AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------


 
 Амшын-ӡы Аҧсны агаҿаҿы Амшын Еиқәа абассеин аҿы зегь реиҳа ицқьоуп                  Аҧсуа шрифт

 

Aҟәa. Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи Амшын Еиқәа Амш. Есышықәса ари амш азы Аҳәынҭқарратә екологиатә маҵзура имҩаҧнагоит амшын агаҿа арыцқьаазы акциақәа. Ари амаҵзура "Аҧсныпресс" адырра шанаҭаз ала, аӡы ахаҭабзиара анормақәа ирықәшәоит. Амшын-ӡы Аҧсны агаҿаҿы Амшын Еиқәа абассеин аҿы зегь реиҳа ицқьоуп ҳәа ишьақәыргылоуп.

 

31.10.2005 Аҧсныпресс

 

 Аҧсны далнахит Германиа ахаҭарнак

 

Aҟәa, Ареспублика Аҧсны аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистрра Германиатәи хаҭарнакс далнахит Хьыбла Амҷ-ҧҳа - афилологиатә наукақәа ркандидат, Аҧснытәи аҳәынтқарратә университет аушьҭымҭа.

 

Германиа инхо аҧсуа диаспора рхыҧхьазара зларацәоу ала, Хьыбла Амҷ-ҧҳа лусура еиҳараӡак иазкхоит урҭ рҭоурыхтә ҧсадгьыли дареи реимадарақәа рышьақәыргылара. Аҧсны аҳәаанырцәтәи аусқәа Рминистрра Германиатәи ахаҭарнак ҳџьынџьуаа рҟынӡа иналгалоит Аҧсны аҭагылазаашьа аазырҧшуа аинформациа. Иара убас изҭаху рзын еиҿкаахоит аҧсуа бызшәеи акультуреи рҵаразы акурсқәа. Лымкаала аус рыдулахоит адиаспора ахаҭарнакцәа еиҿыркаахьоу Аҧсны иазку англыз, анемец, аҭырқәа бызшәақәа рыла иҩу аинтернет-саитқәа.

 

"Кавказский узeл"  10.10.2005