AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------


 

 Аҧсны Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла аганахьала иҟоу аекономикатә санкциақәа раҧыхра иазықәҧалоит

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь излаиҧхьаӡо ала, Аҧсны Аҳәынҭқарра аганахьала макьана аус зуа асанкциақәа атәыла аҿиара акырӡа иаҧырхагоуп. Абас иҳәеит уи Иофициалтә саит аредакциа аинтервиу анаиҭоз.

 

Қырҭтәыла аҧшьгарала 1996 шықәсазы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла ишьҭнахыз аӡбара инақәыршәаны Аҧсны иалагалаз асанкциақәа аекономикатә еимадарақәеи, афинанстә системеи, аекспорти рыҿиара иаҧырхагоуп. Иеиҳарак уи аныҧшуеит абанктә системеи атранспорттә еимадареи, иҳәеит Ахада.

 

Аамҭала, 1999 шықәса инаркны асанкциақәа еиҳа иҧсыҽхо иаауан. 1996―1998 шықәсқәа рзы асанкциа иаҵанакуан аалыҵ аекспорти, аимпорт армаҷреи, 16 инаркны 55 шықәсанӡа ахацәа атәыла иалҵны ацара азин рымхын. Аҧсны иаанкылан атранспорттәи аҧочҭа еимадареи. 1999 шықәсазы Урыстәыла санкциақәак еиҳа рырҧсыҽра алнаршеит: иеиҭашьақәыргылан атранспорттә еимадара, Аҧсны атәылауаа УА аҳәаа иахыҵны ацара азин рзырхынҳәын. 2006 шықәса мшаҧымза инаркны хара аҳәаанхыҵтәи атәылауаа Урыстәылеи Аҧсни рҳәаа ахысра азин рыҭоуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа ыҟамызт 1992 шықәса раахыс.

 

Аҧсны аекономикатә ҭагылазаашьа аиҕьхара ишаҿугьы, атәыла ацәыӡқәа амоуп Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла аганахьала иҟаҵоу асанкциа ахьаанкылам иахҟьаны. ”Ари ус мариам, еиҳаракгьы аеропорт азҵаара. Аха ҳара ацәыӡқәа ҳамоуп аҟнытә атранспорттә еимадарақәа реиҭашьақәыргылара ҳазықәҧалоит”, ― иҳәеит Ахада.

 

С. Багаҧшь иазгәеиҭеит Аҧснынтәи аалыҵ аекспорт иадҳәалоу ауадаҩрақәа. Иаҳҳәап, ”Аҧсны аҩқәеи аӡқәеи” ркомпаниа аҟнытә аҧсуа ҩқәа рекспорт иадҳәалоу аҭагылазаашьа. Акомпаниа аалыҵ иақәҵоуп ақырҭуа штрих-код, убри аҟнытә УА ақырҭуа ҩқәа ралагалара азин ахьыҟам азы урҭ ҭзыжьуа  ацәыӡ дуқәа имоуп. Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьетгьы ацәыӡ аиуит акомпаниа аусура аҟнытә иазҧхьагәаҭаз ахыҧхьаӡалақәа ахьаламлаз иахҟьаны.

 

Аҳәынҭқарра анапхгаҩы игәаанагарала, ИАР аганахьала асанкциақәа раҧыхра Аҧсны аекономика аизҳара, арҿыхара алнаршоит. С. Багаҧшь иаҵшьны иҳәеит, аекономикатә қәымчра ахаан аполитикатә лҵшәақәа шаанамгац. Уи иазгәеиҭеит Қырҭтәыла изныкымкәа ИАР алҵаразы хықәкыс ишамоу ала аҳәамҭа шыҟанаҵахьо. Абри инамаданы Аҧсны аганахьала иазгәаҭоу асанкциақәа рактуалра ыӡуеит. Аҧсны атәылақәа зегьы рышҟа, убрахь иаҵанакуеит ИАР иалоу аҳәынҭқаррақәагьы, аусеицуразы ааҧхьара ҟанаҵоит.

 

30.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны арегион аҭышәныртәаларазы иқәгылоит, Кәыдрытәи аҩхааҿы арратә гәыҧқәа рыцҵара хықәкыс иамаӡам

 

АҞӘА, Аҧсны иеиҭашьақәнарҕәҕәоит аҧсуа – ақырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәара ишазыхиоу, Қарҭ ИАР Ашәарҭадаратә Еилазаара 2006 шықәса жьҭаара 13 аҟнытә арезолиуциа анынагӡа, иҳәеит Аҧсны ахада Сергеи Багаҧшь ахаша  апресс – конферециаҿы, Аҟәа.

 

Убри аан, С. Багаҧшь уажәтәи аҭагылазаашьаҿы аиҿцәажәаратә процесс алҵшәа аиуп ҳәа агәыҕра имаӡам. ”Қырҭтәыла амилитаризациеи Михаил Саакашвили иажәахыркрақәеи рҭагылазаашьаҿы агәрагара ашьақәырҕәҕәара ақәгәыҕра уадаҩуп. 

 

С.Багаҧшь иазгәеиҭеит Аҧсны хықәкыс ишамамКәыдрытәи аҩхааҿы Арбџьартә мчқәа рыцҵара. ”Кәыдрытәи аҩхааҿы аҭагылазаашьа ахылаҧшразы иҟоу амчқәа азхоит. Сгәы иаанагом артә гәыҧкәа ирыцҵатәуп ҳәа. Ҳауалагьы мшынлагьы ибзианы ҳахьчоуп”, - иҳәеит Ахада. Абас дахцәажәеит иара Аҧсны Арбџьартә мчқәа ркоманда – штабтә ҵарақәа. Урҭ жьҭаара 23 рзы иалагеит, аҧшьаша ихыркәшахоит.

 

”Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, арегион аҿы иҭышәынтәалоу аҭынчра ыҟазарц азы. Ҳара ҳазхиоуп аимак аҭышәныртәалразы аиҿцәажәара ацҵара, аха иазыҟаҵоу, атәылауаа ршәарҭадара алзыршо ар арегион аҿы аҭынчра алзыршо акәны иҟоуп.

 

ИАР Ашәарҭадаратә Еилазаара жьҭаара 13, 2006 шықәсазы иаднакылаз арезолиуциа иануп Кәыдрытәи аҩхааҟнытә ар ралгаразы Қырҭтәыла ашҟа ааҧхьара. Ашәарҭадаратә еилазаара ақырҭуа – аҧсуа еимак аҿы аганқәа реиҿцәажәаразы ааҧхьара рынаҭоит, Қарҭ ”аибашьратә жәахыркрақәеи апровокациатә хымҩаҧгашьақәеи рыҽцәнахьчарц”.

 

25.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада Аҧсны иқәынхо амсылманцәа зегьы ирыдиныҳәалеит Ураза – Баирам ныҳәа

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ашәахьаҽны атәыла иқәынхо амсылманцәеи, амсылман хаҵара ныҟәызго аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи ирыдиныҳәалеит, иҧшьоу Рамадан мзазы ачгара ахыркәшара иазку Ураза – Баирам ныҳәа.

 

Аҧсны иқәынхо амсылманцәа, Ҭырқәтәылеи, егьырҭ амсылман ҳәынҭқаррақәеи рҿы инхо ҳџьынџьуааи гәык – ҧсыкала ирыдысныҳәалоит иҧшьоу амза Рамадан ахыркәшара иазку аныҳәа Ураза – Баирам!

 

Амсылман дин ныҟәызго зегь рзы Ураза – Баирам ныҳәа адоуҳатә хрыцқьара, агәыразра, аицхыраара иазкуп.

 

Аҧсуаа жәытәнатә - аахыс ҳаҭырқәҵарала ирыдыркылон еиуиҧшым адинхаҵарақәа ныҟәызгоз ауаа рцәаныррақәа. Аринахысгьы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ҳакзаара аиқәырхаразы, аҳәаанхыҵ инхо ҳашьцәа Зегь Зымчу Аллаҳ иахь идырхо рныҳәарақәа ҳ-Аҧсынтәыла ҧшӡа аизҳазыҕьара ишазкыу.

 

23.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны азхаҵахоит Косово ахьыҧшымра азҵаара иадҳәалаӡамкәа – Аҧсны

 

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь излаиҧхьаӡо ала, ”Косово азҵаара” иаӡбаӡом  Аҧсны асуверенитет азхаҵара.

 

”Косово акәша-мыкәша имҩаҧысуа даҽа хәмарроуп. Иеиду Америкатәи Аштатқәа Сербиа Косово азхаҵара иазаанагаргьы алшоит”, - иҳәеит Ахада Иофициалтә саит аредакциа аинтервиу анаиҭоз.

 

Аха С. Багаҧшь игәаанагарала,  арҭ ахҭысқәа рыҿиашьа асценарии еиҧшу Аҧсны аганахьала иҟалоит ҳәа аҳәара уадаҩуп. ”Ҳара иҳарҳәар ҟалоит: Кырҭтәыла ақәшаҳаҭхартә иҟашәҵар ҳаргьы шәазхаҳҵоит” ҳәа. Аха Қырҭтәыла ахаан уи аҩыза ашьаҿа ҟанаҵаӡом азы ҳаргьы   даҽа мҩак алаҳхуеит”, - иҳәеит Ахада.
 

С. Багаҧшь иҧхьаӡоит, Аҧсны  ахьыҧшымра аиуразы Косово аасҭа азинтә, аҭоурыхтә ҵаҵҕәқәа иеиҳа амоуп.

 

”Ишыҟалалакгьы Аҧсны асуверенитет азхаҵахоит Косово ахьыҧшымра аиургьы иамургьы”, - иҳәеит Ахада.

 

Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит, Аҧсны хара имгакәа Европатәи Аидгылаи, Европа Ахеилаки, Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә Еилазаареи, егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рышҟа ааҧхьара ҟанаҵараны ишыҟоу Аҧсны азхарҵаразы.

 

20.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аҧсны ажәалагала ҟанаҵеит

 

АҞӘА, Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аҧсны ажәалагала ҟанаҵеит, абас аҳәоит ахашаҽны Жәлар Ризара аилатәараҿы ирыдыркылаз Урыстәыла анапхгара ахьӡала иҟаҵаз ааҧхьара.

 

Жәлар Реизара аилатәара иалахәыз Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь иҳәеит: ”Ассоциациативтә еизыҟазаашьақәа Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа зегь раасҭа иашьашәалоу модельуп” ҳәа.

 

Урыстәыла Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә еизареи рыхьӡала идәықәҵоу ааҧхьараҿы Аҧсны Жәлар Реизара ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ажәалагала ҟанаҵоит. Ааҧхьара иацу аилыркаага документқәа рҿы адепутатцәа ирыӡбеит ахыцқәа аартны ирҳәарц ассоциативтә еизыҟазаашьақәа дара ишырбо. Адепутатцәа ргәаанагарала, ”ассоциациативтә еизыҟазаашьақәа” ирыҵаркуеит аҳазалхратә, авалиутатә еидгылара абжьаҵара. Хазы иалацәажәоуп Аҧсны ашәарҭадара алзыршо арратә-политикатә еидгыларазы ажәалагала. Аҳәынҭқарра иара убас, ажәалагала ҟанаҵеит адәныҟатәи аполитика еиқәшаҳаҭны амҩаҧгаразы.

 

Аҧсни Урыстәылеи ҧхьаҟатәи реизыҟазаашьа дахцәажәо С. Багаҧшь иҳәеит, аҳәынҭқарра ду атәыла хәыҷы ахылаҧшра шакәу ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иаанаго.

 

Адокумент адкылара ашьҭахь Жәлар реизараҿи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыҩныҵҟеи ассоциативтә еизыҟазаашьа аҵакы аганахьала ицәырҵит аимк-аиҿак. Политикцәақәак изларҳәо, ала Аҧсни Урсытәылеи реизыҟазашьаақәа аконкреттәра аҭахӡам, егьырҭ, аизыҟазаашьақәа рҵакы еилыкка ишьақәыргылатәуп ҳәа ирыҧхьаӡоит.

 

Жәлар Реизара азакәанҧҵаразы ахеилак анапхгаҩы Владимир Начач - оглы ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рҿырҧштәы конкретла иааигеит. Уи игәаанагарала, ари Иеиду Америкатәи Аштатқәеи Пуерто-Рикои реизыҟазаашьа ашьақәгылашьоуп. Уи иаанагаӡом азеиҧш ҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, аха адәныҟатәи аполитика еиқәшаҳаҭны иеицымҩаҧыргоит.

 

В. Начач-оглы дықәгылеит Урыстәылатәи афедерациа арегионқәа иҵегьы иеизааигәаны аус рыцуразы, избанзар ари атәыла азакәанқәа Афедерациа иалоу асубиекткәа Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа анақәшаҳаҭха, адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азин рырҭоит.

 

Аҧсны Жәлар Реизара инарҭбаау аилатәараҿы рхы аладырхәит ахада ихаҭыҧуаҩ Рауль Ҳаџьымба, аҧыза-аминистр Алеқсандр Анқәаб, адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рнапхгаҩы аилатәараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит: ”Урыстәылатәи анапхгара ҳажәалагала иаразнак иақәшаҳаҭымхаргьы, даҽазныкгьы Аҧсны апозициа хадақәа ргәаларшәарала ҧхьаҟа уи аҭоурытә иаша ашьақәыргылара иацхраауеит. Аҧсҭазаараҿы Аҧсны жәларбжьаратәи азин иасубиктны иҟоуп.”

 

С.  Шамба игәаанагарала, Урыстәыла Аҧсны азхаҵара апроцесс хацнаркыр алшоит ҿырҧштәык аҳасабала,” адәныҟатәи агеополитикатә ҭагылазаашьа азҧхьагәаҭаны”.

 

18.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахадеи Жәлар Реизара адепутатцәеи алацәажәеит Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵаразы ааҧхьарa

 

АҞӘА, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ахашаҽны дықәгылараны  дыҟоуп Жәлар Реизара адепутатцәа рҿаҧхьа адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьазы аҳасабрба ҟаҵо, иара убас далацәажәоит Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа  Аҧсны азхаҵаразы  ааҧхьара ҟазҵаз Аҧснытәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа ражәалагала.

 

Аҧсны Ахада Иофициалтә саит аредакциа иаиуз адырраҭарала  Жәлар Реизара гәҭакыс иамоуп ауаажәларра рхаҧшьгарала иҟаҵаз ажәалагала иацҵо, ахашаҽны Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа  атәыла асуверенитет азхаҵаразы ааҧхьара аҟаҵара.

 

Жәлар Реизараҿы Ахада арҭ ажәалагалақәа дрыдгылап, ҧхьаҟа рнагарагьы дахылаҧшып ҳәа  агәыҕра рымоуп.

 

18.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра Анапхгаҩы адырра ҟаиҵеит Аҧсны Ахада ихьӡала аҧсуа дипломтиа аихьӡарақәа рзы

 

АҞӘА, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ашәахьаҽны дидикылеит Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩы Сергеи Шамба. Адәныҟатәи аусқәа рминистр аҳәынҭқарра ахада иеиҳәеит Аҧсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа атәы. Ахада дазҵааит Аҳәынҭқарра  адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩы Иеиду Америкатәи Аштатқәа  Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә  Еилазаара аилатәарахь ицара залмыршахаз.

 

С. Шамба хықәкыс иман ақырҭуа-аҧсуа еимакы азҵаара алацәажәаразы  Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аусура аҽалархәра.
 

Аха Москва иҟоу  Иеиду Америкатәи Аштатқәа рхаҭарнакраҿы Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра анапхгаҩы авиза иҭара мап ацәкын.

 

С. Шамба Аҧсны Ахада Иофициалтә саит аинтервиу анаиҭоз аҭагылазаашьа дахцәажәеит. Уи иажәақәа рыла, аҧсуа министр Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы иқәгыларазы ажәалагала ҟазҵаз Урыстәыла ауп. ”Акыршықәса ҵуеит инеиҧынкыланы ҳара Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы  Қырҭтәылеи Аҧсни реизыҟазаашаьа ахцәажәараан аилатәара ҳаладырхәразы аҳәара ҟаҳҵоижьҭеи.
 

Хымҧада, даара акраҵанакуеит аимак змоу аҩганк ргәаанагарақәа разыӡырҩра”, — иҳәеит иара.

 

С. Шамба игәаанагарала, авиза иҭара мап ацәкра баша ҽыҵган, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Ашәарҭадаратә  Еилазаара иаламырхәра иазкын.

 

”Ашәарҭадаратә  Еилазаара иалахәу атәылақәа макьана иазхиаӡам иазхаҵам аҳәынҭқаррақәа рдипломатиа ахаҭарнакцәа ари аусбарҭа аусура ралархәразы азҵаара ақәыргылара. Иахьа сара уа сықәгылар, уаҵәы косоваа, приднестроваа, ҟарабахаа уҳәа убас егьырҭгьы ақәгыларазы алшара рыҭатәхоит. Аха сара сгәы иаанагоит, рацәак хара имгакәа Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара атрибунаҟнытә ҳгәаанагара аҳәаразы аҭагылазаашьа ҳауп”, — иҳәеит С. Шамба.

 

Аҧсны адәныҟаполитиукатә усбарҭақәа.рхада иааира дууп ҳәа иазиҧхьаӡоит, Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Кырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьазы арезлоиуциа ахьаднакылаз. ”Ҳабжьы наӡеит, ҳпозициақәа адунеитә дипломатиа аҟынӡа инагоуп.Уи шықәсырацәалатәи ҳусура иалҵшәоуп”, — иҳәеит аминистр.Аха уи игәаанагарала, иҟоу аихьӡарақәа реиқәырхаразы аус дуқәа ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп.

 

Уажә аҧхьа адырраҭара ыҟан, жьҭаара 13, 2006 шықәсазы Иеиду Амилаҭқәа Риеиҿкаара Ашәарҭадаратә  Еилазаара иаднакылеит ҳәа урыстәылатәи аган Аҧсны алархәны иазнархиаз арезолиуциа. Уи Кәыдрытәи аҩхаа Қырҭтәыла ар ралгара иазкын. Арезолиуциа адкылара иаанагон урыстәылатәи абжьаҟазацәа Аҧсны рыҟазааразы амандат 2007 шықәса  мшаҧы мза 15 рҟынӡа ацҵара. Иеиду Амлаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә Еилазаара арезолиуциа иеицҿакны иаднакылеит.

 

Иахьа Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәым иазхаҵам аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә  Еилазаара ”Ариас аформула” аусура рҽаладырхәырц  рылшоит Ашәарҭадаратә  Еилазаара аилатәара ауада ду анҭыҵ ианымҩаҧысуа.

 

17.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны ахьыҧшымра ашьақәыргылара алшоит – Аҧсны

 

АҞӘА, Аҧсны ауадаҩрақәеи ахьанаҭарақәеи шыҟоугьы ахьыҧшымра ашьақәыргылара алшоит, иҳәеит Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ашәахьаҽны Урыстәыла атәылауаа Ркоординациатә хеилак ауажәларратә еиҿкаара аҧылараан.

 

”Ҳара ибзианы иеилаҳкаауеит ихьыҧшым аҳәынҭқарра  ихьыҧшу аасҭа адунеи ауажәларра рҿаҧхьа рҭакҧхықәра акырӡа ишеиҳау. Аха ҳара ҳхықәкы ҳацәхьаҵуам, иагьҳалшоит ахьыҧшымра ашьақәыргылара”,- ҳәа агәра игоит Аҧсны Ахада .

 

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Ахада адырра ирҭеит ашәахьа  Урыстәылатәи Афедерациа анапхгарахь Аҧсны аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы апроцедурақәа рхацыркра иалагарц азы ааҧхьара анапаҵаҩра гәҭакыс ишрымоу.

 

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа изларыҧхьаӡо ала, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара инашьҭарххны Урыстәылеи Аҧсни арратә-политикатә еиқәшаҳаҭра абжьаҵарахьы ииастәуп, уи ганкахьала - Аҧсны ашәарҭадара алнаршоит, даҽаганкахьала -арегион аҿы  Урыстәыла астратегиатә интересқәа рымҩаҧгара иацхраауеит. Аҧсны Ахада ауаажәларратә еилазаара данырҧылоз иазгәаҭан, атәыла анапхгарагьы, ауаажәларрагьы Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара ассоциативтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ишадгыло.

 

Амш агәҭаны Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи, Урыстәылеи Аҧсни атәылауаа руаажәларратә еиҿкаарақәа Ркоординациатә Хеилаки рнапы аҵарҩит Урыстәылатәи афедерациа Ахадеи, Афедеациа Ахеилаки, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думеи рыхьӡала Аҧсны аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара иахьаҳәо ааҧхьара. Ааҧхьара рнапы аҵарҩит ауажәларратә еиҿкаарақәа, иара убас рнапы аҵарҩит Аҧсны жәлар ракзаара  аоппозициатә Форум анапхгаҩцәа.

 

Адокумент аҿы хшыҩзышьҭра аҭоуп Аҧсны Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарра  алазааразы азинтә шьаҭа шыҟам. Ауаажәларратә еилазаарақәа даҽа знык иазгәарҭеитАҳәынҭқарра ауааҧсыра реиҳараҩык Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ишаҵанакуа. Аҧсны ауаажәларра ахаҭарнкцәа ргәаанагарала, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара – арегион аҿы аҭынчреи аҭышәныртәалареи алзыршо ауп.

 

Ааҧхьара анапаҵаҩра ацеремониа иалахәыз Жәлар Реизара ашәарҭадаразы ахеилак анапхгаҩы Гарри Саманба   иазгәеиҭеит, хара имгакәа  Жәлар Реизара ауаажәларратә еиҿкаарақәа ражәалагала иахәаҧшраны ишыҟоу.
 

Ахада иҧылара иалахәын Урыстәыла атәылауаа руаажәларратә еиҿкаара Ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Алеқсеи Романенко, арратә маҵзуҩцәа Краснодартәи азаанаҭеидгыла Аҧснытәи ареспубликатә филиал ахеилак ахантәаҩы Пиотр Евдокимов, Очамчыра араион инхо аурысқәа руаажәларратә хеидкыла ахада Татиана Ивашьенко, Аҟәа аурыс уаажәларратә хеилак ахантәаҩы Иурии Попков, Гагратәи араион ауаажәларратә еиҿкаара Акоординациатә хеилак ахада Едуард Ҧилиа, Аҧсны инхо аказакцәа ратаман Валерии Васильченко, Аҧсны инхо абырзен уаажәларратә хеилак ахантәаҩы Николаи Исаков, Аҧсны инхо аполиакцәа руаажәларратә хеилак ахада ихаҭыҧуаҩ Нона Хрижановскаиа, ауаажәларратә -политикатә еидгылара ахаҭарнак ”Аидгылара” Владимир Москаленко.

 

16.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада гәахәарыла идикылеит Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадараатә Еилазаара Қырҭтәыла аганахьала ишьҭнахыз аӡбара

 

АҞӘА, Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь  гәахәарыла идикылеит  Кәыдрытәи аҩхаа аҩадатәи ахәҭаҟнытә  ар ралгаразы Қырҭтәыла ашҟа иҟанаҵаз ааҧхьара зну Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә  Еилазаара иаднакылаз арезолиуциа.

 

Урыстәыла аганахьала иаҧшьгаз адокумент еицҿакны ирыдкылан.

 

”Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылеит Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә  Еилазаара Кәыдрытәи аҩхаа аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ииашаны ахә ашьара ахьалнаршаз, аҭышәынтәалара аилагаразы  ахара Кырҭтәыла иадҵаны иахьақәыӡбаз”, - иҳәеит Ахада НТВ ателекомпаниа аефираҿы асабшаҽны. Уи иажәақәа рыла, ақырҭуа ган Ашәарҭадаратә Еилазаара арезолиуциа иазкны иҟанаҵаз аҳәамҭа иаанарҧшуеит адунеи ауаажәларра ргәаанагара ҳаҭыр ақәымҵареи ҧаса иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара мап рыцәкреи.Ахада даҽазныкгьы иаҵшьны иазгәеиҭеит, Кәыдрытәи аҩхаа аҩадатәи ахәҭа Аҧсны иаҵанакуеит, ус иагьаанхоит ҳәа.

 

Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә Еилазаара ахәашаҽны еицҿакны иақәшаҳаҭхеит Қырҭтәыла иҟоу Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анаҧшыҩцәа Рмиссиа амандат ацҵаразы арезолиуциа.

 

Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны ажәабжьқәа Рцентр излаанацҳауала, Ашәарҭадаратә  Еилазаара ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҩганк реиҿцәажәаразы ааҧхьара ҟанаҵеит, Қарҭаа - ”аибашьратә жәахыркрақәеи апровокациақәеи рыҟнытә рыҽныркыларц”.

 

Ирыдыркылаз ақәҵараҿы иазгәаҭоуп ”Аилазаара Кәыдрытәи аҩхааҿы ҧхынгәы мза 2006 шықәсазы ақырҭуа ган ахымҩаҧгашьеи, аибашьра аанкылареи амчқәа реидыгареи рзы лаҵара 14, 1994 шықәсазтәи Москватәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы реилагара агәҭынчымра шазцәырнаго”.

 

Уа ишьақәырҕәҕәоуп Иазхаҵам Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла абжьаҟазаратә мчқәеи Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анаҧшыҩцәа Рмиссиеи ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭыҧаҿы инарыгӡо”ароль ду”.

 

”Асовет ишьақәнарҕәҕәоит, иахьа аимак аҭышәныртәалара ароль анагӡара зылшо ракәны излаҟоу ала Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анаҧшыҩцәа Рмиссиеи Иазхаҵам Аҳәынҭқаррақәа Реидгылеи еффективла русеицура аҵак ду ”, - иазгәаҭоуп арезолиуциаҿы.

 

Уи аҧсуа ҳәынҭқаррахь ааҧхьара ҟанаҵоит ҩныҵҟала аиҭаҵра зықәшәази ахҵәацәеи рызҵаара гәцаракрала иазнеиразы,иара убас зегьы ирбо аҭыҧантәи ауаа, ҷыдала Гал араион аҟны инхо ауааҧсыра рынхареи рхаҿра аиқәырхарази рзинқәа шеилагамхо.агәра дыргаразы.

 

Арезолиуциа ”инақәырҕәҕәаны ақырҭуа ган ашҟа ааҧхьара ҟанаҵоит аҧсуа ган ашәарҭадаразы аҵаҵҕәы змоу агәҭынчымра иаанарҧшуа хшыҩзышьҭра анаҭаразы, амақарра ҟазшьа змоу ашьаҿақәеи аибашьратә ажәахыркрақәеи,апровокациақәеи рыҟнытә аҽынкыларазы, еиҳаракгьы Кәыдрытәи аҩхаа аҩадатәи ахәҭаҿы”.

 

14.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Қырҭтәыла аимак ақәымчрала аӡбаразы аҽазышәара аҳәынҭқарра ахыбгалара ашҟа иагоит – Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы

 

АҞӘА, Қырҭтәыла ақырҭуа-аҧсуа еимак ақәымчрала аӡбаразы аҽазышәарақәа ақырҭуа ҳәынҭқарра ахыбгалара ашҟа иагоит.Абри аҩыза агәаанагара иман Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Валерии Аршба Аҧсны Ахада Иофициалтә саит иаиҭаз аинтервиу аҟны.

 

”Ҳара ҳар шықәсқәак раҧхьа иҳамаз ар акәӡам. Иахьа ҳара иҳамоуп афлотгьы, авиациагьы. Рыцҳароуп, аха XXI ашәышықәсазы аибашьра ҳацәшәалароуп, ибанзар иахьа уажәраанӡагьы иаҵаҩӡам Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара аибашьра а хацмыркраы аиқәшаҳаҭра”,- иҳәеит Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы.

 

”Ҳара,хымҧада, ҳагәҭакқәа аҭынчра иазҳәоуп. Абарҭ ашықәсқәа рзы ҳааҟәымҵӡакәа Қырҭтәыла аибашьра иаламгаразы аиқәшаҳаҭра адгалара ҳаҿуп. Аха Қарҭаа рганахьала аҭынчра аполитика мап ацәкра ҳауаажәлар ргәырҽыннаҵоит, иаҳтахымкәа ҿыц аибашьра аҽазыҟаҵара ҳҭанаргылоит”,-иҳәеит Ахада Иусбарҭа анапхгҩы.

 

Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ашәарҭадаратә Еилазаара жьҭаара 13, 18:00 ссаҭ рзы иахәаҧшуеит Қырҭтәылазы урыстәылатәи арезолиуциа апроект. Арезолиуциа апроект излаҳәо ала Аҧсны иҟоу урыстәылатәи абжьаҟазацәа рмандат иацҵатәуп мшаҧымза 15, 2007 шықәсанӡа (уажәтәи амандат аҿҳәара нҵәоит жьҭаара 15, 2006 шықәсазы), иара убас апроект иануп иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы, Кәыдрытәи аҩхаа иалагалоу Қырҭтәыла ар ралгаразы хьаҳәхьачарада ааҧхьара рыҭара.

 

Ашәарҭадаратә Еилазаара иазкыз ҳазҭоу ашықәс цәыббра 28 рзы Кофи Анан аҵыхәтәантәи иажәахә аҟны абжьагара ҟаиҵеит Аҧсны иҟоу урыстәылатәи абжьаҟазацәа рмандат иацҵазарц мшаҧымза 15, 2007 шықәсанӡа. Иахьа иеилкаахеит Иеиду Америкатәи Аштатқәа Ашәарҭадаратә Еилазаара арезолиуциа урыстәылатәи апроект адгылара ишазыхиоу. Иара убасҟангьы аҧшьашаҽны Москва иҟоу Иеиду Америкатәи Аштатқәа рхаҭарнакра Аҧсны аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аминистрра анапхгаҩы Сергеи Шамба авиза иҭара мап ацәыркит.

 

13.10.2006  abkhaziagov.org

 

 Аҧсны Ахада идикылеит атәылуаа рхатәы зҵаарақәа рзы

 

АҞӘА, Атәылауаа Ахада иахь инеит анхарҭақәа реиҭашьақәыргылареи, аӡбаҩцәа разыӡбарақәа реиҭахәаҧшра алыршареи рзы аҳәарақәа рыманы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада атәылауаа раҧшьгарала далацәажәеит Аҧсны иқәынхо ауриақәа рхеилак аусура апроблемақәа, иара убас дахәаҧшит альтернативтә енергиа ахыҵхырҭа иадҳәалоу ажәалагала.
 

С.Багаҧшь, атәылауаа рхатәы зҵаарақәа рзы идикылоит ес – шәахьа, Аҳәынҭқарра анҭыҵ  данцо аламҵакәа. Аҳәынҭқарра Ахада, иара убас .амчыбжь аҩныҵҟа идикылоит атәылауаа аусура амш иҭагӡаны.
 

Аҧсны Ахада есымчыбжьатәи адкылара мҩаҧигоит имаҵура данахагыла амш инаркны. Адкыларазы атәылауаа рҭаҩра алыршахоит Ахада иҟны Ауаажәларра рыдкыларҭаҿы.2006 шықәса аҧхьатәи азбжазы Аҧсны Ахада ишҟа рҽанырҵеит 730  - ҩык ауааҧсыра, урҭ рахьтә 568 ҩык аҳәынҭқарра Ахада идикылеит, егьырҭ абжьагарақәа рыҭан хықәкыла Ауаажәларра рыдкыларҭаҿы.

 

Ахада иҟны ауаажәларра рыдкыларҭа есҽны бжьаратәла ирыдыреылоит 20 - ҩык инадыркны 30 ҩык рҟынӡа ауааҧсыра. Атәылауаа Ахада иахь инеиуеит еиҳарак, асоциалтә ҟазшьа змоу азҵаарақәа разыӡбараҿы ацхыраара иаҳәаразы: аҽыхәышәтәразы ма аҵаразы атәыла анҭыҵ ацара, анхарҭа ҭыҧқәа реиҭашьақәыргыларазы, анхамҩатә зҵааарақәа рыӡбаразы, ҧарала ацхырааразы.

 

Аилыркаа:
 

Ахада иҟны Ауаажәларра рыдкыларҭа анапхгаҩы – Мераб Ушьанг – иҧа Кәыҵниа.
 

Аҭыӡҭыҧ: Аҟҿа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, ауада №1.
 

Шәара Аҧсны шәатәылауаҩызар, Ахада ишҟа анеиразы шәҽанышәҵар шәҭахызар, (Аҟәа)аҭел 6-73-35 шәасыр шәылшоит.
 

Ауаажәларра рыдкыларҭаҿы атәылауаа аус рдулара алыршахоит асааҭ 9:00 инаркны 18:00 рҟынӡа ес-ҽны, аҧсшьара мшқәа аламҵакәа.

 

10.10.2006  abkhaziagov.org