоурақәа зыхҟьо, уи акриминали аекономикатә еилагарақәеи  дахьырҿагыло ауп.

 

09.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Ашәахтә органқәа имҩаҧыргоит атуристтә обиектқәа рҿы еснагьтәи агәаҭарақәа - Ашәахтәқәа реизакра аминистерства

 

Аҟәа, Аҧсны   ашәахтә  хылаҧшырҭа иҟанаҵеит шықәсабжатәи аусура аҳасабырба.

 

Уи ашәҟәаҿы азҿлымҳара рыҭоуп  ашәахтә органқәа русура,  зыбзоурала  аҳәынҭқарра абиуџьет   ахь  атуристтә обиектқәа рҟынтәи алагала бзиа зауаз.

 

Ари аусура мҩаҧысуеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла. Ашәахтә органқәа имҩаҧыргоит агәаҭара,  аҧсшьарҭатә обиектқәа  иахьынӡахаҭәаау  аилкааразы.  Иара убасгьы урҭ аусурақәа рыбзоурала ицәыргахоитоит, уаанӡа ашәҟәы иарбамыз асасааирҭа-маҷқәа.

 

Аҳасабырбаҿы иазгәаҭоуп  2007  шықәса актәи азыбжазы ашәахтәқәа  изларбаз аасҭа еиҳаны ишаланагалаз, иагьынаӡеит 105%.

 

06.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Аҧснытәи Аҳәынҭқарраҭә Университет Аҵарадырра Астандартқәа

 

Аҟәа, Аҧснытәи  Аҳәынҭқарратә  Университет инанашьҭит Апрезидент иадминистрациахь    еиҳау аҵарадырразы   аконцепциа  ҿыц.

 

Аҧсны аҵарадырра  ииасуеит адунеижәларбжьаратә аҵара астандартқәа рахь, даҽакала иаҳҳәозар,  уи еиуеиҧшым  аҩаӡарақәа рсистема ауп. Абас еиҧш иҟаз алаҳәара  ҟаиҵеит  ауниверситет  аректор  Алеко Гәарамиа  апрезентациаҿы.

 

“Аҧсны  аҵарадырра  адунеижәларбжьаратә  стандартқәа ирыҵамхароуп.

 

Ҳара ҳҵарадырра асистема адунеижәлартә система иалахәызароуп. Абри апроект ихадароу шьаҿоуп  ҧхьаҟа  ацаразы”- иҳәеит  Апрезидент  С. Багаҧшь.

 

Уажәынахыс, Аҧсны еиҳау аҵараиураҿы  иҟалоит еиуеиҧшым  аҩаӡарақәа  рсистема: азаанаҭҵара- 5 шықәса,  магистратута- 6 шықса.

 

“Ари иҿыцҧшьгамҭам, иексперементым,  ари  адунеи зегьы аҿы иаҧу  еиҳау аҵарадырра  иасистемоуп”,- иҳәеит  Ауниверситет  аректор.

 

Ари  ашықәс азы  Аҧснытәи  Аҳәынҭқарратә  Университет  75 шықәса  ахыҵра  иаҧылоит.

 

Иахьазы  ауниверситет  аҿы  аҵара  рҵоит  хнызқьҩык  инареиҳаны  астудентцәа.

 

06.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Апарламент аҿы иалацәажәон ”Аинформациа аиуразы азин” азакәан апроект

 

Аҟәа, Азакәан апроект еиқәызыршәаз  агәыҧи иааҧхьаз аекспертцәеи ирылацәажәон, актәи аҧхьараҿы  ирыдыркылараны иҟоу, азакәан апроект ахәҭақәа.

 

Ари азакәан еиқәдыршәеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа, нас ахәшьара  арҭеит Апрезидент Ихадараҿы.

 

Ари азакәан  амодель еиқәыршәан  Адунеижәларбжьаратә иҳәынҭқарратәым аиҿкаара Article 19  (Статья 19) абзоурала. Ари аҩыза азакәанқәа рыдыркылахьеит Ермантәыла, Урыстәыла, Литва, иара убас егьырҭ  аҳәынҭқаррақәа рҿы.

 

Азакәан хықәкыс иамоуп  аинформациа аиураз азин  аҭара, аҳәынҭқарратә  ҭара.

 

Ари азакәан иунаҭоит алшара  ауаажәларратәи, аполитикатә еиҿкаарақәеи,  рҟынтәи  адагьы   хазхаҭалатәи аинформациа аиура.

 

Апарламент авице-спикер Ирина Агрба лгәаанагарала,  азакәан хиоуп актәи аҧхьараҿы адкыларазы.

 

Експертцәақәак ргәаанагарала, атәылауаҩратәи, админстративтәи,ашьаустә  закәанеидкылақәа рҿы иарбатәуп,аинформациа аанызкыло аҭакҧхықәра шрыду.

 

Азакәан апроект ахцәажәара иалахәын, иара еиқәзыршәаз агәыҧ адагьы, акыҧхь аусзуҩцәеи, аиустициа аминистр Лиудмила Хоџьашьвили,  аҳҭнықалақь аизара адепутатцәа.

 

05.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Шәачатәи Олимпиада – акрызҵазкуа шьаҿоуп, аҭынчреи аҿиареи арегион аҿы ашьақәгыларазы

 

Аҟәа, Абри аҩыза апроект ду   анагӡара, 22 тәи  Аӡынтәи   Олимпиадатә хәмаррақәа  реиҧш  иҟоу рымҩаҧгара,  даара акрызҵазкуа шьаҿоуп  Кавказ арегион зегьы аҿы аҭынчра ҕәҕәа ашьақәыргыларазы.

 

“Иҕәҕәахарц иҟоуп  арегион  аҿы ашәарҭадара.    Арегион политикатә проблемақәа рыӡбаразы  иаҭаххашам   амч  ахархәара”- иҳәоит  С. Лакоба.

 

Ашәарҭадара Ахеилак  Амаӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит, Олимпиада  аполитикатә ҵак ду шамоу.

 

“ Адунеижәлар  рылаҧш зегьы азырхоуп Шәача. Абри аҭагылазаашьаҿы  даара акраҵанакуеит  ашәарҭадара  азҵаарақәа, урҭ актәи аҭыҧ ааныркылоит. Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ иҧхьаӡоит,  Қырҭтәылеи ҳареи  ҳаиҿагылара аҭыҧ ақәҵараҿы ицәырҵуеит алшара ҿыцқә ҳәа.

 

“Қырҭтәыла  аҭагылазаашьа аруадаҩразы имҩаҧнагараны иҟоу иарбанызаалакь ашьаҿақәа,  адунеи ауаажәларра  иахәаҧшлоит аекономикатә апроект дуқәа ирҧырхагоу  шьаҿаны.

 

Иахьа  Қырҭтәыла  ахымҩаҧгашьа иара ахаҭагьы иаҧырхагоуп.  Ҩаҧхьа  Қырҭтәыла  амч ахархәара амҩа иананыла, усҟан уи ацхыраара азҭо Европа Аидгыла аҳәынҭқаррақәа, иара убас Еиду Америка Аштатқәа  ракәзаргьы рҽырҧсахуеит разыҟазаашьа”- иҳәоит С. Лакоба.

 

Лакоба иазгәеиҭоеит, Адунеижәларбжьаратә Олимпиадатә Комитет Шәача Олимпиада амҩаҧгара ианақәшаҳаҭҳа, хымҧада урҭ азымхәыцкәа иҟаломызт, уи агәылара иҟоу аҭагылазаашьа..” Аҧсны иахьа аҽа ҳәынҭқарроуп, уи даара аҽаҧсаххьеит. Иахьа ҳҳәынҭқарраҿ иҳалшоит иҭышәынтәалоу, ашәарҭадара змам аҭагылазаашьа ашьақәыргылара. Сара сгәы иаанагоит, Европагьы абри атәы рдыруеит”- ҳәа азгәеиҭоит С. Лакоба.

 

05.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Шәача аиааира Аҧснгьы иааироуп - Апрезидент

 

Аҟәа, Аҳәынҭқарра Ахада  Сергеи Багаҧшь   адныҳәаларатә телеграмма рзишьҭуеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Александр Ткачеви,  Шәача ақалақь  ахада Виктор Колодиажныи  Аӡынтәи олимпиадатә хәмаррақәа  2014 шықәса рзы  Шәача амҩаҧгара иахьаҧсахаз  ахьӡала.

 

“Ҳгәылацәа  бзиақәа,  даара ҳазыҧшын шәара  шәиааира,  ҳшәыдгылоуп   иахьҳалшо зегьы.  Шәара  шәиааира ҳара ҳхатә иааираны ҳахәаҧшуеит”-ҳәа аниҵоит  ателеграммаҿы Аҧсны  Апрезидент.

 

Аҳәынҭқарра Ахада агәра диргоит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатори Шәача ахад еи, Аҧсны гәыла бзиак иаҳасабала иалшо зегьы шыҟанаҵо, 2014тәи Олимпиада иахәҭоу аҩаӡара аҟынӡа иҳаракны амҩаҧгаразы.

 

05.07.2007  abkhaziagov.org

 

 Аҳәынҭқарра иацнаҵалоит арегионқәа ринфаструктура аҿиаразы ацхыраара - Апрезидент

 

Аҟәа, Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь даҭааит Гәдауҭа араион. Апрезидент дырҧылеит Џьырхәа, Бармышь уҳәа егьырҭ ақыҭақәа рҿы инхо ауааҧсыреи иареи. Сергеи Багаҧшь игәеиҭеит иара убас араион аагалыхратә наплакқәа акыр. “ Аҳәынҭқарра иацнаҵалоит арегионқәа ринфаструктура аҿиаразы ацхыраара  ”- иҳәеит Апрезидент,  Гәдауҭа араион аҿы дахьыҟаз.

 

03.07.2007  abkhaziagov.org