AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 
 Сергеи Багаҧшь - Аҧсны апрезидент ҿыц - иусура далагеит

 

Аҟуа - Асабша Аҟәа имҩаҧысит Ареспублика Аҧсны апрезидент ҿыц Сергеи Багаҧшь иинаугурациа.

 

2005 ш. жьырныҳәа 12 рзы имҩаҧысыз аиҭалхрақәа рҿы 55 шыкәса зхыҵуа Багаҧшь далхын алхыҩцәа рахьтэ 90% иреиҳаны ирҭаз абжьқәа рыла.

 

"Ажәа шәысҭоит, Аҧсны ахақәиҭреи, ҳхэынҭкарра арҕәҕәареи, ҳхьыҧшымра ашәарҭадареи рзы исылшо зегь шыҟасҵо",- иҳәеит апрезидент ҿыц иажәаҿы.

 

Аныҳәатә церемониа иалахәын хыҧхьазара рацәала Урыстәыла арегионқәа, иара убас  Нхыҵ Кавказ рнапхгарақәеи рделегациақәеи злаз асасцәа ҳаракқәа.

 

Апрезидент иусура анапаркра ацеремониа ашьҭахь асасцәеи ҿыц иалырхыз апрезиденти  ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-93 шш. раантәи ақыртуа-аҧсуа еибашьраҿы иҭахаз рбаҟаҿы.

 

Асааҭ 17.00 рзы Гагра иалагеит аныҳәатә банкети аконцерти.

 

12.02.2005  AҦCУAA  БЖbbI