AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 

 Германиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аимак змоу аганқәа рхаҭарнакцәа реиҧылара азырхиара иаҿуп

 

Аҟәа, Германиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахаҭарнак Иенс Плетнер ишьақәирҕәҕәеит, анемец информациатә массатә хархәагақәа иҟарҵо адырраҭара, Германиа абжьаҟазарала аҧсуа гани ақырҭуа гани рхаҭарнакцәа реиҧылара азырхиара ишаҿу. Убри аан, Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра ахаҭарнак цқьа еилкааны имҳәеит, аиҧылара иазалххо аҭыҧи, уи иалахәхараны иҟоу рыҩаӡареи.

 

„Германиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Франк Вальтер Штаинмаиер иаҧшьгарала, арегион аҟны ҳацҳаражәҳәарҭақәеи, иара убасгьы уаҟатәи ҳхаҭарнакцәеи аус адырулоит ари азҵаара аимак змоу рыҩ-ганк рҟны. Аиҧылара амҩаҧгара арыцхәыи аҭыҧи макьаназы иӡбам,“ – иҳәеит Плетнер.

 

Убри аан, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, „аиҧылара иалахәхоит, ари апроблема аӡбараҿы анырра змоу хәа“.

 

Плетнер иазгәеиҭеит, аҧсуа – қырҭуа еиныршәара аиҿцәажәарақәа рҭыҧ Берлин акәхаргьы шауа, иара убасгьы иазгәеиҭеит аиҧылара мҩаҧысраны ишыҟоу „иаарласӡаны.“

 

Плетнер, иара убасгьы ибзиоуп ҳәа ахәшьара аиҭеит Урыстәылатәи аихамҩатә архәҭақәа Аҧсны ралгара.

 

„Урыстәыла аихамҩатә ахәҭақәа Аҧсны ралгара агәҭакы, ари Аҧсны аҭыҧ змоу аибарххара арҧсыҽра иацхраауеит“, ҳәа азгәеиҭеит, Плетнер. Германиа анапхгара азыхиоуп аҭагылазааашьа аҭышәныртәаларазы аганқәа зегьы рҽазышәарақәа адгылара аҭара.

 

Авице – канцлер, Германиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Франк Вальтер Штаинмаиер аҧсуа – қырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы иазирхиеит аплан. Уи аплан далацәажәеит Қырҭтәылеи, Аҧсни Урыстәылеи иҟазаараан.

 

Штаинмаиер, аҧсуа – қырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы иплан „хәҭарацәала“ ишьақәгылоуп, - раҧхьаӡа иргыланы уи иазҧхьагәанаҭоит амч ахамырхәаразы аганқәа Аиқәшаҳаҭра рнапаҵаҩра, насгьы ақырҭуа хҵәацәа Аҧсныҟа рыргьежьра апроцесс ахацыркра. Иара убас, аплан аҿы иазааҭгылоуп Аҧсны аиҭашьақәыргылара еиуеиҧшым атәылақәа рыцхыраарала, уи ашьҭахь Аҧсны астатус азҵаара аӡбара.

 

31.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәылатәи аихамҩатә архәҭақәа Ркомандаҟаҵаҩ аихамҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа „ибзиоуп“ ҳәа ахәшьара аиҭеит

 

Аҟәа, Аҧсуа еихамҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа „бзианы „ инагӡоуп ҳәа ахиҳәааит, Урыстәылатәи аихамҩатә архәҭақәа Ркомандаҟаҵаҩ аинрал-леитенант Сергеи Климец, аихамҩа аиҭашьақәыргылара ахыркәшара иазкыз агәырҕьаратә митинг аҟны дықәгыло.

 

Иара иажәақәа рыла, аҳауатә ҭагылазаашьақәа шыуадаҩызгьы, рнапы ианыз аус қәҿиарала ихдыркәшеит.“ Урыстәыла ахадара рҟынтәи адҵа ҟалар, ҳара ҳазыхиоуп аринахысгьы ҳусура ацҵара,“ – азгәеиҭеит уи.

 

30.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аҧсны Атәылахьчара аминистрра амаҵзуцәа изаамҭанытәу арратә чынқәа ранаишьеит

 

Аҟәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Иусҧҟала Атәылахьчара аминистр аинрал-леитенант Мераб Кьышьмариа „аинрал-полковник“ ичын иҭоуп.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Иусҧҟала, аинрал – леитенант Заицев Анатолии Иннокентии – иҧа, Атәылахьара аминистрра Арратә штаб хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ „аинрал – полковник“ ичын иҭоуп.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Иусҧҟала, аинрал – леитенант Ануа Владимир Иван – иҧа, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ, Мрагыларатәи Архәҭа акомандаҟаҵаҩ „аинрал- леитенант“ ичын иҭоуп.

 

Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарра Иусҧҟала аполковник Кәпалба Гарри Сергеи-иҧа, астатс – маӡаныҟәгаҩ, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ „аинрал – маиор“ ичын иҭоуп.

 

Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала аполковник Нанба Заканбеи Владимир – иҧа, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ „ аинрал – маиор“ ичын иҭоуп.

 

30.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 110 нызқь инарзынаҧшуа Ареспублика Аҧсны атәылауаҩшәҟәқәа рыҭоуп Аҧсны ауааҧсыра

 

Аҟәа, Иахьазы, 110 нызқь рҟынӡа Ареспублика Аҧсны атәылауаҩшәҟәқәа рыҭоуп Аҧсны ауааҧсыра . Абри атәы иҳәеит, Ареспублика Аҧсны апаспорттә-визатә маҵзура аиҳабы Валерии Малиа, Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра шықәсыбжактәи русурақәа рылҵшәақәа ахьеихыршьалоз дықәгыло. Малиа иажәақәа рыла, апаспорттә - визатә маҵзурақәа зегьы рҟны иаҧҵоуп аҭагылазаашьақәа аусразы.

 

Апаспорттә - визатә маҵзура ақырҭуа милаҭ иреиуоу Аҧсны атәылауаҩшәҟәқәа рырҭоит ҳәа политикцәақәак ркритикатә ҳәамҭақәа дырзааҭгыло, Малиа иҳәеит: „Урҭ апаспортқәа раҳҭоит, Ареспублика Аҧсны Ашәарҭадаратә маҵзура рдокәментқәа ангәарҭалакь ашьҭахь ҳәа“.

 

Малиа иажәақәа рыла, апаспорттә визатә маҵзура мап рыцәнакит Ареспублика Аҧсны атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара, 200- ҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыра, урҭ Қырҭтәыла ауаатәыҩса иахьреиуаз аҟнынтә.

 

28.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада дидикылеит Германиа ацҳаражәҳәаҩ

 

Аҟәа / Берлин, Иахьа имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи, аҧсуа – қырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргыҧ акоординатор, Германиа ацҳаражәҳәаҩ Патрисиа Флори реиҧылара.

 

Анемец дипломат агәҭынчымра шлымаз лҳәеит аиҿцәажәаратә процесс аҭагылазаашьазы, иҭылҵаауан ааигәа Германиа ахьӡала ирыдгалаз апроект арҽеирақәа алагаларазы аҧсуа ган агәҭакы, иара убасгьы Германиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Штаинмаиер иажәалагалақәа рзы Аҧсны анапхгара рпозициа. Хәҭакахьала иазааҭглан, Берлин имҩаҧысраны иҟоу ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргәыҧ рҧылара аҧсуа ган алахәхара азҵаара.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада даҽазныкгьы ишьақәирҕәҕәеит Аҧсны апозициа аиҿцәажәаратә процесс аиҭарҿыцра азҵааразы. Иара убасгьы, инаҵшьны иҳәан, аҧсуа ган иахьатәи аҭагылазаашьаҿы иахәҭаны ишамҧхьаӡо Қырҭтәылеи дареи ишиашоу аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара.

 

Берлин имҩаҧысраны иҟоу ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргәыҧ рҧылара азҵаара акәзар, уи мҩаҧысырц алшоит Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭеи, аибашьра аламгаразы жәларбжьаратәи агарантиақәа рзы адокәменти  рҭагылазаашьазы аиҿцәажәаратә процесс иалахәу еиқәшаҳаҭу рпозициа аналыршахалак.

 

„ООН Амаӡаныҟәгах Хада Иҩызцәа Ргыҧ абарҭ азҵаарақәа рҿы иақәнагоу ацхыраара ҟанаҵар, аҧсуа ган иҭнаҵаауеит  Берлинтәи аиҧылара алахәхара азҵаара,“ – иҳәеит С.Багаҧшь.

 

Германиа ацҳаражәҳәаҩ Патрисиа Флор инаҵшьны иазгәалҭеит, Германиа ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Иҩызцәа Ргәыҧ акооррдинаторк аҳасабала иахәҭоу зегьы шыҟанаҵо аганқәа рпозициақәа реизааигәатәразы, насгьы иҭнаҵаауеит Аҧсны иҟанаҵаз ажәалагалақәа.

 

25.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны иазгәарҭоит Абираҟ Амш

 

Аҟәа, 2005, ҧхынгәымза 3 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь инапы аҵаиҩит Аҧсны Жәлар Реизара иаднакылаз Азакәан „Ареспублика Аҧсны Азакәан аныҳәамшқәеи арыцхәқәеи рҿы аҧсахрақәеи ахаҭәаарақәеи ралагаларазы“. Убри амш инаркны, ҧхынгәымза 23 ҧхьаӡоуп Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшны.

 

Абираҟ амш инадҳәаланы Аҟәатәи аҳаирбаҕәазы аҟны имҩаҧысит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Аҿартә еиҿкаара „Амра“ аҧшаҳәаҿы абираҟқәа рыманы аныҟәарақәа еиҿыркааит. Акциа хыркәшахеит Аҟәатәи адраматә театр аҿаҧхьа аныҳәатә концерт ала.

 

Ари аныҳәатә усҩаҧгатә ашәарҭадара ахьчара еиҿнакааит Аҟәатәи Аҩныҵҟатәи Аусқәа русбарҭеи амҩатә - патрультә маҵзуреи.

 

Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса, ҧхынгәымза 23 рзы, 22 мшы ааҵуаны аҧсуа – қырҭуа еибашьра иалагеит.

 

Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ авторс дамоуп – асахьаҭыхыҩ Валерии Гамгиа.

 

23.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Урыстәылатәи аихамҩатә архәҭақәа „Аҟәа – Очамчыра“ рыбжьара аихамҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хнаркәшоит

 

Аҟәа, Урыстәылатәи  аихамҩатә архәҭақәа 55 километр иахьаҵанакуа „Аҟәа–Очамчыра“ рыбжьара аихамҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хнаркәшоит.

 

Аҧсны Аихамҩатә Усбарҭа аиҳабы Гәрам Гәбаз иажәақәа рыла, ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа ирҿуп „Тамшь–Очамчыра“ рыбжьара аихамҩа ҵыргәақәа рыҧсахра. Амза анҵәамҭазы, иарбоу аусрақәа зегьы хыркәшахоит, - ҳәа азгәеиҭеит уи.
 

 

Иазгәаҭатәуп, аихамҩа аусзуҩцәа ирзарбаз аамҭа рыҽшҭарыгӡаз, аихамҩа аҵыргәақәа рыҧсахра адагьы, ааба рҟынӡа аихамҩатә цҳақәа  аремонт рзыруит..
 

 

„Егьырҭ иаанхаз аусқәа ҳамч рықәхоит“, - ҳәа азгәеиҭеит Аҧснытәи аихамҩатә Усбарҭа аиҳабы. Гәрам Гәбаз ахә ҳаракны ишьеит Урыстәылатәи аихамҩатә архәҭақәа русура.

 

22.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

  Н.Ашәба: Қырҭтәыла арратә потенциал аизырҳара Аҧсны ашәарҭара иҭанаргылоит

 

Аҟәа, Қырҭтәыла иарбанзаалак арратә мчқәа реизырҳара ҳгәы ҳҽанырҵалароуп, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба, Қырҭтәыла ар рхыҧхьаӡара 32 нызқьҩык рҟынтә 37 нызқьҩык рҟынӡа еизырҳатәуп ҳәа Қырҭтәыла апарламент иҟанаҵаз аӡбара аҳҳәаа азыҟаҵо.

 

„Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит, Қырҭтәыла мап шацәнамкуа Аҧсны мачыла  анапахь аагара,убри гәҭакыс иҟаҵаны бџьарла аҽеибнаҭоит, еизнарҳауеит арратә потенциал“, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла арратә потенциал аизырҳара, Аҧсни уи иқәнхо ауааи рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭанаргылоит.

 

Н.Ашәба излеиҳәаз ала, нанҳәа мза 1 инаркны Аҧсны Жәлар Реизара аҧхынҭәи аҧсшьарамшқәа рахь ицоит. Аҧсшьарамшқәа рышьҭахь, раҧхьаӡа иргыланы, ирылацәажәараны иҟоуп азҵаарақәа „Аҧсны Арбџьармчқәа ррезерв“ азы азакәан анагӡашьа.

 

21.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба Чечниа Ареспублика аекономика аиҭашьақәыргылара атемпқәа уаареигурҕьартә иҟоуп ҳәа азиҳәеит

 

Аҟәа, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Нугзар Ашәба Чечниа  Ареспублика аекономика аиҭашьақәыргылара атемпқәа уаареигурҕьартә иҟоуп ҳәа азиҳәеит,иара убасгьы ауаа рыҧсҭазаара аҟны иубоит иҵоуроу аиҭакрақәа шыҟоу. Абри атәы иҳәеит Грознинтә даныхынҳә ажурналистцәа рҧылараан.

 

Аҧсны Жәлар Реизара аделегациа, зхадараҿы дыҟаз уи аиҳабы,ҧхынгәымза 16 инаркны 19 – нӡа официалтә визитла Чечниа иҟан.Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы иажәақәа рыла, уахь рцара хықәкыс иаман, ареспубликақәа рыбжьара аимадарақәа рыбжьаҵареи, апарламентбжьаратә усеицура арҿиареи.

 

„Ҳара уаҟатәи аҭагылазаашьа аҭҵаара хықәкыс иҳаман. Ҳара ҳазҿлымҳан, Чечниа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи, уи шыҿиои, ауаа шынхои, Чечниа анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчрақәа аус шыруа“, - иҳәеит Ашәба. Уи дазааҭгылеит, 2008 шықәса жәабран мзазы Чечниа апарламенттә делегациа, уи ахантәаҩы  Дукхав Абдурахманов зхадараҿы  дыҟаз Аҧсны ишаҭааз. Усҟан Аҟәа иалацәажәон Аҧсни Чечниеи рпарламентқәа русеицура Аиқәшаҳаҭра апроект.

 

Иазгәаҭатәуп, Чечниа апарламент, 2008 шықәса, ҧхынгәымза 27 рзы аусура ааннакылт, иаарласу аҿыц алхрақәа мҩаҧгахоит жьҭаарамзазы. Н.Ашәба агәыҕра шимаз иҳәеит, ареспубликаҿ иалххо азакәанҧҵаратә еиҿкаара ҿыци дареи русеицура ишацҵахо ала. Н.Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсни Чечниеи рпарламентқәа русеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩхо ала. Н.Ашәба иажәақәа рыла, аиҧылараҟны аиҳабыра алацәажәон иҿыцу еилахәу апроектқәеи апланқәеи.

 

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы иазгәеиҭеит, Чечниа аиҳабыра рҧылараан ишазгәеиҭаз, хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз, 1992- 1993 шықәсазтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рсоциалтә хьчара азҵаара. Аҧсны анапхгара ацхыраара  рырҭарц ргәы ишҭоу аибашьра аинвалидцәеи, иҭахаз рҭаацәеи.

 

„Ачечен жәларАҧсны Аџьынџьтәылатә  аибашьраан Аҧсныҟа ацхыраара ҳәа раҧхьа иаақәаз иреиуоуп, аибашьра аиааираҿы урҭ иҟарҵаз рацәоуп.Иаҭахыуп аусура ду,асоциалтә цхыраара зҭахыу рсиақәа ашьақәыргыларазы“, - иҳәеит Ашәба.

 

Аҧснытәи Аделегациа рҭааит ақалақьқәа Аргун, Гәдермес. „Ҳахьыҟазаалакгьы, ҳахьнеилакгьы, ҳара иаабон ачечен жәлар ишрыгәҭыхаз иахьа Аҧсны иамоу апроблемақәа,“ – иҳәеит Ашәба.

 

21.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны амчрақәа мап ацәыркит аҧсуа – қырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы Германиатәи аҧшьгарақәа

 

Аҟәа, Германиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Франк-Вальтер Штаинмаиер Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь иҧылараан Германиа аус здырулаз аҧсуа – қырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы аплан иирдырит.

 

Аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуан ҧхынгәымза 18 рзы Гал ақалақь аҟны. Уи иалахәын Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Адәныҟатәи аполитиказы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьагаҩ Виачеслав Чирикба.

 

„Ҳара мап ацәаҳкит аимак аҭышәныртәаларазы иҳадгалоу аплан, уи ҳазлазыразым ала“, -ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит С.Багаҧшь аиҧылара алҵшәақәа дрылацәажәо. Уи аан уи иазгәеиҭеит, адокәмент апроект макьанагьы аус адулахоит ҳәа.

 

С.Багаҧшь иазгәеиҭеит. Иҳадгалаз ажәалагалақәа, ақырҭуа ган аинтересқәа роуп ҳасаб ззыруа ҳәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, даҽазныкгьы иазгәеиҭеит, Аҧсны дҵаҟаҵараны ишықәнаргыло лаҵарамза 14, 1994 шықәсазтәи Москватәи Аиқәшаҳатра анагӡара. „Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа реиҭарҿыцразы дҵаны иқәҳаргылоит Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭа аҟнытә Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ралгареи, амч ахамырхәаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи“, - ҳәа азгәеиҭеит С.Багаҧшь.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Аҧсны аимак аҭышәныртәаларазы иадгалоу х- етапктәи аплан, аибашьра ҿыц арҵысыр ауеит.

 

Ахҵәацәа рыргьежьра азҵаара дазааҭгыло, С.Багаҧшь инаҵшьны иазгәеиҭеит: „Ақырҭуа хҵәацәа рыргьежьра алыршахар ауеит раҧхьаӡа иргыланы Гал араион аҟны. Аимак ҭышәыртәалахаанӡа, Аҧсны егьырҭ араионқәа рахь ахҵәацәа рыргьежьра азҵаара алацәажәара иаҭыҧны иаабом.“

 

Германиа аус зыднаулаз аплан иазҧхьагәанаҭоит: 1) аимак азонаҿы аибарххара зхылҿиаауа апроблемақәа рыӡбареи , ашәарҭадара алыршареи, иара убасгьы ахҵәацәеи иахыгои рыргьежьра алыршаразы аиқәшаҳаҭрақәа; 2) ахҵәацәа Аҧсныҟа рыргьежьреи, арегион аекономика  аҭышәныртәалареи; 3)Аҧсны аполитикатә статус азҵаара аӡбара.

 

19.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 67 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иҧсҭазаара далҵит Николаи Гаргь-иҧа Чачба – Шервашиӡе

 

Ҧхынгәымза 15 рзы,  67 шықәса дшырҭагылаз, иаалырҟьаны иҧсҭазаара далҵит Болгариа еицырдыруаз ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, Болгариа Аҧсны ахаҭарнак Никита Гьаргь-иҧа Чачба – Шервашиӡе.

 

Никита Чачба – Шервашиӡе иусура аҕьырак адҳәалан амилаҭтә фымцамчы. Уи хадара азиуан Болгариа зегь иреиҳаз аҭҵаара – проекттә институт „Энергопроект“. Иҳаҩсыз ашәышықәса, 90 – тәи ашықәсқәа раан аус иуан Ареспублика афымцамчы аминистрс. Уи активла далахәын Болгариа ауаажәларратәи аполитикатәи ҧсҭазаара.

 

Никита Чачба – Шервашиӡе Аҧсны аҳцәа Чачаа дырхылҵышьҭран. Никита Шервашиӡе дазҿлымҳан Иҧсадгьыл аҭоурых, далахәын 2002 шықәса рзы Шәача.

 

17.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Қырҭтәыла Арбџьармчқәа Кәыдры аиҩхаа аҟнытә ралгара, Қырҭтәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа аҭышәныртәалара иацхраауеит – С.Лавров

 

Аҟәа, Қырҭтәыла Арбџьармчқәа Кәыдры аиҩхаа аҟнытә ралгара,еибархханы иҟоу Қырҭтәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа аҭышәныртәалара иацхраауеит – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Ахада С.Лавров, Германиа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Франк-Вальтер Штаинмаиер ҭелла даниҿцәажәоз, ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

 

„Ргәаанагарақәа анеибырҳәоз хықәкыла иазааҭгылан аҧсуа – қырҭуа проблема аҭышәныртәалара азҵаатәқәа. Урыстәыла аган инаҵшьны иазгәанаҭеит, аимак азонаҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аганқәа ахыдҵақәа ргароуп амч ахамырхәаразы, насгьы Кәыдры аиҩхаа аҩадахьтәи ахәҭа аҟынтә ақырҭуа бџьармчқәа алгахароуп,“ – ҳәа аҳәоит Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра,  ари аицәажәара алыҵшәақәа рзы акьыҧхьымҭаҿы.

 

16.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧыза – министр дырҧылеит Европатәи Аидгыла аделегациа

 

Аҟәа, Ҧхынгәымза 14 рзы Апыза – министр Александр Анқәаб дырҧылеит Европатәи Аидгыла аделегациа, зхадараҿы дыҟаз Европатәи Аидгыла Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда Питер Семнеби.

 

Апатын Семнеби иазгәеиҭеит, Европатәи Аидгыла шазҿлымҳау Аҧсны еиуеиҧшым аекономикатә программақәа раларҵәара Европатәи агәлеимабзиаратә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны. „Арҭ апроектқәа рызкхар ауеит аекономика, ашәарҭадара, ауаажәларратә еилазаара, агәабзиарахьчара, акоммуникациақәа реиҭашьақәыргылара, иара убасгьы Европатәи Аидгыла аинформациатә центр аҧҵара, - аимак аҭышәныртәалареи аганқәа реимадареи иацхраауа,“ – иҳәеит Питер Семнеби.

 

А.Анқәаб аидипломатцәа ирзеиҭеиҳәеит, иахьа ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа, иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы уи аицәахара ишаҿу. „Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧысыз ахҭысқәа аҭагылазаашьа еиҳагьы идыруадаҩит, Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа еиҳагьы еицәахеит“, - иҳәеит уи. Убри аан иазгәеиҭеит, акымкәа имҩаҧгаз атерактқәа аиҿцәажәаратә процесс еиҳагьы ишеиҵанаҟьо.

 

Аҧыза – министр адипломатцәа даҽазныкгьы иргәалаиршәеит, атәыла анапхгара рпозициа аиҿцәажәарақәа реиҭарҿыцразы ҧсахрада ишаанхо. „Ҳара рыҿцәажәара мап ацәаҳкуеит ҳтерриториаҟны ашәареи атеррори раҧҵара зҽазызшәо. Абас еиҧш аҭагылазаашьақәа раан, иарбанзаалак проектк алацәажәара ахәҭаны иаабом“, - иҳәеит аҧыза – министр.

 

Европатәи Аидгыла аделегациа азҿлымҳан Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа, акәрорт аҿиара, аихамҩатә архәҭақәа ралагалара, ақыҭанхамҩа, ареспубликаҿы аргыларақәа.

Европатәи Аидгыла ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа иарҳәеит Александр Анқәаб  абас еиҧш аиҧылареи аиҿцәажәареи рз .

 

16.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба дидикылеит ақырҭуа-аҧсуа ҭынчратә процесс ахәшьаразы ООН амиссиа иҷыдоу анапхгаҩы Бертран Рамчаран

 

Аҟәа, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба дидикылеит ақырҭуа-аҧсуа ҭынчратә процесс ахәшьаразы ООН амиссиа иҷыдоу анапхгаҩы Бертран Рамчаран.

 

ООН ахәшьаратә миссиа Аҧсны иааит ООН ахылаҧшрала имҩаҧысуа абжьаҟазаратә процесс аҭҵаара хықәкыс ирыманы, иара убасгьы аганқәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа реиҭарҿыцра аҭагылазаашьақәа реилкаарази.

 

Апатын Рамчаран Адәныҟатәи Аусқәа рминистр агәра ииргеит, ООН амиссиа шазҿлымҳау аҧсуа – қырҭуатә еимакы ҭынчымҩала аӡбара, убри аан иахәҭоу зегьы шыҟанаҵо аганқәа наҟ – ааҟ агәреибагара рыбжьаҵаразы.

 

Бертран Рамчаран иажәақәа рыла, аганқәа наҟ – ааҟ агәреибагара рыбжьаҵара – ари зегь раҧхьаӡа аимак аҭышәныртәалара иашьаҭахоит.

 

С.Шамба дақәшаҳаҭхеит, агәреибагара арҕәҕәара шаҭахыу, аиҿцәажәаратә процесс алҵшәа аиура алыршаразы.

 

С.Шамба иажәақәа рыла, аибашьра ааилгеижьҭеи, аҧсуа ган агәра адыргоит, Қырҭтәыла шазхиам апроблема еизааибагарала аӡбареи, аиҿцәажәара цивилизациала амҩаҧгареи рзы. „Ақырҭуа напхгара рхымҩаҧгашьа зегьы азкыуп аимак азонаҿы аҭагылазаашьа арҕыҕкра. Ас еиҧш ахымҩаҧгашьа аганқәа реизыҟазаашьеи аимак аҭышәныртәалара иаҧырхагоуп“,- иҳәеит С.Шамба.

 

„Сара ара сыҟоуп ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада иҟаиҵаз аҳәарала, аҭынчратә процесс ахәшьара аҭареи, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада изы абжьагарақәа аус рыдулареи рзы,“ – иҳәеит Бертран Рамчаран аиҧылара анхыркәшаха ашьҭахь, ажурналистцәа аниҿцәажәоз.

 

Бертран Рамчаран иазгәеиҭеит, иара иусхада, аҧсуа – қырҭуатә еимакы аӡбара иалахәу ргәаанагара аилкаара шакәу.Апатын Шамбеи сареи иҳаман алыҵшәа змаз, аинтерес зҵаз аиҧылара,“ – азгәеиҭеит ақырҭуа – аҧсуа ҭынчратә процесс ахәшьаразы ООН амиссиа иҷыдоу анапхгаҩы Бертран Рамчаран.

 

11.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 ООН амиссиа агәыҧ нап анаркит Кәыдры аиҩхаа аладахьтәи ахәҭа иахьаҵанакуа Аҧсны Арбџьармчқәа рпост алахысра афакт аҭҵаара

 

Аҟәа, ООН амиссиа, ҧхынгәымза 10 рзы аус аҭҵаара нап анаркит, Кәыдры аиҩхааа аладатәи ахәҭа иахьаҵанакуа, ашьха Ачамҳара Аҧсны Арбџьармчқәа рпост алахысра афакт аҭҵаара. Абри атәы ааицҳаит Аҧсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гарри Кәпалба.

 

Агәҧқәа ршәарҭадара иахылаҧшуеит Урыстәылатәи Абжьаҟазаратә Мчқәа.

 

10.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 Имҩаҧысит Аҧсны ауаажәларратә палата арепатриациа азҵаарақәа ирызкыз апленартә еилатәара

 

Аҟәа, Ауаажәларратә палата арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы иазнархиеит ажәалагалақәа. Абри азы адырра ҟалҵеит ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаба. Рашәарамза 30 рзы имҩаҧгаз ауаажәларратә палата апленартә еилатәара азкын аҧсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыргьежьра апроблемақәа.

 

Аилатәара иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь, арепатриациа азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә еиҿкаара ахантәаҩы Анзор Мықәба, уи ихаҭыҧуаҩ арепатриант Ерқан Қәҭарба, Аҧсны Жәлар Реизара адепутат, арепатриант Сенер Гогәуа.

 

Ауаажәларратә палата иаднакылеит ақәҵара, ҳазныу ашықәс нҵәаанӡа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иахылаҧшрала, аус адулазарц арепатриациазы Аҳәынҭқарратә программа, уи азы иаҧҵазарц иҷыдоу аусуҩтә гәыҧ.

 

„Ҳара, иара убасгьы Аҳәынҭқарра Ахада идаҳгалоит, аҭыҧантәи анапхгараҭаратә усбарҭақәа ақәршаҳаҭны, Аҧсны араионқәа иахьрыҵаркуа арепатриантцәа рзы иалхызарц адгьылқәа“, - инаҵшьны иазгәалҭеит Наҭела Акаба.

 

01.07.2008  Аофициалтә Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада