AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------


 

Сергеи Багаҧшь: "Қырҭтәыла "Ашәарҭадара аиламгара агарантиақәа рзи аибашьра аламгарази аиқәшаҳаҭра" аҧсахрақәа аланагало иалагар, ҳара уи ҳнапы ҳзаҵаҩӡом"                         Аҧсуа шрифт

 

Қырҭтәыла "Ашәарҭадара аиламгара агарантиақәа рзи аибашьра аламгарази аиқәшаҳаҭра" аҧсахрақәа аланагало иалагар, ҳара уи ҳнапы ҳзаҵаҩӡом,"- иҳәеит иахьа апресс-конференциаҿы Аҧсны апрезидент Сергеи Багаҧшь.

 

Уи ишиҳәаз ала, ҧхынҷкун 6-7 рзы қырҭтәыла аконфликтқәа рҭышәныртәаларазы аҳәынҭқарратә министр Георги Хаиндрава Аҟәа иҟазаара аан Аҧсны аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистр Сергеи Шамбеи иареи ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Ҳаиди Талиавини лыбжьаҟазарала ари адокумент аус адулара инагӡаны ихдыркәшеит.

 

"Аха ҳара еиҭа иҳаҳауеит қарҭынтәи агәаанагара, уи аҧсахрақәа алагалатәуп ҳәа, ари ҳара ақәшаҳаҭхашьа ҳамам," - иаҵшьны иазгәеиҭеит Багаҧшь.

 

Апрезидент иажәақәа рыла, адокумент ахала амч аиоуны изыҟалом, ашәарҭадара аиламгареи аибашьра аламгареи рзы игарантцәаны иҟамлар абжьаҟазацәа, зегь раҧхьаӡа - Урыстәылатәи Афедерациа, иара убас ООН.

 

"Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашьвили иҧылара акәзар, уи ҟалар ҟалоит, аха "Ашәарҭадара аиламгара агарантиақәа рзи аибашьра аламгарази аиқәшаҳаҭра" анапаҵаҩра ашьҭахь,"- иҳәеит Багаҧшь.

 

Аҧсныпресс  28.12.2005

 

 Сергеи Шамбеи Георги Хаиндравеи Ҳаиди Талиавини лыбжьаҟазарала ашәарҭадареи аибашьра аламгарази адокументқәа рпакет адкылара иаздырхиеит

 

Ҧхынҷкҳын 6-7 рзы ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Ихаҭарнак Ҷыда Ҳаиди Талиавини лыбжьаҟазарала Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистр Сергеи Шамбеи Қырҭтәыла аконфликтқәа рҭышәныртәаларазы аҳәынҭқарратә министр Георги Хаиндравеи реиҧылара. Аиҧылараҿы ашәарҭадара аиламгарази аибашьра аламгарази адокументқәа рпакет апроект адкылара иаздырхиеит. Аганқәа арҭ адокументқәа рыдкыларазы аиҧылара ҷыда амҩаҧгара ишазхиоу рҳәеит.

 

07.12.2005 Аҧсныпреcc

 

 Апрезидент Сергеи Багаҧшь Америка Қырҭтәылатәи Ахаҭарнак Џьон Теффт дидикылеит

 

Аҧсны Апрезидент Сергеи Багаҧшь Америка Қырҭтәылатәи Ахаҭарнак Џьон Теффт дидикылеит. Аиҧылара далахәын жәларбжьаратәи аусқәа рзы апрезидент иконсультант Сократ Џьынџьал. Аиҧылараҿы иалацәажәеит ақырҭуа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара аперспективақәа. Џьон Теффт иаҵшьны излазгәеиҭаз ала, Еиду Америкатәи Аштатқәа ақырҭуа-аҧсуа конфликт ҭынч-мҩала аҭышәныртәалара иашьҭоуп.

 

Сергеи Багаҧшь Америкатәи адипломат иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсны азы иааирҧшуа аинтерес азы. Иагьазгәеиҭеит Аҧсны ари аконфликт ҭынч-мҩала аӡбара еснагь ишазықәҧо.

 

Апрезидент иҳәеит, Гал араион аҿы аситуациа аицәахара, иара убас Қырҭтәыла арратә потенциал аизырҳара угу дмырҭынчыртә ишыҟоу.

 

Америка Қырҭтәылатәи Ахаҭарнак Џьон Теффт Апрезидент ажәа ииҭеит, иҟоу апроблемақәа ҭынч-мҩала рыӡбара дшацхраауа.

 

07.12.2005 Аҧсныпреcc

 

 Сергеи Багаҧшь : "Ҳара ареабилитациа апроектқәа рзы Еврокомиссиа аус ацура ҳазхиоуп"

 

Аҧсны Апрезидент Сергеи Багаҧшь идикылеит Германиа Қырҭтәылатәи Ахаҭарнак Уве Шрамм, Америка Қырҭтәылатәи Ахаҭарнак Џьон Теффт, Америка Қырҭтәылатәи Ахаҭарнакра аполитикатәи аекономикатәи азҵаарақәа рзы аконсультант Бриџьет Бринк, Урыстәылатәи Афедерациа Ахаҭарнакра аконсультант хада Иван Волынкин. Аиҧылара далахәын ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада Ихаҭарнак Ҷыда Ҳаиди Талиавини, апремиер-министр Александр Анқәаб, жәларбжьаратәи аусқәа рзы апрезидент иконсультант Сократ Џьынџьал.

 

Германиа Қырҭтәылатәи Ахаҭарнак Уве Шрамм Багаҧшь иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аконфликт аҭышәныртәалара ацхраараз Аҟәа аара ахьалиршаз азы. Уи ишиҳәаз ала, ари авизит ҩ-проблемак ирыдҳәалоуп: аибашьраан ааха зауз арегионқәа рреабилитациа, иара убас аҩ-ганк рыбжьара аҭынчра ашьақәыргыларазы - ашәарҭадара аиламгара, аибашьра аламгара, аиқәшаҳаҭра иақәыршәаны ахҵәацәа рырхынҳәра рзы - адокументқәа разыҟаҵара.

 

Багаҧшь ахәшьара ду аиҭеит ООН Амиссиеи Урыстәылатәи ашәарҭадаратә мчқәеи аконфликт иалаху аганқәеи аус реицуразы иҟарҵо ацхраара.

 

Аиҧылара алҵшәақәа дрыхцәажәо, Апрезидент иҳәеит ашәарҭадара аиламгарази аибашьра аламгарази адокументқәа разырхиареи урҭ рнапаҵаҩреи аҵак ду шрымоу. "Знапы аҵазыҩуеи гарантс иамои атәылақәа уи анагӡаразы аколлективтә ҭакҧхықәра аадырҧшыроуп",-иҳәеит Апрезидент.

 

07.12.2005 Аҧсныпреcc