AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------


 
 АҬЫҦАНТӘИ АНАПХГАРАТӘ ОРГАНҚӘА РАХЬ АЛХРАҚӘA

 

Март 13 рзы Аҧсны аҭыҧантәи анапхгаратә органқәа рахь алхрақәа ҟалоит.

 

28.02.2004   ITA Apsny Online

 

 КУДРЫТӘИ АИҨХААҾЫ АГӘАҬАРАҚӘА МҨАҦГАХОИТ

 

Жәабран 27 рзы Кудрытәи аиҩхаа аладатәи ахәҭаҿы апатруль агәаҭара мҩаҧнагоит.

 

ООН ахылаҧшцәа иреиуои, Урыстәылатәи аҭынчра аиламгаратә архәҭақәа реибашьцәеи уахыки-ҽнаки рҵыхәала ахәшьара арҭоит Багадатәи атоннель инаркны ақыҭа Қуабчара иҟоу ацҳанӡа амҩа.

 

Апатруль аусура аанкылан 2003 ш. рашәара 5 рзы ООН Амиссиа иеиуоу 4-ҩык рҕьычра ашьҭахь.

 

28.02.2004   ITA Apsny Online

 

 ЖЕНЕВАТӘИ АИЦӘАЖӘАРАҚУА АҦСНЫТӘИ АКОНФЛИКТ АӠБАРА ИАЦХРААУЕИТ

 

Аҧсни Қырҭтәылеи рконфликт агазеҭқәа раҧхьатәи рдаҟьақәа ирным. Уи апроблема зеилкаара мариам, ихароу, ихуҷу акы ауп. "Кавказтәи аривиера" апроблемақәа уи агулацәеи, еиҳа иҕәҕәоу идгыло адунеи ауаажәларреи рыда аӡәгьы интересс имам.

 

Ари ахақәиҭразы иқәҧо ареспублика хуҷи уи 1931 шықәса рзы Сталин издиҵаз аиашьа еиҳаби рконфликт Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рыуадаҩра еилкааны иунарбоит.

 

1992 шықәса рзы ақырҭуа мчқәа Аҧсны иалалеит, уи ахақәиҭра азхуцра иаҟәырхырц азы. Ари 10.000-ҩык ауаа ахьҭахаз аибашьраҿы Урыстәыла аханатә аҧсуа сепаратистцәа ирыцхраауан. Хықәкыс иамазгьы Амраҭашәарахь зхы зырхаз Қырҭтәыла абжьара акун. Уи нагӡахеит 1993 шықәса рзы, Қырҭтәыла СНГ иалалоит Урыстәыла аҟнытә бџьарла ацхыраара аиоуразы. Абри амомент инаркны Урыстәыла арбитр ироль нанагӡоит.

 

Жәа-шықәса рышьҭахь аҭынчра ҭышәынтәала шьақәымгылац, Аҧсны ахьыҧшымрагьы аӡәы идимкылац.

 

28.02.2004   ITA Apsny Online

 

 АҦСУА ДЕЛЕГАЦИА АИҦЫЛАРА ИАЛАХӘЫМЫЗТ

 

Аҧсны ахьыҧшымра аӡәы идимкылац. Уи рыдрымкылац ООН Агенералтә Mаӡаныҟәгаҩ Иҩызцәа Ргуҧ иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа. Урҭ иаҳхысыз амчыбжь азын имҩаҧыргеит Аҧсны аделегациа злахәымыз аиҧылара. "Аделегациа аҟамзаара аҵакы иашаны еилкаатәуп,"- иҳәеит Урыстәыла Aдәныҟатәи Aусқәа Pминистр Валери Лощинин. "Қырҭтәыла аҩызцәа уи акзаара рыхьчоит, аҧсуаа рҳәынҭқарра хьыҧшымны иахәаҧшуеит, уи алацәажәарагьы рҭахым."

 

28.02.2004   ITA Apsny Online

 

 ИҦСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АҦСНЫ ЖӘЛАР РПОЕТ БАГРАТ ШЬЫНҚӘБА

 

2004 шықәса Жәабран 25 рзы иҧсҭазаара далҵит  еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, СССР Иреиҳаӡоу Асовет Депутатс иҟаз, Аҧсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балҟариатәи Ареспубликеи Адыгеиа Ареспубликеи рыжәларқәа рышәҟәыҩҩы Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба.

 

Баграт Шьынқәба Аҧсны Аҵарадыррақәа Ракадемиа далан, Д.Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианашьахахьан.

 

Аҧсыжра ҟалоит асабша, жәабран 28 рзы.

 

Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диит 1917 шықәса Ҷлоу ақыҭан.

 

Иҩымҭақәа иреиуоуп ажәеинраалала иҩу ароманқәа "Аҿатә-уаа"(1950), "Ахра ашәа"(1965), аҭоурыхтә романқәа "Ацынҵәарах"(1974), ажәеинраалақәа реизгақәа, аҧсуа жәлар рпоезиа аизга (1959), уб. иҵ.

 

25.02.2004  "ИНТЕРФАКС"

 

 АРЕСПУБЛИКА АҦСНЫ АПРЕЗИДЕНТ ИҲӘАМҬА

 

Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, Аҧсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балҟариатәи Ареспубликеи Адыгеиа Ареспубликеи рыжәларқәа рышәҟәыҩҩы, Аҧсны, СССР, Урыстәылатәи Афедерациа Aшәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылаз, Аҧсны Аҵарадыррақәа Ракадемиа иалаз, Д.Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба иҧсыжра амҩаҧгара аиҿкааразы инагӡатәны иазысҧхьаӡоит:

 

I. Аҳәынҭқарратә Kомиссиа Аиҿкаара. Уи иалоуп:

 

   1. Арӡынба В.Г. - Ахантәаҩы
   2. Аршба В.Ш. - Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ

   3. Ашәба Н.Н.
   4. Ҳаџьымба Р.Д.
   5. Арсҭаа Ш.К.
   6. Гәарамиа А.А.
   7. Аҩыӡба В.Ш.
   8. Аламиа Г.Ш.
   9. Лашәриа М.Т.
 10. Лолуа Л.И.
 11. Гогуа А.Н.
 12. Ақаҩба В.М.
 13. Аиба ҳ.К.
 14. Џьапуа Хь.Р.
 15. Шьынқәба А.Е.
 16. Цыгәба В.М.
 17. Агәмаа С.Х.

 

II. Аҧсыжра амҩаҧгара иадҳәалоу ахарџьқәа аҳәынҭқарра иашәоит.

 

АРЕСПУБЛИКА АҦСНЫ АПРЕЗИДЕНТ В. АРӠЫНБА

ақ. Аҟәа
Жәабран 25, 2004 ш.
РП-52

 

 Аҧсуа Драматә  Театр аҿы имҩаҧысит Д.И.Гәлиа диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хулҧазы

 

Аҟәа - Жәабран 20 рзы Аҧсуа Драматә  Театр аҿы имҩаҧысит аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Д.И.Гәлиа диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә  хулҧазы.

 

Ахулҧаз иалахәын Аҧсны авице-президент Валери Аршба, Жәлар Реизара Аспикер Нугзар Ашәба, ареспублика анапхгара ахаҭарнакцәа, апарламент адепутатцәа, Ареспублика ауаажәларра.

 

Авице-премиер Владимир Занҭариа ишиҳәаз ала, ашықәс анҵәaмҭазы Аҟәа еиҭашьақәыргылахоит Д.И Гәлиа ибаҟа. Уи авторс даиоуеит С. Иванба.

 

Аиубилеи азы Аҧснытәи Агуманитартә  Ҭҵаарақәа Ринститут иҭнажьит ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа реизга, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет – абиблиографиатә еизга, иҭыжьуп иара убас Д.И.Гәлиа илитературатә - мемориалтә  музеи абуклет.

 

21.02.2004  ITA Apsny Online

 

 Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашьвили иҟаиҵаз аҳәамҭа

 

Иахьа Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашьвили ишиҳәаз ала, „егьырҭ атәылақәа рыҕбақәа Қырҭтәыла атерриториа иаҵанакуа амшын акваториа Аҧсны аган ахь рхы рханы аҳәаа анеиларга, урҭ реихсра азын ҳахиоуп.

 

Ҳара аибашьра ҳгу иҭаӡам, аха, Аҧсны абџьари анаркотикқәеи рекспорт ҟанаҵо иҟалар аауам“,- иҳәеит Қырҭтәыла апрезидент амшынхьчара аофицерцәа аџьшьара рыҭара ацеремониаҿы.

 

20.02.2004 ИА REGNUM

 

 Женева имҩаҧысит ООН Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ Иҩызцәа Ргуҧ иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа реиҧылара

 

Жәабран 17-18 рзы Женева имҩаҧысуаз ООН Агенералтә Mаӡаныҟәгаҩ Иҩызцәа Ргуҧ иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа реиҧылараҿы уи иалахәыз ҧхьаҟа ацаразы иҟаҵаз ашьаҿақәа гәахәарыла ирыдыркылт. Уахь иаҵанакуеит аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи, ахҵәацәа рырхынҳәреи, аекономикатә усеицуреи рызҵаарақәа.

 

 Женеватәи аиҧылара иалахәымызт Аҧсны ахаҭарнакцәа. Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр Сергеи Шамба ишиҳәаз ала, «Аҧсуа ган аҭышәныртәаларатә механизм ҿыц аҧҵара иақәшаҳаҭым.  ООН Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ Иҩызцәа Ргуҧ иалоу атәылақәа ралагалақәа шьаҭас ирымоуп „Қарҭи Аҟәеи рыбжьара аконституциатә зинқәа реиламгара“ захьӡу адокумент. Уи аҧсахра алацәажәара Аҧсны ақәшаҳаҭым».

 

20.02.2004 ИА REGNUM

 

 Аҧсны апремиер-министр Москва иҟазаара

 

Аҧсны апремиер-министр Рауль Ҳаџьымба аусуратә визит ала Москва дыҟоуп.

 

Аплан ишаҳәо еиҧш, уи дырҧылараны дыҟоуп Урыстәыла аиҳабыра ахаҭарнакцәа, иара убас Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа.

 

16.02.2004  ИА REGNUM

 

 Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҕьхара Қырҭтәыла атерриториа акзаара аиҭашьақәыргылара иацхраауеит

 

- абас иҳәеит Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашьвили.

„Урҭ атерриториақәа рырхынҳәра Қырҭтәыла иаусуп, аха Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рбзиахара атәыла акзаара аиҭашьақәыргыларазы аклимат бзиа ҟанаҵоит.“

 

Уи игәаанагарала, Аҧсны анапхгара ҳазҭоу ашықәс азы ианыҧсаххалак ашьҭахь, уи иаиоуеит Қырҭтәыла анапхгареи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵаразы аҭоурыхтә шанс.“

 

12.02.2004  РИА "Новости"